Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ркомплекс

Ашықәс Ҿыц АҞӘАФОН азы иҷыдоу аамҭоуп. Ари АҞӘАФОН абонентцәа рзеиҧш, ҳтәыла иқәынхо егьырҭ ауаа рзгьы асиурпризқәеи аҳамҭақәеи ираамҭоуп. Есышықәса, илаҧшхырҧагоу аныҳәа аламҭалазы АҞӘАФОН имҩаҧнагоит еиуеиҧшым акциақәа.

29-12-2017 г.
Ашықәсҿыцтәи аҧсаҵла

Ҧхынҷкәын 26, 2017 шықәсазы ақалақь Ҧицунда азал “Ҧицундатәи акурорт” (АКУРЗАЛ) аҿы АҞӘАФОН аинформациатә спонсоррала, Аҧсны асоциалтә-культуратә хацыркырақәа Рфонди ақалақь ахадареи еицымҩаҧыргеит Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәа “Ашықәсҿыцтәи аҧсаҵла”.

26-12-2017 г.
Ашықәс Ҿыцазтәи акциа «АССИР ӼАМҬАС»

АҞӘАФОНИ КЬАРАЗИ русзуҩцәа ҧхынҷкәын 26 азы ихацдыркит традициала Ашықәс Ҿыцтәи аҳамҭақәа ршара. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рыҩны инаганы ирыҭан иззыҧшыз аҳамҭақәа.

26-12-2017 г.
Акциа «Аҿакраан азы амзар».

2017 шықәса ҧхынҷкәын 25 инаркны АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центрқәа рҿы зтелефон аҿазкыз абонентцәа зегьы алшара рымоуп 2018 шықәсазтәи афирматә амзар ҳамҭас аиура.

25-12-2017 г.
Ашьапықәыргыларатә центр

Ҧхынҷкәын 25 рзы Аҟәа Москватәи Аҩны аҿы, АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсортә хадарала, ацентр анапхгара еиҿыркааит ашықәс ҿыцазтәи аҧсаҵла акәша аныҳәа.

25-12-2017 г.
Агәыҧ ”Каданс” аконцерт Гәдоуҭа ақалақь аҿы

Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәа аламҭалазы, ҧхынҷкәын 21 рзы Гәдоуҭатәи Акультура Ҩны аҿы “Каданс” имҩаҧнагеит атур хзыркәшаз аконцерт.

21-12-2017 г.
Акциа «Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз»

2017 ш. ҧхынҷкәын 20 инаркны 2018 ш. жьырныҳәа 5 рҟынӡа АҞӘАФОН имҩаҧнагоит акциа “Ашықәс Ҿыц азтәи асиурприз”.

20-12-2017 г.
Михаил Казиник илекциа-аконцерт.

Ҧхынҷкәын 16 рзы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсорра Хадарала имҩаҧысит аҟазараҭҵааҩы, зеиҧш дыҟам амузыкарҳәаҩы, ашәҟәыҩҩы, апоет, арежиссиор, ҳаамҭазы аерудициа ҳаракы змоу ауаа ируаӡәку, адунеитә музыкатә культура иазкны 60 фильм равтор – Михаил Казиник илекциа-аконцерт.

16-12-2017 г.
Апроект “Асаркьал”

“Асаркьал” - зымҽхак ҭбаау проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазҧхьагәаҭоуп жәлар рашәатә композициақәа еиуеиҧшым ҳаамҭазтәи ажанрқәа ирылаӡҩаны амузыкатә диск ашҟа аиагара.

15-12-2017 г.
Аҧсуа университет иреиҕьу астудентцәа АҞӘАФОН астипендиақәа ранашьан.

Ҧхынҷкәын 13 рзы Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет аҿы ныҳәаҵас имҩаҧысит ари Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иреиҕьу астудентҵәа АҞӘАФОН аҟнытә хаҭалатәи астипендиақәа ранашьара иазку ацеремониа.

13-12-2017 г.
Аилак АҞӘАФОН аиааира агеит “Иреиҕьу аурыс-аҧсуа бизнес» зыхьӡу аноминациаҿы.

”Иреиҕьу аурыс-аҧсуа бизнес” аноминациаҿы аиааира анашьан Аилак “АҞӘАФОН”.

27-10-2017 г.
Очамчыра имҩаҧысыз Каданс аконцерт

Жьҭаара 24 рзы Очамчыратәи Акультуратә Хан аҿы имҩаҧысит А.С.Алавердиан напхгара зиҭо К.Ковач ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ №1 аҿы еиҿкаау аестрадатә-музыкатә ансамбль “Каданс” аконцерт.

24-10-2017 г.
Агәыҧ ҿа «Sunrise road» аконцерт

Цәыббра 13 рзы Амҳаџьыраа рыгаҿа аҟны , Аколоннада аҿаҧхьа имҩаҧысит агәыҧ ҿа «Sunrise road» аконцерт.

13-10-2017 г.
Зыхәшәара аҿҳәара ахырҧо Аинтернет-пакет

Октиабр 12 2017 ш. инаркны ахархәара амоуп “Зыхәшәара аҿҳәара ахырҧо Аинтернет-пакет”.

12-10-2017 г.
Аиааира 24 шықәса аҵра инақәыршәаны еиҿкааз аусмҩаҧгатәқәа.

Цәыббра 30, 2017 шықәса рзы рзы Аҧсны иазгәарҭеит 1992-1993 шш рзы Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы иргаз Аиааира!

30-09-2017 г.
Мықәашҭаҿы аҽырыҩра.

2017 шықәса, цәыббра 29 рзы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала, Мықәашҭа имҩаҧысит Аҧсны Раҧхьатәи Ахада – Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазку итрадициатәу аҽырыҩразы Аҧсны ачемпионат. 1992-1993 ш.ш. рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааирамш ныҳәа инақәыршәаны есышықәса имҩаҧырго ари ачемпионат еиҿнакаауеит Очамчыратәи араион ахадара.

29-09-2017 г.
Асамбо ала XIV Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира Акубок”.

2017 шықәса, цәыббра 27 рзы Курченко лыхьӡ зху Аҟәатәи аспорттә школ аҿы, АҞӘАФОН ахадаратә спонсорра иабзоураны, имҩаҧысит Аиааирамш ныҳәа азгәаҭара иазкны асамбои адзиудои рзы Аҧснытәи афедерациа еиҿнакааз асамбо азы аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи рыбжьара XIV Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира Акубок” аартра.

27-09-2017 г.
Араион Ҿыц аҿы Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә Дырга ашьҭыхра

Цәыббра 27 – ҳтәыла иқәынхо ауаа зегь рзы игәаларшәагоу рыцхәуп. Уи амш азы, 24 шықәса уажәаҧхьа, аҧсуаа рыр ақырҭуа инапаҵаҟа иҟаз Аҟәа ақалақь ацентр ашҟа икылсит.

27-09-2017 г.
Акциа «Сара сфырхаҵа»

Есышықәса, ари аныҳәатә рыцхә аламҭалазы, АҞӘАФОН имҩаҧнагоит 1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ацхыраара рыҭара иазку асоциалтә усмҩаҧгатәқәа.

26-09-2017 г.
Тҟәарчал имҩаҧысыз Каданс аконцерт

Цәыббра 24 рзы Тҟәарчалтәи Акультуратә Хан аҿы имҩаҧысит А.С.Алавердиан напхгара зиҭо К.Ковач ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ №1 аҿы еиҿкаау аестрадатә-музыкатә ансамбль “Каданс” аконцерт.

24-09-2017 г.
Абонент дырҩегьых аҳаҿы дыҟоуп

Цәыббра 19, 2017 ш. инаркны ахархәара амоуп амаҵзура «Абонент дырҩегьых аҳаҿы дыҟоуп». Ари амаҵзура хәарҭара алоуп Шәара шәтелефон анырцәоу, мамзаргьы аҳа аус ахьауа анҭыҵ ианыҟоу.

19-09-2017 г.
Mitjet 2L 2017 афиналтә еиҧхныҩлара

2017 ш., цәыббра 16 рзы Шәачатәи автодром аҿы имҩаҧысит Урыстәылатәи акубок Mitjet, ахыркәшаратә етап.

16-09-2017 г.
Афлагмантә смартфон Apple iPhone 7 32 Gb Matte Black архәмарра.

Цәыббра 12 рзы Аилак АҞӘАФОН аофициалтә даҟьа аҟны асоциалтә аҳа Instagram аҿы ихацыркын афлагмантә смартфон Apple iPhone 7 32 Gb Matte Black архәмарра.

12-09-2017 г.
Нана Черқьезиаҧҳа лсолатә концерт.

Нанҳәа 31 рзы Аҟәа имҩаҧысит аоператә шәаҳәаҩы, аҧсуа аопераҿы ишашаӡа иҩаҵхахаз аеҵәа қәыҧш Нана Черқьезиаҧҳа лсолатә концерт.

31-08-2017 г.
Асериал “Атронқәа рыхәмарра” арбара

2017 шықәса, ҧхынгәы 17 рзы иҭыҵит асериал “Атронқәа рыхәмарра” асезон ҿыц актәи асериа.

30-08-2017 г.
RUSIKO абренд аҟнытә аколлекциа “Ацәҳәыра ашәҭ” арбара.

Нанҳәа 24 рзы Аҟәа имодоу адизаинтә маҭәа абренд RUSIKO ахәаҧшцәа рзы имҩаҧнагеит аколлекциа ҿыц “Ацәҳәыра ашәҭ” арбара. АҞӘАФОН ари ашоу спонсор хадас иҟан.

24-08-2017 г.
Аҧсуа романс ахәылҧаз “Сара гәыла ишәасҳәоит”.

Нанҳәа 22 рзы Р.Џь.Гәымба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала, имҩаҧысит аҧсуа шәаҳәаҩы Мадина Кәарацхьелиаҧҳа раҧхьатәи лсолатә концерт.

22-08-2017 г.
Пицунда ақалақь аҿы имҩаҧгаз Агәыҳалалратә хәылҧазы

Нанҳәа 21, 2017 шықәсазы Пицундатәи ауахәама Аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы АҞӘАФОН Ахадаратә спонсоррала имҩаҧысит Аҧсны Ареспублика иқәынхо ахәыҷы чымазцәа рыцхыраара иазкны еиҿкааз IV Есышықәсатәи Агәыҳалалратә концерт-цәыргақәҵа.

21-08-2017 г.
Ацәыргақәҵа “Аспорт аҟазара апризма ала”

АҞӘАФОН аспонсорратә хадарала Нанҳәа 20, 2017 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаҧысит акоманда Colors of Nation еиҿнакааз ацәыргақәҵа “Аспорт аҟазара апризма ала”.

20-08-2017 г.
Апрофессионалтә боқс “Ачемпионцәа рира” ахәылҧаз.

Нанҳәа 19, 2017 шықәсазы Аҟәа, азал “Абырлаш” аҿы АҞӘАФОН Ахадаратә спонсорра ала имҩаҧысит Апрофессионалтә боқс “Ачемпионцәа рира” ахәылҧаз. Уи рҽаладырхәит Аҧсни, Урыстәылеи, СНГ аҳәынҭқаррақәеи, Европеи рҟынтәи апрофессионалтә боқсиорцәа.

19-08-2017 г.
Аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны Аҳкәажә 2017”, Аҧсны Мини-Мисс 2017”

Нанҳәа 16, 2017 шықәсазы С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысит ажәабатәи аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны Аҳкәажә 2017”, Аҧсны Мини-мисс 2017”. Афестиваль аиҿкааҩ – Акультуратә Фонд L-STAR. Аинформациатә партниор Хада – АҞӘАФОН.

17-08-2017 г.
Атарифқәа: Лимитдатәи Аинтернет 1250, Лимитдатәи Аинтернет 1750 рырҿыцра

2017 шықәса нанҳәа 17 инаркны атарифтә планқәа Лимитдатәи Аинтернет 1250, Лимитдатәи Аинтернет 1750 рҿы абонент хәшәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аинтернет-трафик ес-ҽнытәи аквота аҿыгҳара иацҵоуп, иара убас иацҵоуп аопциа “Ҩынтәтәи аквота”.

17-08-2017 г.
Аоператә шәаҳәара анагӡаҩцәа ҿарацәа рконцерт "Grand Opera Gala"

Нанҳәа 12 рзы Аҧсны акультура аминистрра ахацыркрала, С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысит аоператә шәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа рконцерт - "Grand Opera Gala".

12-08-2017 г.
Атарифқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы” арҿыцра.

2017 шықәса, нанҳәа 4 инаркны ирҿыцуп атарифқәа рцәаҳәа “Еснагь аимадараҿы”. Еиҳагьы ирацәаны Аинтернет! Еиҳагьы ахә еиҵаны!

04-08-2017 г.
АҞӘАФОН абонентцәа реқспресс-маҵзуратә Центр

2017 шықәса, нанҳәа 1 ақ.Аҟәа “Аӡыканал” араион аҿы иаартын АҞӘАФОН абонентцәа реқспресс-маҵзуратә Центр ҿыц. Ари аеқспресс Центр раҧхьаӡатәиуп 14 шықәса рыҩныҵҟала.

01-08-2017 г.
Атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рсериа аҿы апакетшьҭахьтәи Аинтернет-трафик ахәҧса иагырхоуп.

Нанҳәа 1, 2017 шықәсазы атарифтә планқәа: Еснагь аимадараҿы М”, “Еснагь иамадараҿы L” рҿы апакетшьҭахьтәи Аинтернет-трафик ахә иагырхоуп.

01-08-2017 г.
Атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы” аҟны иҧсахуп амацзура алыршаратә ҧҟарақәа.

Ҧхынгәы 28, 2017 шықәса инаркны атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы” аҟны иҧсахуп амаҵзура алыршаратә ҧҟарақәа.

28-07-2017 г.
Ацәыргақәҵа “Аҧсны XVII –XX –рзтәи ахсаалақәеи агравиурақәеи рҿы”

Ҧхынгәы 19 рзы Аҟәатәи Ацентртә цәыргақәҵатә зал аҿы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала иаартын “Аҧсны XVII –XX –рзтәи ахсаалақәеи агравиурақәеи рҿы” зыхьӡыз ацәыргақәҵа.

19-07-2017 г.
АҞӘАФОН 14 шықәса ахыҵит!

Ҧхынгәы 15 2003 шықәса – Аҧсны амобилтә еимадара аганахьала аџьармыкьа аира иарыцхәуп, уи амшазы раҧхьаӡа акәны иҟаҵан АҞӘАФОН абонент иҟнытә акоммерциатә ҭеласра!

15-07-2017 г.
Акциа «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” алҵшәақәа

2017 шықәса, ҧхынгәы 5 инаркны 12 рҟынӡа АҞӘАФОН имҩаҧнагеит «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” зыхьӡу Акциа.

12-07-2017 г.
Ҳаҭыр зқәу, абонентцәа, ҧхынгәы 15 рзы ҳара ҳ-Хеилак 14 шықәса ахыҵуеит!

Ҧхынгәы 15 рзы Амҳаџьырқәа рымҩаҿы, Аколоннада аҧхьа имҩаҧысраны иҟоуп Акциа “Уара iPhone АҞӘАФОН аҟнытә” аҧхьахәқәа рыҭара иазку аныҳәатә церемониа.

11-07-2017 г.
Акциа “АҞӘАФОН аҟнытә уара у- iPhone” алахәхаразы аофициалтә ҧҟаррақәа

Акциа амҩаҧгара аҿҳәара: с12:00 05.07.2017ш. инаркны 12:00 12.07.2017ш.рҟынӡа

05-07-2017 г.
Ателехәаҧшра “Абаза” 10 шықәса ахыҵра

10 шықәса уажәаҧхьа аусура иалагеит зымҽхак ҭбаау, ҳаамҭазтәи аҭахрақәеи ателехәаҧшратә стандартқәеи ирышьашәалоу, иахьатәи аамҭа иақәнаго аканал “Абаза- ТВ”.

26-06-2017 г.
Аспортсменцәа рзы астипендиа

АҞӘАФОН аусураҿы акрызҵазкуа аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны Ареспублика аҿы аспорти аҧсҭазаараҿы активла, зҩыдарыла ахныҟәгареи ауаажәлар рыларҵәара, иара убасгьы аспорттә хкқәа реизырҳара ацхыраара.

23-06-2017 г.
Фонограф – Џьаз - Бенд

Рашәара 22 рзы ақ. Гагра Акультура Аҩны ахыбраҿы, иара убас рашәара 23 рзы Аҟәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист, адирижиор хада Сергеи Жилин напхгара ззиуа аоркестр “Фонограф-Џьаз-Бенд” аконцертқәа.

22-06-2017 г.
Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрреи Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фонд “Ауаҩы игыларҭеи” имҩаҧыргеит Фазиль Искандер ихьӡ зху 3-тәи Жәларбжьаратәи акультура афестиваль “Ауаҩы игыларҭа”.

Сынтәагьы ҳара иацаҳҵоит иаҳзааигәоу атема, ҳадгылоит Аҧсны абҵара 20 инаркны 22 рҟынӡа имҩаҧысуа Фазиль Искандер ихьӡ зху 3-тәи Жәларбжьаратәи акультура афестиваль “Ауаҩы игыларҭа”.

06-06-2017 г.
КЬАРАЗАА ахылаҧшра зырҭо рзы ахәыҷтәы ныҳәа

2017 шықәса лаҵара 31 - рашәара 1 азы АҞӘАФОН-и Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара “КЬАРАЗ”-и еицымҩаҧыргеит “Ахәыҷқәа рыхьчара” Жәларбжьаратәи Амш иазкны, ари аиҿкаара ахылаҧшра зырҭо ахәыҷқәа рзы итрадициатәу аныҳәа.

01-06-2017 г.
Д.Гвазава Урыстәыла Акубок 2017 Mitjet 2L актәи аетап аҿы иалахәра.

Лаҵара 20 2017 ш. рзы “Шәача Автодром” аиҧхныҩларатә трассаҿы имҩаҧысит Урыстәыла Акубок Mitjet 2L актәи аетап!

20-05-2017 г.
SMS-бжьыҭира апроект «Ты супер!» ашҟа

Дарбан абонентзаалак илшон Валериа лзы 20-нтә иреиҳамкәа ибжьы аҭира , атекст 01 зныз икьаҿу аномер7375 ашҟа SMS ашьҭрала.

20-05-2017 г.
Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра иазкны.

2017 шықәсазы иазгәарҭоит Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра. Ари арыцхә азгәарҭоит Аҧсны аҩныҵҟеиҧш, хара уи анҭыҵгьы.

12-05-2017 г.
941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Ду аҿы Аиааира 72 шықәса ахыҵразы

Хаҭала уи амш азы милаҭрацәала еилаз СССР ажәларқәа илегендатәу агәымшәара ду аарҧшны, афашизм иаиааит.

09-05-2017 г.
Амҩаҧгадатә роутер ZTE MF 920

2017ш. лаҵара 6 инаркны АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центрқәа зегьы рҿы иалагоит шәахьыҟазаалак Аинтернет ала шәеиқәзыршәо, икомпакту амҩаҧгадатә 4G/Wi-Fi-роутер ZTE MF 920 аҭира.

06-05-2017 г.
Аҧсуа автоеиҧхнылаҩ Дмитри Гвазава аус ицура.

Ари арҧыс раҧхьатәи аҧсуа профессионалтә автоеиҧхнылаҩуп. Уи макьана 29 шықәса роуп ихыҵуа, аха Ачемпион ититул Mitjet 2L 2016 асериала Урыстәыла Акубок ианаршьахьеит.

04-05-2017 г.
Апроект «Иарбан? Иаба? Ианба?»

Есышықәса АҞӘАФОН ацхыраара рзыҟанаҵоит акультуреи аҵарадырреи ирызку апроектқәа.

02-05-2017 г.
«АҞӘАФОН – OPEN» Х аиубилеитә жәларбжьаратәи ашахматтә турнир

Мшаҧымза 29-30 рзы С.У.Багаҧшь ихьӡ зху Аспорттә Хан аҿы имҩаҧысит Х-тәи иубилеитә жәларбжьаратәи ашахматтә турнир “АҞӘАФОН-ОПЕН”.

02-05-2017 г.
Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиохәаҧшра аус ацура

Абар уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит АҞӘАФОН активла Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиохәаҧшра аус ацнауеижьҭеи.

29-04-2017 г.
КАДАНС

АҞӘАФОН ахадаратә спонсорра ала, Р.Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаҧымза 20 рзы имҩаҧысит К.Ковач ихьӡ зху Аҟәатәи ахәыҷтәы музыкатә школ №1 аҿы, А.С Алавердиан инапхгарала еиҿкаау ахәыҷтәы аестрадатә музыкатә театр “Каданс” асолатә концерт.

20-04-2017 г.
АГФ “Ашана” VI есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара

Мшаҧымза 12 рзы асасааирҭа “Атриум-Викториа” аконференц-зал аҿы имҩаҧысит Акультуратә-гәыҳалалратә фонд “Ашана” VI есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара.

12-04-2017 г.
Ацәыргақәҵа “Сара иҭысхуеит анасыҧ”

Мшаҧымза 12, 2017 шықәсазы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы имҩаҧысит “Сара иҭысхуеит анасыҧ” зыхьӡыз Аҟәатәи ахәыҷтәы Ашьапықәыргыларатә центр зхылаҧшуа ахәыҷқәа рырҿиаратә усумҭақәа рцәыргақәҵа.

12-04-2017 г.
Ааҧыни АҞӘАФОНИ!

Ахыркәшарахь инеит ҳмобилтә хеилак ахаҿсахьа аазырҧшуа ахаҿ ҿыц иазкны имҩаҧысуаз аицлабра “Ааҧыни АҞӘАФОНИ”.

23-03-2017 г.
Хәажәкыра 8 иазкны АҞӘАФОН имҩаҧнагаз акциа.

Сынтәа АҞӘАФОН-и ААЕ “КЬАРАЗ”-и еицазгәарҭеит иҷыдоу аҳәса, ииашаҵәҟьаны, ҳаамҭазы ифырҧҳәызбацәоу - ахшара рацәа змоу анацәа!

09-03-2017 г.
УБЖЬЫ РЫҬА! ! АКОНКУРС# Далх Ааҧынразы АҞӘАФОН ахаҿы!

Ҳазыҧшуп Шәара шәыбжьыҭира алҵшәақәа. Уи мҩаҧысуеит 2017 ш. хәажәкыра з инаркны 5 рҟынӡа(абжьыҭира хыркәшахоит асааҭ 23:00 рзы).

03-03-2017 г.
Ричард Ҷкадуа ишәҟәы «Ақәаб» аӡыргара.

Жәабран 22 рзы Аҧсны акультуратә усҳәарҭақәа инарылукааша – И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы имҩаҧысит Ричард Ҷкадуа ишәҟәы «Ақәаб» аӡыргара.

22-02-2017 г.
Аӡыргаратә кампаниа «Ааҧынразы АҞӘАФОН!»

Ҳара ҳаигәырҕьаны ишәылаҳҳәоит аконкурс иқәыҧшу, иаҧхьагылаҩцәоу, здунеихәаҧшыреи, зинтересқәеи ҭбаау, креатив ҟазшьала ихәыцуа аҭыҧҳацәа рзы!

16-02-2017 г.
Акциа “Ашықәс Ҿыцазтәи асиурприз" аҿы аиааира згаз аҧхьахәқәа рыҭара.

Жәабран 8, 2017 шықәсазы аҳҭны қалақь амҩаду хада – Аиааира апроспект аҿы игылоу АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы имҩаҧысит аиааира згаз абонентцәа хәҩык аҳамҭақәеи асуперризқәеи рыҭара иазкыз аныҳәа.

08-02-2017 г.
Анзор Агәмаа ишәҟәы “Ижәытәтәиу Аҟәа” аӡыргара

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр ахыбраҿы жәабран 1 азы имҩаҧысит Анзор Агәмаа ишәҟәы “Ижәытәтәиу Аҟәа” аӡыргара.

01-02-2017 г.