26-12-2017

Ашықәсҿыцтәи аҧсаҵла

Ашықәсҿыцтәи аҧсаҵла 

Ҧхынҷкәын 26,  2017 шықәсазы ақалақь Ҧицунда азал “Ҧицундатәи акурорт” (АКУРЗАЛ) аҿы АҞӘАФОН аинформациатә спонсоррала, Аҧсны асоциалтә-культуратә хацыркырақәа Рфонди ақалақь ахадареи еицымҩаҧыргеит Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәа “Ашықәсҿыцтәи аҧсаҵла”.

Ақалақь уаа рзы аныҳәатә усмҩаҧгатә хадақәа ахьеиҿкааз Ҧицундатәи акурзал аҿы,  афотозона аҧхьа ахәыҷқәа ирзыҧшын Аҵаа Бабадуи Асҭыҧҳаи, анаҩс зегьы еицны инеиуан алазертә шоу ду ашҟа. Уи инаҷыдангьы, аныҳәа асасцәа рзы ҷыдала еиҿкаан  Аҧсуа естрада “аеҵәақәа” – Хьыбла Мықәҧҳа, Заира, Авто Конџьариа, Мира Ахба, Наинеи Аринеи Оҭраа, Линеи Нинеи Галиаа – злахәыз аныҳәатә концерт.  Иара убас аконцерт иалахәын: жәлар ринструментқәа рансамбль “Аҧхьарца” (асахьаркыратә напхгаҩы Даур Ҧарулуа), ахәыҷтәы хореографиатә студиа “Ҧицунда” (асахьаркыратә напхгаҩы Џьон Хәынцариа).

Аныҳәатә программа ахыркәшамҭазы ахәыҷқәа ирзыҧшын  асиурпризқәа рацәаны. Уи инаҷыдангьы, ақалақь Ахада аҳаҭыртә шәҟәқәа риҭеит ашықәсан  зусураҿы алҵшәа бзиақәа аазырҧшыз,  зегь реиҳа активра аазырҧшуа аҿар, аспортсменцәеи, иреиҕьӡоу  аҵаҩцәеи.

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аҟәша аимадарақәа