12-08-2017

Аоператә шәаҳәара анагӡаҩцәа ҿарацәа рконцерт "Grand Opera Gala"

Аоператә шәаҳәара анагӡаҩцәа ҿарацәа рконцерт "Grand Opera Gala"

Нанҳәа 12 рзы Аҧсны акультура аминистрра ахацыркрала, С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысит аоператә шәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа рконцерт - "Grand Opera Gala". Уи иалахәын Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара ззиуа Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә акамертә оркестри Ареспублика Карелиа зҽаҧсазтәыз аҟазара аусзуҩы Олег Солдатов напхгара зиҭо Шәачатәи асимфониатә оркестри.

Ари аусмҩаҧгатәы ахадаратә спонсорра азнауан Ахеилак АҞӘАФОН.

Аконцерт иалахәын Урыстәыла иреиҕьу амузыкатә ҵараиурҭақәа раушьҭымҭацәеи урҭ рҿы аҵара зҵо  аҧсуа шәаҳәаҩцәа ҿарацәеи: Амра Барганџьиаҧҳа (асопрано), Нана Черқьезиаҧҳа (асопрано), Асҭамыр Кәыҵниа (атенор), Елена Анқәабҧҳа (асопрано), Саид Гобечиа (абаритон), иара убас Б.Шьчукин ихьӡ зху Москватәи атеатртә институт астудентцәа Аманда Кәарацхьелиаҧҳа, Милана Ламиаҧҳа, Аслан Киут.

Абар уажәшьҭа хышықәсоуп аконцерт "Grand Opera Gala"  еигәырҕьаны издызкыло азыӡырҩцәеи ахәаҧшцәеи ҳамҭас ирырҭоижьҭеи хашҭра зқәым аклассикатә музыка ахәылҧаз.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша.