24-10-2017

Очамчыра имҩаҧысыз Каданс аконцерт

news_name

Очамчыра имҩаҧысыз Каданс аконцерт

Жьҭаара 24 рзы Очамчыратәи Акультуратә Хан аҿы имҩаҧысит А.С.Алавердиан напхгара зиҭо К.Ковач ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ №1 аҿы еиҿкаау аестрадатә-музыкатә  ансамбль “Каданс” аконцерт.

Аилахәыра АҞӘАФОНИ амузыкатә театр “КАДАНСИ” раҧхьатәи реибадырра мҩаҧысит шықәсык уажәаҧхьа. 2016 шықәсазы артистцәа ҿарацәа акыр идырҧшӡеит Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор еиҿнакааз аусмҩаҧгатәқәа акымкәа-ҩбамкәа. Урҭ рхыҧхьаӡара аҟны иҟоуп: Амҳаџьыраа рыҧшаҳәаҿы имҩаҧгаз акциа “АҞӘАФОН аҟнытә анырра лашақәа”, раҧхьатәи амобилтә оператор амшира азгәаҭара ахьӡала аҟәара “Волна” аҿы имҩаҧгаз ахәылҧаз,  АҞӘАФОН Амаҵзуратә центр аҿы имҩаҧысыз ахәыҷқәа рзы ашықәс ҿыц азтәи акциа уҳәа ҳтәыла акультуратә ҧсҭазаараҿы  имҩаҧысыз  убас егьырҭ ахҭысқәагьы.

2017 шықәса, мшаҧымзазы АҞӘАФОН Ахадаратә спонсорра ала имҩаҧысит ари ахәыҷтәы ансамбль асолатә концерт, аҧхынразы амузыкарҳәаҩцәа қәыҧшцәа рҽаладырхәит “Артек аимабзиара” зыхьӡу ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи рырҿиара Жәларбжьаратәи афестиваль. Арҭ ахҭысқәа  рышьҭахь ихацыркын ҳтәылаҿы ари ансамбль асолатә концертқәа рмарафон.  АҞӘАФОН ахацыркрала, иара убасгьы уи активла иҟанаҵаз ацхыраарала, Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 24 шықәса ахыҵра инадҳәаланы,  артистцәа қәыҧшцәа Тҟәарчал имҩаҧыргеит  актәи аконцерт. Иахьа, ахәыҷқәеи дырҩегьых рҽеизыргеит Очамчыра Акультуратә Хан аҿы. Аконцерт мҩаҧысит  қәҿиара дула, ахәаҧшцәа рҟнытә аҧхарреи аиҩызаратә ҭагылазаашьеи аманы. Азал гәыкала ирыдыркылеит ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа, ҭабуп ҳәагьы рарҳәеит ас еиҧш иҟоу аҳамҭазы. Анаҩстәи аҵыхәтәантәи аконцерт ашәаӽәаҩцәа қәыҧшцәа мҩаҧырганы иҟоуп ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа.

 «АКӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша