27-09-2017

Асамбо ала XIV Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира Акубок”.

Асамбо ала XIV Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира Акубок”.

2017 шықәса, цәыббра 27 рзы Курченко лыхьӡ зху Аҟәатәи аспорттә школ аҿы, АҞӘАФОН ахадаратә спонсорра иабзоураны,  имҩаҧысит Аиааирамш ныҳәа азгәаҭара иазкны асамбои адзиудои рзы Аҧснытәи афедерациа еиҿнакааз асамбо азы аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи рыбжьара XIV Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира Акубок” аартра.

Сынтәа ари атурнир рхы аладырхәит Аҧсни, Алада Уаҧстәылеи, Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьессиеи, Ҟрыми, Ашьха Ҟарабахи атәылақәа рықалақьқәа рҟнытә аспортсменцәа.

Аицлабрақәа мҩаҧысуеит хымш. Атурнир аҵыхәтәантәи амш азы аиааира згаз рыхьӡқәа еилкаахоит.  Атурнир аҿы, аҧхьахә ҭыҧқәа инарываргыланы, иара убасгьы иаҧҵоуп “Иреиҕьу атехниказы”, “Аиааира агәаҳәаразы” зыхьӡу иҷыдоу аноминациақәа, аиааира згаз ирыҭахоит Аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи.

АҞӘАФОН аусураҿы акрызҵазкуа аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны аспорт аизҳара.  Асамбо ала Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок” -  Аҧсны зегь иреиҳау ахәыҷтәы спорттә усмҩаҧгатәуп. Ҳаамҭазы адунеи аҿы  ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы Аҧсны аҿар уаҵәтәи рымш азы ақәҧара ихымҧадатәу усуп атәыла аиқәырхаразы, уи аизҳареи ашәҭыкакаҷреи рзы.  Аспорттә дунеи аҿы асамбо уи алзыршо ахәҭақәа ируакуп.

 «АКӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыхәҭа