20-05-2017

Д.Гвазава Урыстәыла Акубок 2017 Mitjet 2L актәи аетап аҿы иалахәра.

news_name

Д.Гвазава Урыстәыла Акубок 2017 Mitjet 2L актәи аетап аҿы иалахәра. 

Лаҵара 20 2017 ш. рзы “Шәача Автодром” аиҧхныҩларатә трассаҿы имҩаҧысит  Урыстәыла  Акубок  Mitjet 2L актәи аетап! Алагамҭаҿы еизеит 20-ҩык автоеиҧхныҩлацәа. Урҭ дрылан 1-тәи аномер  зманы иқәгылаз – раҧхьатәи апрофессионалтә аҧсуа пилот, ачемпион, Урыстәыла акубок Mitjet 2L 2016 асериа иатәу, изныкымкәа  Moscow Indoor Karting Cup аиҧхныҩларақәа рҿы аҧхьагылара згахьоу Д.Гвазава.

Асезон ҿыц азы  Дима атраса ашҟа дцәырҵит ирҿыцыз иболид дақәтәаны. Ари аиҧхныҩлара иалахәхареи, иболид аӡыргаратә ҩычареи, автоеиҧхнылаҩ  имаҭәеи реибыҭара аҿы аспонсортә цхыраара ҟанаҵеит Ахеилак АҞӘАФОН, иара убас Акоммерциатә банк “Амра-банк”, РНТК.

Уи инаҷыданы, АҞӘАФОН аофициалтә даҟьа аинстаграм аҿы имҩаҧган  аиҧхныҩларатә трасса “Сочи Автодром” аҿы имҩаҧысуаз аиҧхныҩлара актәи аетап ашҟа 10 билеҭк рырхәмарра.  Ҷыдала архәмарра зхы алазырхәыз рзы Дима Гвазава иазирхиеит азҵаара: ицәааку атрассаҿы аиҧхныҩлараҿы зегь реиҳа аихьӡара дуқәа аазырҧшыз аиҧхныҩлаҩ ихьӡ аҳәара. Архәмарра ақәҿыҭра бзиа аиуит анапаҵаҩцәа рыбжьара. Уи иалҵшәаны хәҩык уи раҧхьатәи алахәцәа, ииашаны азҵаара аҭак ҟазҵаз, ироуит 2 билеҭк, Mitjet 2L аиҧхныҩлара ахәаҧшразы алшара.

 Урыстәылатәи аиҧхныҩларатә сериа Mitjet азы аҩбатәи асезон мақсималла аинтерес аманы, аинтригагьы аҵаны ишыҟало агәра угаратәы иҟоуп. Урыстәыла Акубок Mitjet 2017 алагамҭа аҧхьа имҩаҧган Mitjet Arctic Cup 2017 аетапқәа ҩба, урҭ рахьтә аҩбатәи  мҩаҧысит Шәача  FORMULA 1 Урыстәылатәи аетап ацхыраара иазку аиҧхныҩлара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Раҧхьатәи ахыкәшараҿы Дима  5-тәины дҭалеит. Аҩбатәи ахыкәшара маншәаламхеит ҳара ҳаспортсмен изы - иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны, агазқәыҕәҕәараҿы атрос ҧҵәеит, аспортсмен аиҧхныҩлара изацымҵеит. 

 Дмитри Гвазава ипартниорк иаҳасабала иқәгылаз  АҞӘАФОН есааира еиҕьнатәуеит урҭ русеицура   ахаҭабзиара.  Убас, абҵарамза 2016 шықәса рзы имҩаҧысит  зымҽхак ҭбааз акциа “Амҩаҿы атранспорттә машәырқәа рыҟалара ҳаицаҿагыланы”. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан Дмитри Гвазавеи Mitjet 2L асериа апилотцәеи рҧылара.     

Урыстәылатәи аиҧхныҩларатә сериа Mitjet ҩынтәуп иаанартуеижьҭеи автоспорттә адунеи аҿы илегендартәу  ачемпионат, уи  акзаҵәык ауп   “аҳәынҭқартә” еиҧхныҩларақәа рҿы аиҧхныҩларатә уикенд иахәҭакны аҟалара заҭәашьахаз аџьынџьтәылатә сериа. Урыстәылатәи акубок  Mitjet  2017 –тәи асезон аҿы хырхарҭа рацәала аизҳара иаҿуп. Сынтәа имҩаҧысраны иҟоуп Урыстәылатәи Акубок Mitjet даҽа  хә-етапк – Шәача, Казан, Москва (Moscow Raceway).

Ф-етапк рылҵшәала,  цәыббра азыбжазы Шәача имҩаҧысраны иҟоуп афинал. Уаҟа деилкаахоит Mitjet акласс аҿы Урыстәылатәи Акубок заҭәашьахо дарбану.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша