29-09-2017

Мықәашҭаҿы аҽырыҩра.

Мықәашҭаҿы аҽырыҩра.

2017 шықәса, цәыббра 29 рзы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала, Мықәашҭа имҩаҧысит Аҧсны Раҧхьатәи Ахада – Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазку итрадициатәу аҽырыҩразы Аҧсны ачемпионат. 1992-1993 ш.ш. рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааирамш ныҳәа инақәыршәаны есышықәса имҩаҧырго ари ачемпионат еиҿнакаауеит Очамчыратәи араион ахадара.

Сынтәа ари атурнир аҿы аиааира ргеит аҽыбҕаҟазацәа Голанӡиа Инал, Ҭхакунов Инал, Саканиа Дамеи.

Иара убас уи аҽны “Мықәашҭа” адәаҿы имҩаҧган итрадициатәу  аҧсуа спорттә хәмарра “Аимҵакьачара”. Очамчыратәи араион акомандақәа ахьеицлабуаз  ижәытәӡатәиу ари амилаҭтә хәмарраҿы аҧхьахәтә фонд 200 000 нызықь мааҭ ыҟан. Аҧхьахә хада рынашьан   атурнир аҿы актәи аҭыҧ аанызкылаз Аӡҩыбжьа ақыҭа аҟнытә акоманда. Аҩбатәи аҭыҧ ааныркылеит Кәтол ақыҭантәи акоманда. Ахҧатәи аҭыҧ ргеит Ҷлоуаа ркоманда.

Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаҧысит итрадициатәу егьырҭ ахәмаррақәа рылагьы аицлабрақәа: “Аҵәеигәыдҵа”, “Аҽылампыл”. Раҧхьатәи ахәмарра ҵакыс иамоу – 2 метрак иҟоу акалам лаба зку аҽыуаҩ, уи ыршәны дзацлабуа егьи аҽыуаҩ, ма уи иҽы аархароуп. Аҩбатәи ахәмарра аҧҟаррақәа рыла ҳаамҭазтәи ашьапылампыл еиҧшуп. Уи аҿы ахәмарцәа рыҽқәа ишрықәтәоу изацлабуа акоманда амба чаганла ампыл ҭадыршәуеит.

Аныҳәаҿы еизеит ирацәаҩны асасцәа дахьқәа, ара иҟан Очамчыратәи араион Ахадара, АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа, ақыҭа иқәынхо ауаа. Еизаз зегьы гәахәарала иахәаҧшит аибарххареи аланарҧшыреи зцыз, аинтерес ду зҵаз аспортивттә еицлабрақәа. 

 «АКӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыхәҭа