24-08-2017

RUSIKO абренд аҟнытә аколлекциа “Ацәҳәыра ашәҭ” арбара.

RUSIKO абренд аҟнытә аколлекциа “Ацәҳәыра ашәҭ” арбара.

Нанҳәа 24 рзы Аҟәа имодоу адизаинтә маҭәа абренд RUSIKO ахәаҧшцәа рзы имҩаҧнагеит аколлекциа ҿыц “Ацәҳәыра ашәҭ” арбара. АҞӘАФОН  ари ашоу спонсор хадас иҟан.

Амоделиер Русудан Кобиакова Слава Заицев И-Модатә Лабораториа даушьҭымҭоуп. Уи ҷыдала иаҧылҵо ҳаамҭазтәи аҧсылман ҧҳәыс  лымаҭәа мацара акәӡам, авторс дрымоуп европатәи амаҭәеи, иара убас аҧсуа милаҭтә костиуми рколлекциақәа. Русудан лусумҭақәа рҿы ирацәоуп инатуралтәу абақәеи зхаҭабзиара ҳараку абрендтә фурнитуреи рхархәала напыла иҟаҵоу аусумҭақәа.

Уи инаҷыдангьы, Русудан изныкымкәа лҽалалырхәхьеит Москва имҩаҧысуа  идуу амода амчыбжь (Mersedes Benz Fashion Week Russia).

RUSIKO абренд аҟнытә аколлекциа ҿыц  “Ацәҳәыра ашәҭ” – уамашәа иҧшӡоу ныҟәароуп иҷыдоу ақәыҧшылараҿы -  аеониум зыхьӡу ашәҭқәа рыла ихҟьоу ацәҳәыраҿы. 

Аколлекциа зегьы аконтрастқәа рырхәмарреи аконтурқәа рҭырҭәаареи рыла ауп ишышьақәгылоу. Амираж еиҧш ицәырҵуа, нас иӡуа, алҩа иалубаауа асилуетқәеи, абырфынтә вуальқәеи,афырфырқәеи,афатинқәеи . Ҳаамҭазтәи аҟазаратә дунеи аҿы иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит фешн-аҵиаҭҵаара,мамзаргьы акутиурцәа рҟнытә аҵиаҭҵаара. Афлористикатә шоуи арбарақәеи адизаин адунеи аҿы иҿыцу цәырҵрахеит. Еиуеиҧшым аформақәеи аҿыгҳареи змоу абукетқәа, аконструкциақәа,  ашәҭқәа ирылаӡҩаны иҟаҵоу иҩычоу аматериал иалху абаҩқәеи. Арҭ аусумҭақәа ауаҩы ихаҿы изаамго аҟынӡа иссируп, иџьашьахуп! Урҭ рыҧсы ҭоуп! 

Хаҭала убри азоуп, адизаин егьырҭ ахырхарҭақәа ирҷыданы, ашәҭтә хаҿсахьақәа рыҧсы даара имаҷны изҭоу – зны-зынла 1-2 мшы рҟынӡа.

Амодатә рбара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Аҧсны раҧхьаӡа акәны имҩаҧган афлористтә шоу адизаинер Мадина Дауҭиа лҟнытә, иара убасгьы имҩаҧысит Агәыҳалалратә Фонд “Ашана” зхылаҧшуа ахәыҷы чымазцәа рыцхырааразы агәыҳалалратә аукцион.

Мраҭашәареи Мрагылареи реиларҵәара, ацәҳәыратә шәаҧшь ҟаҧшь ианыҧшуа илыҧшааху ахаҿсахьақәа, ихароу ацәҳәыраҿы ашәҭ блахкыга, азаҵәратә философиа – арҭ зегьы  еизаз асасцәа иргәаланаршәон адунеиаҿы хәы змам амазарақәеи аҧсҭазаара аҧшӡареи.

Ахәылҧаз лырҧшӡеит абҩхатәра злоу аџьазтә шәаҳәаҩ ссир Ҭамара Воронова.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша.