23-06-2017

Аспортсменцәа рзы астипендиа

Аспортсменцәа рзы астипендиа 

АҞӘАФОН аусураҿы акрызҵазкуа аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны Ареспублика аҿы аспорти  аҧсҭазаараҿы активла, зҩыдарыла ахныҟәгареи ауаажәлар рыларҵәара, иара убасгьы аспорттә хкқәа реизырҳара ацхыраара.

 Раҧхьатәи амобилтә оператор иҟанаҵо афинанстә цхыраара иабзоураны, есышықәса ҳтәылаҿы имҩаҧырго аспорттә усхкқәа инарҷыдангьы, АҞӘАФОН иара убасгьы иалнакаауеит досу инапы злаку аспорт хкы аҿы зхы бзианы иаазырҧшыз аспортсменцәа ҿарацәа.

Сынтәа АҞӘАФОН ҭакҧхықәраны ахахьы иагеит Ареспублика Аҧсны иатәылауаау 4-ҩык иреиҕьу аспортсменцәа-ақәҧаҩцәа, ЦСКА аспорттә қәҧара аклуб алахәцәа -  хақәиҭрала ақәҧаразы адунеи Ачемпионцәа Асланбек Гәарамиа, Осман Курт-оҕлы, Инал Џьапуа, Георги Адлеибеи есымза астипендиа рызшәара.

Аспорт – аҿар ргәабзиара злашьақәгыло акоуп. Аспортсменцәа рықәҿиара цыҧхьаӡа, иарбан медальзаалак идырҳауа, ироуа алҵшәа бзиа аџьабаа рацәа ацуп, изыркароу аҽазыҟаҵарақәа ирыбзоуроуп. АҞӘАФОН аҿы ишырыҧхьаӡо ала, ас еиҧш аспорт аҿы активла зхы аазырҧшуа аҿар рыцхыраара, ҳреспубликаҿы инхо егьырҭ аҿар зегьы аспорт иазхьанарҧшуеит, астимул рынаҭоит, аҧсҭазаара аганқәа зегьы рҿы ақәҿиара дуқәа аадырҧшыртә еиҧш алшара рнаҭоит.


 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша