08-06-2018

Аиахт-клуб «АМРА» азы АҞӘАФОН иаанахәеит аҧра.

news_name

Ахәыҷқәа –  ҳаҧсҭазаараҿы зегь иреиҳау мазароуп. Урҭ рзоуп ҳара  ҳшыҟоу аҵкыс аиҕьхара ҳзашьҭоу, урҭ рзоуп ҳҿаҧхьа есааира изықәҳаргыло  ахықәкы ҿыцқәа!

АҞӘАФОН аусзуҩцәа ибзианы еилыркаауеит ахәыҷқәа аспорт ашҟа ирымоу агәазыҳәара рымарҽхәара заҟа аҵанакуа! Убри азы ҳара ацхыраара рзыҟаҳҵоит еиуеиҧшым аспорттә хырхарҭақәеи аусмҩаҧгатәқәеи.

2017 шықәсазы аҧратә спорт азы аиахт-клуб “АМРА” аҿы  азыҟаҵаҩ Константин Стратилов амассатә информациатә хархәагақәа рҿы еиҭеиҳәеит уи аклуб иаҭаху аинвентар, хәҭакахьала, аҧрақәа шырзымхоз. Иҟаз апроблемақәа еилкааны, АҞӘАФОН аҿы  аиахт-клуб ацхыраара аҭаразы ирыӡбеит 200 нызықь мааҭ рыхә аҧрақәа 7  Санкт-Петербург иҿаҵаны, Аҟәаҟа иааргарц.

Аҧрақәа ҳамҭас аклуб аҭара ацеремониа мҩаҧган аҧхынтә сезон иақәыршәаны. Уи амш азы АҞӘАФОН абзоурала еиҿкаан аклуб алахәцәа-ахәыҷқәа рыбжьара аиахтақәа рыла аицлабра - арегата.Ари аусмҩаҧгатәы иалахәын Агәыҳалалратә Еиҿкаара “КЬАРАЗ” аҟнытә арҧарцәа.

Уи аныҳәа еизнагеит аланарҧшыра ҧшӡа агәахәара ду знаҭаз асасцәа. Урҭ алахәын аниматорцәа рылахҿыхратә программа, рфотоқәа ҭырхуан  ҷыдала амшынтә тематикала  еиҿкааз афотозонаҿы, ргьама рбон ахәыҷтәы хаа-мыхаақәа!

 Ҳара ҳаигәыҕуеит арҭ аҧрақәа ҳарҧарацәа ирырҭап ҳәа иҿыцу аспорттә еихьӡарақәа рыҟаҵаразы агәаҳәара.

  «АҞӘАФОН-GSM»адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша