05-06-2018

Афотоконкурс#АҞӘАФОНагәалаҟазаарааҧшшәыиаҵәа аҧхьахә iPhone X лыҭоуп аиааира згаз.

news_name

Абар иааит афотоконкурс #АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа амҩаҧгараҿы зегь реиҳа иззыҧшыз ашәымҭа – уи аҧхьахә - iPhone X – анашьара.  Аконкурс аҿы аиааира лгеит Саломеиа Агрҧҳа.  Уи лфото  еизнагеит INSTAGRAM  аҿы aquafon4g адаҟьа аҟны   2813 аҵаҩцәа рлаикқәа!

Аиааира згаз аҧхьахә лыҭара мҩаҧысит илах-ҿыхны, аныҳәатә гәалаҟазаарала. Аиааира згаз, ари аныҳәа афырҧҳәызба хада илҧылеит АҞӘАФОН акоманда, аиаҵәа ҧшшәы змаз амаҭәа рышәҵаны. Ари аконкурс ҳара ҳзы иҷыданы иҟалеит. Уи аҿы 

ҳара  иҳаӡбеит иарбанзаалак ҳәааҧкырак, хьыҧшырак ҟаҳамҵарц,  алахәцәа рзы ҧҟаррас иҟаз акызаҵәык акәын – афото аҿы дасу аиаҵәа ҧшшәы хаҭала иара ишибо аарҧшра!

Аконкурс АҞӘАФОН анапаҵаҩцәа рыбжьара ахыҧша ду аиуит. #АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа аҵаҟа икьыҧхьын 1500 инареиҳаны  афотографиақәа.  Аконкурс мҩаҧысуанаҵы, напаҵаҩцәақәак абжьқәа реизырҳаратә система ырҵәины рхы иахьадырхәоз иахырҟьаны, аиҿкааҩцәа аконкурс аҧҟаррақәа рыҧсахыр акәхеит. Афинал азы афотографиақәа 10 АҞӘАФОН акоманда абарҭ акритериақәа рыла иалырхит:

1) Афотографиа автортәра (афото аинтернет аҟнытә игаӡам)

2) Аҧыжәара рыҭан ҷыдала аконкурс азы иаҧҵаз афотографиақәа

3)  Инагӡоу аусумҭа аоргигиналтәреи акреативтәреи

4)  Апроект атематика иашьашәалоу аусумҭақәа

Абжьқәа рацҵаратә ҭагылазаашьа еиҭах иҟамларц азы афинал аан INSTAGRAM аҿы aquafon4g адаҟьа аркын. Даҽакала иуҳәозар, рыбжьы рҭиир рылшон ҳара ҳнапаҵаҩцәа мацара.  Саломеиа Агрҧҳа даиааит бжьы заҵәык ала аҧыжәара лыманы.

Афотоконкурс #АҞӘАФОНагәалаҟазаараҧшшәыиаҵәа мҩаҧысуан лаҵара 16 инаркны 31 рҟынӡа.