01-06-2018

АУЕ“Кьараз” зхылаҧшуа ахәыҷқәа рзы “Ахәыҷқәа рыхьчара амш” аныҳәа азгәаҭара.

Ахәыҷра -  зегь реиҳа иссиру аамҭоуп. Илашоу, гәҭыхак зцым. Убасҵәҟьа иҟазароуп уи ахәыҷқәа зегьы рзы. Хаҭала уи зҭакҧхықәроу  ҳара, адуцәа ҳауп.

Ихадоу ахатә  усура аамышьҭахь,  АҞӘАФОН азы акрызҵазкуаны иҟоу иреиуоуп асоциалтә хырхырҭа Ҳара ҳхеилак абар уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит АҞӘАФОН АУЕ “КЬАРАЗ” официалтә партниорс иҟоуижьҭеи.

Традициала уажәшьҭа  ишаҧу еиҧш, Ахәыҷқәа рыхьчара амшныҳәа инадҳәаланы,  АҞӘАФОН АУЕ “КЬАРАЗ” ҳамҭас ианаҭеит 220 нызықь мааҭ,  уи афонд зхылаҧшуа ахәыҷқәа рзы 4-мштәи аҧхынтә лагер аиҿкааразы. Лаҵара 31 инаркны рашәара 4 рҟынӡа уи алагер  ашә рзаанартуеит 25-ҩык ахәыҷқәа. Уи аамҭа иалагӡаны ахәыҷқәа рзы еиҿкаахоит аинтерес зҵоу агәырҿыхаратә программа, аниматорцәа злахәу ахәмаррақәа, акино абара, насгьы, ҳәарада, аҳамҭақәа! Ахәыҷқәа идырбахоит аиахт-клуб “Амра”алахәцәа- ахәыҷқәа злахәу арегата.

АҞӘАФОН аиахт-клуб азы иаанахәеит аҧрақәа, урҭ рашәара 8 рзыаклуб ианаҭоит.

Ахәыҷтәы лагер – изеиҕьеиҭам лшароуп ахәыҷқәа  рзы – акыраамҭа ирхамышҭуа аемоциа риуразы, аҩызцәа ҿыцқәа рыҧшааразы. Урҭ алагер аҟны иҟанаҵы ирыцзаауеит “КЬАРАЗ” аусзуҩцәа. Ҳара агәахәара ду ҳнаҭеит ари апроект иахьадгылаз асанатори “МВО-СУХУМ” аҧҵаҩцәа. Урҭ хәыда-ҧсада ахәыҷқәа ҩнарҵеит акорпус “Бриз”. Иара убас иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аӡиа Риҵа ашҟа 2-мштәи аныҟәара ахәыҷқәа ирзеиҿызкааз атуристтә хеилак “Аҧсуа Тур”.

Ҳарҭ зегьы аӡәк иеиҧш  ҳаидгылар, иҳалшоит ҳхәыҷқәа ииашаҵәҟьаны рыргәырҕьара,  насыҧ рыманы рыҟаҵара!!

 «АҞӘАФОН-GSM»адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша