09-01-2018

Акциа “Ашықәс Ҿыцтәи асиурприз” аихшьалақәа

Акциа “Ашықәс Ҿыцтәи асиурприз” аихшьалақәа

Ашықәс Ҿыц АҞӘАФОН азы иҷыдоу аамҭоуп. Уи абонентцәа рзеиҧш, ҳтәыла иқәынхо ауаа зегьы рзы асиурпризқәеи аҳамҭақәеи ираамҭоуп. . Есышықәса, илаҧшхырҧагоу ари аныҳәа аламҭалазы Ахеилак имҩаҧнагоит еиуеиҧшым акциақәа.

Сынтәа урҭ хацыркын зымҽхак ҭбааз акциа “Ашықәс ҿыцтәи асиурприз” акциала.  Уи мҩаҧысуан 2017 шықәса ҧхынҷкәын 20 инаркны 2018 шықәса жьырныҳәа 5 рҟынӡа.

Акциа алахәхаразы ихадоу ҧҟараны иҟан абонент  ихаҿытә хыҧхьаӡара ахарҭәаара, мамзаргьы АҞӘАФОН абонентцәа   Рмаҵзуратә Центрқәа 14 рҟынтә иарбанзаалак акы акассаҿы аномер ҿыц аҿакра - 200 мааҭ, ма еиҳаны аҧара аҭаҵарала.  Уи ашьҭахь абонент автоматла Акциа далахәхон, уи изынашьҭхон SMS-дырраҭара, иагьиҭахон иуникалтәу аидентификациатә код.   Уи акод аамҭакала аишьҭагыларатә номерны иҟалоит асистема иалалаз  аамҭакалатәи ахәшәара цыҧхьаӡа. Ус еиҧш иҟоу ахәшәарақәа, Акциа аҧҟарақәа рыла, 10 иреиҳахар ҟалаӡомызт.

Ҧхынҷкәын 28 рзи жьырныҳәа 5 рзи Аҭынчра амҩаду аҿы иҟоу АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор ахархәарала, ишиашоу ицо аефир аҿы Аҧсны раҧхьатәи амобилтә аоператор аофициалтә даҟьаҿы, Instagram аҳаҿы имҩаҧган iPhone Х 4 рырхәмарра. Уи алагьы 13355-ҩык акциа алахәцәа рҟнытә иалыркааит аҧхьагылара змоу адеваис аиура знасыҧхаз 4-ҩык  абонентцәа!

Изықәҿиаз акодқәа рхыҧхьаӡараҿы иҟалеит:

1867  3096  8666  3577

Акциа “Ашықәс ҿыцтәи асиурприз” мҩаҧысит иахьынӡазалшо ииашаны, иаартны, аиааира згазгьы алхын хыхь ианҵоу аҧҟарақәа ишырҳәоз ала.

Аҳамҭақәа рыҭара ацеремониа мҩаҧган ҩ-етапкны. Ҧхынҷкәын 29 рзы iPhone X рыҭан Аџьба Адгәыри Арутиун Арзуманиани, жьырныҳәа 9 рзы  Амаҵзуратә Центр аҿы ргәы хыҭ-хыҭуа  иззыҧшыз аҳамҭақәа  роуит Лиана Ҷҟониаҧҳаи Лаура Чыкәбарҧҳаи.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аҟәша аимадарақәа

Отдел внешних коммуникаций ЗАО «АКВАФОН-GSM»