АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг

Ароуминг амаҵзура алшара унаҭоит иарбанзаалак иалало асрақәеи иалҵуа асрақәеи, а-SMS-қәеи риура.

Ароуминг амаҵзура алшара унаҭоит иарбанзаалак иалало асрақәеи иалҵуа асрақәеи,  а-SMS-қәеи риура.

 

Ишԥаҿактәу

Урыстәыла Ароуминг

Урыстәыла Ароуминг – ари Урыстәылатәи Афедерациа  аҵакырадгьыл аҿы «Мегафон» аоператортә еимадара амаҵзурақәа рхархәара  алшара аҭароуп.

Ароуминг Урыстәыла иаҿеикыр/иаҿихыр илшоит дарбанзаалак абонент (ахәхшәааратә план «МОРЕ» абонентцәеи аиуристә хаҿқәеи рыда) USSD-адҵа алхрала:

*160*01# – Урыстәыла ароуминг аҿакра

*160*02# – Урыстәыла ароуминг аҿыхра

*160*00# – амаҵзура астатус агәаҭара

160# – амаҵзуразы аилыркаа   

«Урыстәыла ароуминг» амаҵзура  аҿакра/аҿыхра улшоит иара убас ахаламаҵзура асистемаҿы.

 

Азгәаҭа:

  • Урыстәыла Ароуминг аҿоукыр ҟалоит USSD-адҵа ацхыраарала, абонент ибаланс амаҵзура аҿыхра аҳәаақәа ианреиҳау мацараан (200,01 мааҭ).
  • Амаҵзура знык ианаҿакха инаркны иара ахала аусура иалагоит абонент ибаланс аҿыхра аҳәаа ианеиҳахалак.
  • Абонентцәа-аиуристтә хаҿқәа амаҵзура рыдгалахоит дара рыгәрагаратә хаҿқәа акорпоративтә хархәаҩцәа аус рыцызуа аменеџьер идҵааларала. Амаҵзура аҿакразы аиуристтә хаҿы  Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы ашәҟәы дҭаҩзароуп.
  • Амаҵзура аҿакраан заа ахәхшәаара – 200,01 мааҭ
  • Амаҵзура аҿыхра аҳәаа – 200,00 мааҭ.

 

Ароуминг егьырҭ атәылақәа рҿы

Амаҵзура ароуминг аҿакра мҩаԥысуеит хәыда-ԥсада абонент ихаҭа мамзаргьы игәрагаратә хаҿы (аиуристтә хаҿқәа рзы) ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент (аԥсуа паспорт) иманы абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ  аҿы даннеилак.

Амаҵзура аҿакраан заа ахәхшәаара – 750, 01 мааҭ

Амаҵзура аҿыхра аҳәаа – 750 мааҭ.

 

 Ахархәара заурц зылшо амаҵзурақәа 

Ароуминг аҿы шәаныҟоу, Шәара шәхы иашәырхәар ҟалоит анаҩстәи амаҵзурақәа:

  • Ателефониа (ажәаҳәа ашьҭра);
  • Иалҵуа SMS;
  • ·Иалало SMS;
  • Жәларбжьаратәи алшарақәа;
  • Абаланс агәаҭара (USSD-адҵала *0500#);
  • Адресеиҭакрала асра;
  • Аномер аилкаара;
  •  Асра азыԥшра/аанкылара;
  •  Асра ақәиҭымтәра.

 

Ахәхшәаарақәа

Урыстәыла ароуминг:

Аԥсны иалҵуа асра ахә – 15 мааҭ

Урыстәылаҟа иалҵуа асра ахә – 9,50 мааҭ.

СНГ атәылақәа рахь иалҵуа асра ахә – 15 мааҭ.

Иалало асра ахә – 15 мааҭ.

Иалҵуа SMS  ахә – 3 мааҭк.

Иалало SMS ахә – 0 мааҭк.

 

Егьырҭ атәылақәа рҿы ароуминг:

 Аимадара АҞӘАФОН абонент даҽа еимадарак (ароуминг) аҿы иҟоу имаҵзураан аҭыԥантәи, ақалақьбжьаратәи, жәларбжьаратәи асрақәа рзы дызҭааз аимадара аоператор ихәхшәаара инақәыршәаны ахә ишәоит, иаҭаауа (ароумингтә) абонентцәа ирызку ала. Арҭ ахәқәа шәахоит аимадара аҟны ишьақәыргылоу ахәқәа инарықәыршәаны, ароуминг абонентцәа рзы ацҵа азгәаҭаны. Аимадара ишәыднагалаз амаҵзурақәа рзы ахәқәа реицҵалыҵ, ашәахтәқәеи аимадара АҞӘАФОН  ароуминг ахархәаразы ацҵеи инарықәыршәаны Шәара шәыԥхьаӡара иаразнак иахыххоит.

 

Ароуминг амаҵзура ахархәашьа

Шәара шәаппарат аҿакызар, усҟан иара ахала иаԥшаауеит аимадара Шәара шәахьыҟоу аҭыԥ аҿы аус зуа. Аппарат аиамадара иара ахала иазымԥшаазар, усҟан Шәара иалшәхыр ҟалоит напыла ахархәара змоу аимадара. 

Урыстәыла шәаныҟоу амаҵзура ароуминг иара ахала иаҿакхоит. Урыстәыла анҭыҵ ароуминг амаҵзура шәхы иашәырхәарц шәҭахызар, усҟан шәара инашәыгӡароуп:

1.  «Aquafon» амениу аҭалара.

2. Актәи апункт «Subscription» алхра.

3. Ицәырҵыз асиаҿы «Select subscription» алхра.

4. Шәара шәтелефон Урыстәыла анҭыҵ ароуминг арежим ала аус ауларц азы, асиаҿы иалышәхроуп апункт «MIR», анаҩс Шәара шәмобилтә аппарат аҿышәхроуп.

 

Ароуминг аҟны шәыԥхьаӡара аԥара аҭаҵашьа

Ароуминг аҿы шәыԥхьаӡара аԥара ҭашәҵар ҟалоит ахәхшәааратә карта  USSD-адҵа ала.

Абаланс агәаҭара ҟалоит USSD-адҵа *0500# алхрала.

Ахәхшәааратә карта  – ари шәхала шәыԥхьаӡара аԥара аҭаҵаразы иманшәалоу хархәагоуп. Ахәхшәааратә карта шәхы иашәырхәар ҟалоит АҞӘАФОН аимадара иахьаҵанакуеи иара убас ароуминг аҿи. Ахәхшәааратә картақәа иеиуеиԥшым аноминалқәа аашәхәар ҟалоит Аԥсны адилертә ҭыԥқәа рҿы. Ҳара ҳшәыԥшаар ҟалоит ҳсимволтә дыргала.   

Абонентцәа рырманшәаларазы иҭрыжьуеит ахәхшәааратә Картақәа иеиуеиԥшым аноминалқәа: 100, 150, 300 мааҭ.

 

Ахәхшәааратә картақәа рҟынтә USSD-адҵала ателефон абаланс аԥара шԥаҭаҵатәу?

Ароуминг иахьаҵанакуа шәаныҟоу Шәара шәтелефон шыҟац иаанхоит. Шәара ишәзасуеит Аԥсны шәаныҟаз ишәымаз аномер ала.

*0500*PIN-код# (шәномер ахь ахархәараан); *0500*PIN-код*абонент иномер жәларбжьаратәи аформат аҿы аҭыԥ бжьажьрада# (даҽа абонентк  иномер ахархәараан);

- адҵа алхра мҩаԥысуеит аҭыԥ бжьажьрада;

- абонентцәа рмобилтә аппаратқәа рҟынтә адҵа ашьҭра АҞӘАФОН аимадара амаҵзура иахьаҵанакуа мамзаргьы жәларбжьаратәи ароуминг аҿы ианыҟоу ахә ахшәаатәхом;

- заатәи ахәхшәааратә акартаҿы иарбоуп ахархәаразы иаазыркьаҿу амҩақәҵага;

- заатәи ахәхшәааратә акарта аҿҳәара анынҵәалак ашьҭахь ахархәара залыршахом.

 

Жәларбжьаратәи ароуминг ахь аномер алхшьа аԥҟара

Аҳәаа анҭыҵ шәаныҟоу иалҵуа асрақәа рзы шәара илшәхроуп жәларбжьаратәи аформат ала аномер:

+ (атәыла акод) (ақалақь акод) (ателефон аномер).

Иаҳҳәап, Москваҟа асра: +7 495 xxx xx xx

 

Ароуминг амаҵзура алшара унаҭоит иарбанзаалак иалало асрақәеи иалҵуа асрақәеи, а-SMS-қәеи риура.

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99