Акультура

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Аилахәыра АҞӘАФОН  еснагь ган рацәала адгылара ҟанаҵоит, иара убасгьы акрызҵазкуа афинанстә цхыраара азнауеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаҧысуа еиуеиҧшым акультуратә усқәа.

Аилахәыра АҞӘАФОН акультураҿы иҟанаҵо алагала ҳтәыла аҧхьаҟатәи аҭоурых аҧҵара знапы ианылараны иҟоу абиҧарақәа рҧеиҧш азы илагаланы иахәаҧшуеит.

-------------

Апроект «Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа»

 «Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа» – Ахеидкыла АҞӘАФОН апроектқәа рахьтә зегь реиҳа иҧшӡоу, зегь реиҳа азҿлымҳара зауз апроектқәа ируакуп. Уи аларҵәара иадыҧхьалан аҧсуа ҵарауаа, апоетцәа, асахьаҭыхҩцәа, акомпозиторцәа.

Владислав Григори-иҧа  Арӡынба игәалашәара иазкыз ари апроект ду аӡыргара Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иақәыршәаны имҩаҧган. Апроект анагӡараҿы хықәкы хаданы иқәгылан Аҧсуа ҳәынҭқарра шьақәгылеижьҭеи инаркны иахьатәи аамҭанӡа  уи иасимволны иҟаз 17 бираҟ реиҭашьақәыргылара.

Раҧхьаӡа акәны  абираҟ амш Аҧсны азгәарҭеит ҧхынгәы 23, 2010 шықәсазы. Уи амш аҽны хыҧхьаӡара рацәала иеизаз ауаажәларра идырбан еиҭашьақәыргылаз 17 рҟынтә 15 бираҟ. Аилахәыра АҞӘАФОН еиҿнакааз, зымҽхак ҭбааз атеатртә ҟазшьа змаз ақәгылара рбарц азы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит 10 нызықьҩык инареиҳаны ауаа. Апрограмма иакульминацианы иҟалеит Аҧснытәи ахортә капелла инарыгӡоз Аҧсны аҳәынҭқарратә гимн иақәыршәаны  15 бираҟ реицышьҭыхра. Еиҭашьақәыргылаз Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа ауаажәлар ианыддырба ашьҭахь урҭ ҳамҭас Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭан, есымшатәи аекспозициа аиҿкааразы. Иара убасгьы имҩаҧган аҳәынҭқарратә бираҟқәа 300 Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу аҿар рхеидкылақәа раҧхьагылаҩцәеи рылахәылацәеи рыҭара иазкыз акциа. Уи анаҩсгьы, Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыреи “Абаза-ТВ”-еи  аканалқәа рҿы идырбан адокументалтә фильм «Абираҟ аҭоурых – атәыла амҩа». Уи – аҧсуа бираҟқәа рҭоурых еиҭазҳәо раҧхьаӡатәи телехәаҧшратә проектны иҟалеит. Афильм еиҿкаан Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшраҿы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аҿаҵахьала, хаҭала иара алахәны.

2011 шықәсазы апроект «Аҧсны аҭоурыхтә бираҟқәа» иацҵо, АҞӘАФОН ақалақь-фырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу Тҟәарчали Гәдоуҭеи рҿы иҟоу аҳәынҭқарратә музеиқәа ҳамҭас ирынаҭеит ҩба-ҩба комплект аҭоурыхтә бираҟқәа. Апрект хыркәшан «Абираҟ аҭоурых – атәыла амҩа» зыхьӡу альбоми  «Аҧсны абираҟқәа» ҳәа ахьӡҵаны 2012 шықәсазтәи  асахьаркыратә мзари рҭыжьрала. Урҭ, ҳәарада, Аҧсны аҭоурых адырра хазырҭәаауа лабҿабатәи материалны иҟалоит,  хыҧхьаӡара рацәала аҧхьаҩцәагьы ирызцәырнагоит азҿлымҳара бзиа.

-------------

Апроект    «Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы»

2009 шықәса раахыс АҞӘАФОНи, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки, Аҧснытәи Аҿар Реиҿкаарақәа Рассоциациеи еицымҩаҧыргоит «Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы» захьӡу апроект. Ари апроект хықәкыс иамоуп Аҧсны ақалақьқәа зегьы рҿы  20м. агылара змоу  абираҟлабақәа  4х8 м иҟоу абираҟқәа рыхшьны рықәыргылара.

Раҧхьатәи абираҟ шьақәыргылан Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амшазы – цәыббра 27, 2009 шықәсазы Амшын баҕәаза ахыбраҿы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә символ ахьықәыргылаз аҩбатәи қалақьны иҟалеит ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа. Араҟа абираҟ ықәыргылан Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аназхаҵаз амш инақәыршәаны, нанҳәа 26, 2010 шықәсазы, 1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз афырхацәа рбаҟа аҿаҧхьа.

2011 шықәса, ҧхынгәымзазы АҞӘАФОН аҟнытә аҳамҭа аиуит Гагра ақалақь. Абираҟ ықәдыргылеит ақалақь уахьналало амҩаду хадаҿы.

Иара убри ашықәс азы, цәыббра 30 рзы абираҟ ықәыргылан ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал.

2011 шықәса, жьҭаарамзазы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аҧҵеижьҭеи 19 шықәса аҵра инадҳәаланы, абираҟ ықәыргылан Гал ақалақь аҿы.

2012 шықәсазы абираҟқәа рықәыргылара мҩаҧган аамҭакала ҩ-қалақьк рҿы – цәыббра 26 рзы Очамчыра ақалақь, цәыббра 29 рзы –Афон Ҿыц ақалақь аҿы.

2013 шықәсазы АҞӘАФОН абираҟқәа рықәыргылара Аҧсны ақалақьқәа рҿы мацара акәымкәа, уи агеографиа еиҳа идырҭбаарц рыӡбеит.

2013 шықәса, цәыббра 16 рзы Гәылрыҧшь аҳаблаҿы Гәылрыҧшьтәи араионтә администрациа ахыбра ахьгылоу ашҭаҿы ныҳәаҵас еиҿкааны ишьҭыхын Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ.

Цәыббра 28 рзы Аиааира ХХ шықәса ахыҵра аламҭалазы Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ықәыргылан Пицунда ақалақь аҿы.  Абираҟ ақәыргыларазы ҭыҧс иалхын  Пицунда ахьӡ-аҧша ҭызго аблахкыгарҭақәа иреиҕьу – абжьаратәи ашәышықсқәа ирыҵаркуа ауахәамеи абааши ахьыҟоу ақалақь  Ашҭа хадаҿы.

Абасала, ари апроект аларҵәара анымҩаҧысуаз ҧшьышықәса рыҩныҵҟала, Аҧсны Ахьыҧшымреи Аиааиреи ирсимволу абираҟ ықәыргылан ареспублика ақалақьқәа ааба зегьы рҿы, иара убас аҳабла Гәылрыҧшьи.

-------------

Зымҽхак ҭбаау ари апроект хыркәшо, АҞӘАФОН,  ҳаҭырқәҵара ҳаракыла иазгәанаҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби равтор – Аҧсны зҽаҧсазтәыз асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа игәалашәара.

2013 шықәса, цәыббра 29 – асахьаҭыхҩы-ақәрахьымӡа даниз амш азы – асахьаҭыхҩы иқыҭа гәакьа Кәтол, дахьжу инышәынҭра ахаҿы ишьҭыхын Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ.

Цәыббра 29 рзы имҩаҧысыз абираҟ ақәыргылара ҳамҩашьо иаҳнарбоит ихадоу аҳәынҭқарра асимволқәа ахааназы ҳтәыла иазынзыжьыз ауаҩы игәалашәара хашҭра шақәым ихьыҧшым Аҧсны.

-------------

2012 шықәса, цәыббра  26 рзы  Аилахәыра АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Аҽгәара ақыҭан – «Дед» ҳәа изышьҭаз аибашьцәа ргәыҧ ахьҭахаз аҭыҧан иқәыргылан абираҟқәа ҩба – Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟи ачерқьезцәа ракра иасимволу -  адыгаа рбираҟи. Арҭ абираҟқәа ахьықәыргылаз аҭыҧ аҿы 20 шықәса раҧхьа, Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы аҩбатәи аҽазышәараан,  Борис Ҧачлиа командаҟаҵаҩыс дызмаз, еицырдыруаз аибашьцәа ргәыҧ аҕацәа рыкәшеит. Иҭахаз рыбжьара иҟан хатәгәаҧхарала Аҧсны ахақәиҭтәразы еибашьуаз Ҟабарада-Балкариантәи арҧарцәа.

-------------

АҞӘАФОН   иҟанаҵо аспонсоррала имҩаҧган хыҧхьаӡара рацәала абзиабаҩцәа зырҳаз акыр амузыкатә проектқәа:

Амузыкатә фильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»

«Ҳара ҳаруаа реиҳабы» – Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Апрезидент Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 20 шықәса аҵра инақәыршәаны иаҧҵоу музыкатә фильмуп. Афильм авторцәас иамоуп Емма Хәаџьаа-ҧҳаи Ҭемыр Қәычбериеи.

2012 шықәсазы иҭыхын афильм актәи ахәҭа. Уи иагәылалеит ақырҭуа-апсуа еибашьраан афронт аҿы ирҳәоз ашәақәа. Афильм аҿы урҭ ашәақәа нарыгӡоит апрофессионалтә шәаҳәаҩцәа реиҧш, Мраҭашәаратәи афронт аҿы еибашьуаз асолдаҭцәа.  Аҭыхрақәа раан ашәақәа зегьы аранжировка рзуны, аус рыдулан, иара убасгьы иҟаҵан аматериалқәа ҳаамҭа иашьашәалоу, зхаҭабзиара ҳараку авидео- аудио-ныҟәгагақәа рышҟа анҵара. Архивтә кадрқәа инарыцҵаны ахархәара рызун сахьаркырала иқәыргылаз аҭыхымҭақәагьы. Урҭ рҿы авидео-хроника аҟынтәи афырхацәа рхаҿсахьақәа  еиҭаҧырҵеит аиааира згаз абацәа рҵеира. Афильм аҭыхра алыршахеит  «АҞӘАФОН-GSM»  иҟанаҵаз афинанстә цхыраареи иара убасгьы ахеидкыла «Аҧсны аӡқәеи аҩқәеи» рыцхырааралеи. Афильм аӡыргара мҩаҧысит нанҳәа 14 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Уи аиҿкааразы  АҞӘАФОН қьырала иааганы иқәнаргылеит зыҩаӡара ҳаракыз ҳаамҭазтәи асценатә маҭахәқәа. Иара убас Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира  19 шықәса ахыҵра ахьӡала АҞӘАФОН еиҿнакааит ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы ари афильм амассатә  хәаҧшра. Уи адагьы иалыршан афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» зынҵоу 2000 цыра акомпакт-дискқәеи  апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵаз  аматериалқәа шьаҭас измоу 2013 шықәсазтәи амзари  рҭыжьра. Ари амзар даҟьацыҧхьаӡа еиқәыршәоуп афильм аепизодқәеи, асахьаркыратә фотоҭыхымҭақәеи, иара убасгьы акулиса ашьҭахьтәи аҭыхратә шәымҭақәеи рыла.

Афильм аҩбатәи ахәҭа аӡыргара мҩаҧган цәыббра 30, 2013 шықәсазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 шықәса ахыҵра амш азы. Уи аҿы ицәыргоуп Мрагыларатәи афронт аибашьра адәаҿы иҭыху, иуникалтәу аибашьратә хроника, иара убасгьы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа ирылхны иҟаҵоу амузыкатә клипқәа жәаба. 

-------------

Амузыкатә проект «Apsny Star»

Хәажәкыра мза 2012 шықәсазы ихацыркын иҿыцу ателехәаҧшратә проект «Apsny Star». Уи апроект еиҿыркааит КВН (Алахҿыхцәеи Алафҳәацәеи Рклуб) аҧсуа команда «Аҧснытәи Нарҭаа» рхаҭарнакцәа.

Умҩашьо иуҳәар алшоит, «Apsny Star» абаҩхатәра злоу ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа аӡәырҩы рзы ақәҿиареи ахьӡ-аҧшеи рышҟа икылызго трамплин бзианы иҟалеит ҳәа.  Апроект ахьынӡамҩаҧысуаз ҧшь-сезонк рыҩныҵҟала,  49-ҩык уи алахәцәа ахысит  авокали,  ахореографиеи, актиортә ҟазареи, асценатә культуреи, иара убас астудиатә ҭаҩра азҟазареи рзы инареиҕьу  арҵаҩцәа рҟны амастер-классқәа.  Аҧхьатәи ациклқәа рҿы аиааира згаз ахьеиҧылоз аҵыхәтәантәи  ахыркәшаратә сезон аҿы продиусерс дыҟан еицырдыруа ашәаҳәаҩ, акомпозитор Александр Шьоуа.

Аҧшьбатәи  ахыркәшаратә сезон аҿы далкаан апроект аҿы аиааира згаз ашәаҳәаҩ. Уи макьана иқәыҧшу, аха нагӡаҩык лаҳасабала ишьақәгылахьоу ашәаҳәаҩ ҿа Саида Агрба лакәхеит.

 Ашықәсазтәи  аартра ҳәа дыҧхьаӡан – Валера Маиромиан

 Иреиҕьу абжьы атембр – Фатима Қапба

  Иреиҕьу абжьы азҟаза – Ана Агрба

  Иреиҕьу аромантикатә нагӡаҩы – Лаида Ҭырқьба

  Ахәаҧшцәа ргәыбылразы аҧхьахә  – Артиом Каҷараа

  Иреиҕьу поп-нагӡаҩы – Рамина Заде

  Зегь реиҳа иблахкыгоу аномер – Саида Агрба

  Ашықәс азы ашьаҿа ҕәҕәа ҟазҵаз – Мактина Бебиа.

АҞӘАФОН ахьӡала Ашықәс азы ашьаҿа ҕәҕәа ҟазҵаз аноминациаҿы аиааира згаз ашәаҳәаҩ илыҭан iPad 3-и злимит ҧкым аинтернет-трафик змоу а-SIM-картеи.           

-------------

Ателехәаҧшратә проект «Шьарда»

 Хәажәкыра 17, 2011 шықәсазы Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аефир аҿы ицәырҵит арлахҿыхгатә музыкатә телепроект «Шьарда» раҧхьаӡатәи адырраҭара. Уи хықәкыс иаман аҧсуа шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рыбжьара  ахьӡ ҿыцқәа раартра. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны уи алахәцәа зегьы рзы хәыда-ҧсада иалыршан аҧсышәала амузыкатә композициақәа раҧҵара, иара убасгьы акреативтә ҟазшьа змоу авторцәа ркоманда амчала аклипқәа рҭыхра.

Апроект амҩаҧгаҩ – еицырдыруа ашәаҳәаҩ Хьыбла Мықәба. Арежиссиор – Мадина Аргәын. Апроект ҷыдарас иаман аҧсуа музыкатә милаҭтә культура анырра азыҟаҵара.

2012 шықәсазы ателепроект «Шьарда» ихацнаркит ахатәы ҭоурых ҿыц, уи иафырхацәаны иҟалеит иҿыцу артистцәа ҿарацәа. Ари апроект хыркәшан ашықәс ҿыц азтәи агала-концерт ала. Уаҟа шықәсык аҩныҵҟала зашәақәеи зклипқәеи рыла ахәаҧшцәа зыргәырҕьоз артистцәа зегьы иранашьан «Шьарда» амузыкатә ҧхьахәқәа.

-------------

Амузыкатә программа «Қабада»

Лаҵарамза, 2008 шықәсазы Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшра аканал аҿы  раҧхьаӡа акәны аефир аҟны ицәырҵит Аҧсуа телехәаҧшраҿы раҧхьаӡатәи интерактивтәу аестрада-музыкатә дырраҭараны иҟалаз, амузыкатә хит-парад «Қабада». Апроект авторс даман – Артур Лакрба.

«Қабада» аефир аҿы ианцоз аамҭа иалагӡаны иарҳаит ателехәаҧшцәа рызҿлымҳара ҷыда, иара убас уи ахьӡ-аҧша рынаҭеит иахьазы аларҵәара змоу аҧсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа: Ильда Қәычбериа, Џьими Шәманиа, Рамина Заде, Авто Қонџьариа, Саида Габниа уҳәа егьырҭгьы.

-------------

АҞӘАФОН акультура аганахьала имҩаҧнаго аполитика активла иахәҭакны иҟоуп аҧсуа бызшәа аҿиара иацхраауа апроектқәа.

Аизга «Аламыс» аҟнытәи арҿиамҭақәа зну аудиошәҟәы

Даур Занҭариа ихьӡ зху акультуратә Центр аҿы ҧхынҷқәын мза, 2011 шықәсазы имҩаҧысит иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба иновеллақәа  рыла еиқәыршәаны  иҭаҩыз Аҧсны аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны иҭыжьыз  аудиошәҟәы аӡыргара. Адиск аҭаҩра алыршан Аилахәыра АҞӘАФОН аспонсорра ахадарала. Апроект авторс даиуит 2010 шықәсазы аҿари аспорти русқәа рзы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Еилакы еиҿнакааз апроектқәа реицлабраҿы уи апроект ала аиааира згаз Баҭал Ҳашыг. Аудиошәҟәы аҵарадырра мацара адагьы ааӡаратә ҵакгьы амоуп. Ари аизгаҿы аиҭаҳәаратә ҳәамҭа ҟазшьа аҭаны иаарҧшуп аҧсуаа ртрадициатә мазаратә системақәа – Аҧсуара иаҵанакуа, ахьӡи-ахьымӡҕи рҵакы, аҳаҭырқәҵареи, аиашеи, ацәгьеи реилкаара. АҞӘАФОН хәыда-ҧсада Аҧсны ашколқәа ирынаҭеит хаҭала иара иатәыз атираж ахәҭак (1000 цыра).

2009 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны иалыршан ахатәы школ «Альфа» аҿы аҧсуа бызшәа аҵаразы ацхыраагӡа аҭыжьра. Ари аҭыжьымҭа атираж Аҧсны абжьаратә школқәа  ас еиҧш иҟоу алитература аганахьала рҭахрақәа зегьы хнаҩартә еиҧш иҟалеит.

Ҧхынҷкәын мза, 2010 шықәсазы АҞӘАФОН спонсор хадас иаман аҧсышәала имҩаҧгаз ашықәсҿыцазтәи Ареспубликатә хәыҷтәы ныҳәатә қәгылара. Уи еиҿкаан Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арҿиаратә гәыҧ амчала. Ақәгылара мҩаҧган Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

АҞӘАФОН афинанстә цхыраара иабзоураны иалыршан арҿиаратә проектқәа акыр: 

-------------

Апроект «Акәымжәыуаа»

Цәыббра 25,  2013 шықәсазы имҩаҧысит Мадина Аргәыни Ельвира Арсалиеи рпроект «Акәымжәыуаа» аӡыргара.  Апроект сахьаркыратә қәыргылаҩыс даман – Алықьса  Шервашиӡе-Чачба.  Ари апроект азкын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 шықәса ахыҵра.

Апроект шьаҭас иаиуит еиуеиҧшым аамҭақәа иртәу ажәытә фотоҭыхымҭақәа фба: Актәи адунеитә еибашьраан афронт ахь ицаз, Аҧсуаа Рышәҩык иалаз афырхацәа рфотоҭыхымҭақәа; 1917 шықәсазы зыхьӡ-зыҧша легендаз агәыҧ «Кьараз» алахәцәа  рфото; 1941-1945 шш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афырхацәа рфотоҭыхымҭақәа; иара убас 1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа рфотоҭыхымҭақәа.

Урҭ афотоҭыхымҭақәа зегьы ирыдҳәалаз аҭоурыхқәа,   рыкәша-мыкәша иҟаз ақәыҧшылара еиҭашьақәыргыланы, дасу изтәыз, иаанарҧшуаз аепоха иашьашәаланы астилизациа азуны иҟаҵан.  Афотографиақәа рҿы зсахьа ҭыхыз афырхацәа типажла иреиҧшыз, аамҭак иҳацану ауаа  алыҧшааны, сахьаркырала ишьақәыргылан аҭоурыхтә костиумқәеи адекорациақәеи. Абасала, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхын зметраж кьаҿу афильмқәа фба. Урҭ афильмқәа  рызегьы хықәкыс ирымаз – хазы игоу аҧсуа еибашьҩык иразҟи,  уи идоуҳареи, имаҭәеи, иара убасгьы дызҭагылаз аамҭа иатәу атрибутқәеи раарҧшра акәын. Аусумҭа иалҵшәаны арҭ авидеороликқәа зегьы  еизакын «Акәымжәыуаа» зыхьӡҵаз азеиҧш фильм аҿы.

Апроект «Акәымжәыуаа» иаанарҧшит аҧсуа хаҵа иеибашьыга маҭәа иаҵоу абеиара ду, иаҳнарбеит уи аҿиарамҩаҿы изнысыз иалукааша аҭоурыхтә ҟәшақәа. Уи ахәаҧшцәа архынҳәит ииасхьоу афырхаҵаратә  епоха  ашҟа.

-------------

Аҟәа ақалақь аҿы  аскульптура ҿыц аартра

Абҵара мза, 2012 шықәсазы Аҟәа ақалақь имҩаҧысит ҳаамҭазы иналукааша ашәҟәыҩҩы ду Фазиль Искандер иперсонаж - аӡҕаб хәыҷы Ника аџьаз  иалхыу лскульптура Амҳаџьырқәа рымҩаҿы ақәыргылара. Ари аскульптура авторс дамоуп абаҩхатәра злоу асахьаҭыхҩы, аскульптор ҿа Архьип Лабахәуа. Фазиль Искандер ирҿиамҭатә фырхацәа ирызкны  Аҟәа ақалақь аҿы иқәыргылоу  аџьаз иалху аҩбатәи ҟазаратә рҿиамҭоуп Ника. Раҧхьа иаҧҵан Искандер иповестқәа рцикл «Ҷық ихәыҷра» аҟнытә афырхаҵа хада Ҷық искульптура. Ари нахыс ақалақь агаҿа аҟны еиқәшәаз, уи иҷыдоу аколорит азҭаз арҭ аперсонажқәа рыҩбагьы ҟалеит аиҩызареи ақьиареи лабҿабалатәи ирдырганы иҟалеит.

-------------

Аетногарфиатә проект

«АМИЗАНҴКЫ АҞӘАФОН-2010»

2010 шықәса, мшаҧы 22 рзы Аилахәыра АҞӘАФОН иҟанаҵаз аспонсорра иабзоураны иалыршахеит Ельвира Арсалиа лавтортә проект «АМИЗАНЦКЫ   АҞӘАФОН-2010» аҧсҭазаара аларҵәара.  Апроект хықәкы хадас иҟан  ҽыла аныҟәаразы аҧсуа ҳәсақәа ртрадициатә костиумқәа 12, ҭоурыхла агәрагара аҵаҵаны реиҭашьақәыргылара.

Ари апроект шьаҭас иаиуит аҧсуа ҭоурыхтә костиум аларҵәара акыр иацхрааз акорпоративтә мзар «АҞӘАФОН-2010» .  «АМИЗАНҴКЫ» ауаажәлар рҿы зымҽхак ҭбааз ақәҿыҭра бзиа аиуит, уи – «Ашықәсан иреиҕьу аусумҭа» ҳәа ианашьан Аҳәынҭқарратә премиа.

-------------

Афестиваль «Абырфын-2010»

2010 шықәса, ҧхынҷкәын мзазы Аилахәыра АҞӘАФОН афинанстә цхырааралеи, иара убас аҧсуа дизаинер ҿарацәа Мрамза Марыхәбеи, Сима Ҳашбеи, Марианна Амҷбеи, Мадина Смыри рырҿиаратә еидгыларатә хацыркралеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаҧысит афестиваль «Абырфын-2010».  Арбараҿы ицәырган еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла инагӡаз аколлекциақәа ааба. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аҧсуа милаҭтә колорит зныҧшуа ҳаамҭазтәи  аҿар ркостиум атенденциақәеи,  аформақәеи, аматериалқәеи, иара убасгьы астильтә цәаҳәеи рзы аиҿкааҩцәа рхатәы хәаҧшышьа аазыртыз аусумҭақәа. Арбара аиҿкаара рҽаладырхәит еицырдыруа Аҟәатәи астилист Илиа Шевчук иҵаҩцәеи иареи. Урҭ аҭыҧҳацәа  амодатә дефиле разыҟаҵара инаҷыдангьы, ицәырыргеит автортә хцәыҟаҵарақәеи  а- make-up-и.

-------------

Аилахәыра АҞӘАФОН изныкымкәа аҧаратә цхыраара ҟанаҵахьеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа змоу акультуратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы.

2012 шықәса, ҧхынҷкәын мзазы АҞӘАФОН ихацнаркит   Адыгеиатәи жәлар рыкәашара  Аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль “Нальмеси” Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика аҟынтәи аестрадатә шәаҳәаҩцәеи еицынарыгӡаз аконцерт аиҿкаара. Аконцерт мҩаҧысит Аҟәа, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқаратә филармониаҿы.

-------------

Аҟәа ақалақь Ацәыргақәҵатә зал Хадаҿы хәажәкыра 7, 2012 шықәсазы имҩаҧысит Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Амратә стиль». Афотопроект шьаҭас иаиуит амодернтә стиль ала Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рымаҭәа аколлекциа. Апроект ҵакы хадас иамаз – амодерн абаҟақәа ҭакҧхықәралеи еиҷаҳаралеи рызнеира акәын. Ари астиль архитектуратә ҭынха аҧшӡареи ауникалреи  - Аҧсны аҳҭнықалақь ахаҿра иахьа уажәраанӡагьы иахәҭакуп!

-------------

2011 шықәса, хәажәкыра мзазы иҭыжьын  Ерик Миқаа аҩбатәи иальбом «ХХ ашәышықәса ахитқәа».  Уи альбом иагәылалеит автор ари апроект азы ҷыдала аҧсышәала иаҧиҵаз ихатәы жәеинраалақәа текстс изауз, зегьы ибзианы еицырдыруа мраҭашәаратәи амузыкатә композициақәа.

-------------

Абҵара 24, 2011 шықәсазы аресторан «ДЕМ» аҿы  аӡыргара мҩаҧысит Авто Конџьариа раҧхьатәи иальбом «Бара бзы».

2009 шықәса, хәажәкыра мзазы иаҧҵан – адунеи аҿы еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, Аҧсны ареспублика акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Фазиль Абдул-иҧа Искандер иҧсҭазаареи ирҿиареи иазкны адокументтә фильм «Аныҳәа азыҧшра аныҳәа». Адокументтә фильми уи иацыз адырраҭарақәа рцикли   - ателехеидкыла «АБАЗА-ТВ»-еи, ателеканалқәа "Россиеи”, “Студиа-А”-и еицаҧырҵаз раҧхьатәи телехәаҧшратә проектны иҟалеит.

-------------

АҞӘАФОН спонсор хадас иаман ҳҳәынҭқарра анҭыҵ раҧхьаӡа акәны иқәгылаз, аҧсуа командақәа рҟынтәи иакызаҵәыкны КВН Еиҳаӡоу Алига  иачемпионхаз – Алафҳәацәеи алахҿыхцәеи рклуб акоманда «Аҧснытәи Нарҭаа». Анаҩсгьы АҞӘАФОН аспонсорра азнауан «Аҧснытәи Нарҭаа» ирышьҭанеиуаз Алафҳәацәеи алахҿыхцәеи Рклуб акоманда ҿа «Атәыла хәыҷы2. Х-телехәаҧшратә сезонк рыҩныҵҟа АҞӘАФОН акоманда «Аҧснытәи Нарҭаа» спонсор Хадас иаман.

-------------

Акультура аганахьала агәыҳалалратә усура ашҟа иуҧхьаӡар алшоит АҞӘАФОН Жәлар рырҿиара Ареспубликатә Центри, Акультуратә фонд «Аҧсны-Нхыҵ Кавкази»,  акәашаратә ансамбль «Кавкази», Акьанџьақәа ртеатри уҳәа изныкымкәа ирзыҟанаҵахьо ацхыраара. Иара убас АҞӘАФОН спонсорра азнаухьеит хыҧхьаӡара рацәала еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Аҧснытәи ацәыргақәҵатә Зал Хадаҿы имҩаҧыс            қәоз аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵакәа.

-------------

АҞӘАФОН аспонсорра ҟанаҵеит ашәҟәқәеи, амоногарфиақәеи, ажурналқәеи рҭыжьраҿы:

  • Игор Марыхәба ишәҟәы "Қырҭтәыла Аҧсны иаҿагыланы аибашьра”;
  • Шь. Д. Инал-иҧа имонографиа “Аубыхқәа”;
  • Шь.Д. Инал-иҧа ибиографиеи иҧсҭазааратә мҩеи ирызку аматериалқәа реизга “Ашәҟәы иахҳәаау ашәҟәы”;
  • Даур Занҭариа иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикатә ҩымҭақәеи ирызку аматериалқәа реизга;
  • ажурнал “Абаза” – уи аномерқәа зегь еицҵаны ртираж ҧшь-нызықь цыра инареиҳаны иҟоуп;
  • Р.Смыр иажәеинраалақәа рышәҟәы “Аҵыс иаҵәа” аиллиустрациақәа ацҵаны.

Иара убас абиблиотекатә фонд ацхыраара хықәкыс иҟаҵаны, Аилыхәыра АҞӘАФОН  Адиле Аббас-оглы лҿы иаанахәеит уи авторс дызмоу ашәҟәы “Хашҭшьа сзақәым”. Анаҩс уи ашәҟәы  И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас ианаҭеит.

АҞӘАФОН изныкымкәа афинанстә цхыраара рнаҭеит:

  • Жәлар рырҿиара Ареспубликатә центр;
  • Акультуратә фонд “Аҧсны – Нхыҵ Кавказ”;
  • Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль “Кавказ”;
  • Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль “Шьараҭын”;
  • Арок-гәыҧқәа “Омен”-и “Маиак”-и;
  • М.Алхазов напхгара зиҭо аквартет;
  • Аҟәатәи ақәыҧшцәа Рыҩны асекциақәа аспонсорра рзура;
  • Арок-фестиваль “Ашьхардац”.