16-05-2014

АҞӘАФОН Аҟәатәи абжьаратә школ №10 аиубилеи азы иҟанаҵеит адныҳәалара

АҞӘАФОН  Аҟәатәи  абжьаратә  школ  №10  аиубилеи  азы иҟанаҵеит адныҳәалара

Лаҵарамза  13,  2014  шықәсазы Аҟәатәи абжьаратәи ашьхарыуаа рышкол №10  150 шықәса ахыҵит. Ашкол аҭоурых иузаҟәымҭхо идҳәалоуп ган рацәала ацхыраара азҭоз, еицырдыруа аԥсуа политикцәа зегьы иаарылукаауа иҟоу Нестор Аполлон иԥа Лакоба ихьӡ. Иахьа  10-тәи ашьхарыуаа рышкол ихьӡ ахуп  ари еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы.

Ашкол аиубилеи аҿы еизеит зҵара шықәсқәа зегьы ара хатәы ҩнык аҟны еиԥш изхызгаз аушьҭымҭа абиԥарақәа зегьы, иара убас зымч-зылша зегьы аҵаҩцәа раԥхьаҟатәи рыԥсҭазаараҿы ирыхәашаз адырра хадақәа рыҭара иазызкыз, Аԥсадгьыл абзиабареи гәык-ԥсыкала уи азы аҟазаареи рылазааӡаз арҵаҩцәа. Ашкол аҵаҩцәа аӡәырҩы  урҭ аҟазшьақәа аадырԥшит 1941-1945 шықәсақәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы, иара убас  1992-1993 шықәсақәа  рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә Еибашьра аангьы.

150  шықәса ашкол азы – ари акры зҵазкуа, узнысыз амҩа уазхьаԥшны ахәшьара ауҭартә, зыԥсҭазаареи  зылшареи зегьы ари ашкол иазызкыз ажәа ԥхақәа рзуҳәаратәы алшара узҭо ҭоурых мҩоуп.

Аилахәыра  АҞӘАФОН Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10  арҵаҩцәа реилазаареи аҵаҩцәеи ари акры зҵазкуа аиубилеи рыдырныҳәалеит, ирзеиӷьаршьеит  ашәышықәсақәа  ирықәлоу ашкол атрадициақәа ԥхьаҟа реизырҳара, аршәҭыкакаҷра.

Аилахәыра ашкол ҳамҭас иарҭеит аныҳәақәа рымҩаԥгара аан зыда ԥсыхәа ыҟам  абжьы зхылҵуа аппаратура акомплект, арадиомикрофонқәа ԥшьба, амикрофон ахшьырҭақәа, амикшертә пульт, убас аноутбуки анҵамҭа ҵәахырҭақәеи.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша