09-04-2014

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рыбжьара ашьапылампыл асразы Иаарту ачемпионат V алхратә еиндаҭлара

news_name

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рыбжьара ашьапылампыл асразы Иаарту ачемпионат V  алхратә еиндаҭлара

 

Мшаԥымза  9 инаркны 10-нӡа Аҟәа ақалақь  аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рыбжьара имҩаԥысуеит «Уара уԥеиԥш унапы иануп» захьӡу акубок агаразы ашьапылампыл асыҩцәа   Иаарту ачемпионат V алхратә  еиндаҭлара.

Ҳазну ашықәс азы Шәача имҩаԥысуа ачемпионат афинал ахь ацара азин аиуразы ақәԥара иалахәхоит 1999-2000, 2001-2002 ш. рзы ииз аҷкәынцәа. Алхратә хәмарра рхы аладырхәуеит арҭ аицлабрақәа рҿы еснагь ихәмаруа – Калдахәаратәи, Аҟәатәи, Цандрыԥшьтәи, Очамчыратәи ашкол-интернатқәа рҿынтә ашьапылампыл асыҩцәа ркомандақәа.

Мшаԥымза 9 рзы Аҟәа ақалақь иатәу астадион «Маиак» аҟны имҩаԥысит аиндаҭларатә хәмарра аартра. Аартра иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра  Аҵарадырра Аминистр ихаҭыԥуаҩ  Капба Л. В., АА абаҩырҵәыреи аспорти рҿы  зҽаԥсазтәыз аусзуаҩ Ҭаркьыл А. К.

Аиҳабыратәи аиҵбыратәи гәыԥқәа рыҟны иалкаахаз акомандақәа азин роуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала аилахәыра  «МегаФон» еиҿнакаауа «Уара уԥеиԥш унапы иануп» захьӡу Ажәларбжьаратә еиндаҭлара афинал аҟны ақәгылара. 

Иҳаҩсыз ашықәс аԥсуа спортсменцәа рзы даара иманшәалахеит. Акоманда «Риҵа- Калдахәара» аиндаҭлараҿы ичемпионцәахеит, Лондонҟа ацара азин рызҭаз аҳамҭагьы ргеит, 2013 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ицәырҵыз Очамчыратәи акоманда «Гиуенос» иаанакылеит ҳаҭыр зқәу аԥшьбатәи аҭыԥ.

Сынтәагьы аҷкәынцәа ироуит рхы еиҳагьы еиӷьны иаадырԥшратәы, насгьы Рыԥсадгьыл ахьӡала зымҽхак ҭбаау аиндаҭлараҿы иқәгыларатәы алшара. Аилахәыра АҞӘАФОН еснагь еиԥш еиҭа ахахьы иагоит «Уара уԥеиԥш унапы иануп» ахьыӡны имҩаԥысуа ачемпионат афинал аспортсменцәа алахәхаразы зыда ԥсыхәа ыҟам  аиҿкаареи афинанси ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы рыӡбара – алахәыҩцәа шәҟәыла реиқәыршәара, ахыхьчагатә полисқәа рырхиара, аспортсменцәа Шәача ақ. аҿынӡа ргара, иара убас аспорттә маҭәақәа раахәара.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша