13-05-2015

Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба диижьҭеи 70-шықәса аҵразы Аҟәеи Тҟәарчали имҩаҧысит “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” аконцерт

news_name

Аҧсны  Аҳәынҭқарра Раҧхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба диижьҭеи 70-шықәса аҵразы Аҟәеи Тҟәарчали имҩаҧысит “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” аконцерт

Раҧхьаӡатәи Ахада диижьҭеи 70 шықәса аҵра аламҭалазы  АҞӘАФОН еиҿнакааит “Ҳара ҳаруаа реиҳабы» аконцертқәа иаразнакала  ҳреспублика ақалақьқәа ҩба рҿы.

Лаҵара 11 рзы Аҟәа, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы «АМА RECORDS» амузыкарҳәаҩцәа – Анри Гәымбеи, Алхаси  Алмасхани Марколиааи рмузыкатә нагӡаралеи, иара убас апроект “Ҳара ҳаруаа реиҳабы» алахәылацәа – Ҭемыр Агрба, Ерик Миқаа, Гьаргь Кәакәасқьыр, Валера Берзениа, Нарсоу Абыхәба рашәаҳәарала, ахәаҧшцәа идырҳан   Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалиааз ашәақәа. Ари аконцерт иасасцәан Аҧсны Ахада Рауль Џьумка-иҧа Ҳаџьымба, Владислав Григори-иҧа иҧшәма ҧҳәыс Светлана Ирадион-иҧҳа Џьергьениа, ҳреспублика ақалақьқәа рҟнытә иааз Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, “Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Реидгыла” ахаҭарнакцәа, иара убас ақалақьуааи ҳаҳҭнықалақь  асасцәеи.

Лаҵара 12 рзы “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” дырбан ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал иқәынхо ауааҧсыра.

 

«АКӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша