25-02-2015

АҞӘАФОН афинанстә цхыраара рзыҟарҵеит астудиа «АМА RECORDS» иалахәу аҵара дырҵараҿы

АҞӘАФОН афинанстә цхыраара рзыҟарҵеит астудиа «АМА RECORDS» иалахәу аҵара дырҵараҿы

Абар уажәшьҭа 4 шықәса ҵуеит АҞӘАФОН-и Аҧсны апрофессионалтә бжьҭаҩырҭатә студиа заҵәы «АМА RECORDS»-и аус еицыруеижьҭеи.

Уи аамҭа иалагӡаны астудиа амузыкарҳәаҩцәа рырҿираатә лахәрала  иалыршан АҞӘАФОН апроект дуқәа раларҵәара: ателехәаҧшратә проект “Раида”, амузыкатә проект “Аҧсны Star”, амузыкатә фильм “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” ҩыхәҭак, афильм “Акәымжәыуаа”, иара убасгьы «АМА RECORDS»  амузыкарҳәаҩцәа апроект “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” ашәақәа рынагӡарала имҩаҧыргаз агастрольтә тур. 

Амузыкатә индустриа – ирласны изызҳауа, есааира зҽызыҧсахуа усхкуп. Уи аҿы ақәҿиара бзиақәа раарҧшра залыршахом   зхаҭабзиара ҳараку абжьи актуалра злоу атехникатә информациа ахыҵхырҭеи рыда. АҞӘАФОН аҿы еилыркаауеит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа реизҳареи ҳаамҭазтәи абжьҭаҩратә студиаҿы аусушьеи амузыкарҳәаҩцәа рҿаҧхьа ишықәнаргыло аҭакҧхықәра ду   уи аганахьала рквалификациа аҩаӡара есааира аизырҳаразы. 

АҞӘАФОН «АМА RECORDS»  алахәцәа иҟарҵаз аҳәара иақәҿыҭны, астудиаҿы аус зуаз ҩыџьа амузыкарҳәаҩцәа астудиатә программақәеи амаҭәахәқәеи реибыҭара иазку  анемецтә сертификациатә Центр «STEINBERG» ашҟа аҵарахьы рдәықәҵаразы афинанстә цхыраара рырҭеит.

Фымчыбжьа рыҩныҵҟала ҩыџьа амузыкарҳәаҩцәа – Анри Гәымбеи Алхас Марколиеи – Урыстәыла зегь иреиҳау аҵаратә Центр аҿы абжьы арежиссиорреи асаунд-дизаини рганахьала аквалификациа аизырҳара иазку акурсқәа ирхысраны иҟоуп.

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша