25-08-2015

Ҧицундатәи ауахәамаҿы имҩаҧысит аклассикатә музыка Агәыҳалалратә концерт

news_name

Ҧицундатәи ауахәамаҿы имҩаҧысит аклассикатә музыка Агәыҳалалратә концерт

АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала нанҳәа 24 рзы Ҧицунда имҩаҧысит ичмазаҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы аҧара еизгара иазку Агәыҳалалратә хәылҧазы.

Аусмҩаҧгатәы еиҿнакааит – асоциал-культуратә хацыркрақәа рзы Аҧснытәи афонд.

Уи амш азы имҩаҧган Мариа Ҧлиа лҿыханҵатә студиа аҭыхымҭақәеи Colors Of Nation абренд аалыҵи рцәыргақәҵа-аҭира.

Ахәылҧаз аҩбатәи аҟәшаҿы имҩаҧган Аҧсны аоператә шәаҳәаҩцәеи ҳтәыла аҟазара зҽаҧсазтәыз Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҧснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестри рымчала еиҿкааз аконцерт.

Аконцерт иалахәын: Нана Черқьезиа (асопрано), Манана Шамба (асопрано), Марина Шамба (аорҕан), Лука Гаделиа (аорҕан), Асҭамыр Кәыҵниа (атенор), Елмаз Чаилак (афортепиано), Саид Гобечиа (абаритон), Армен Хачатуриан (абаритон).

Аконцерт мҩаҧылгеит – Нина Наҷҟьебиа.

Аконцерт аҿы еизган 436 110 мааҭ аҧара. Еизгаз аҧара зегьы дәықәҵахоит Акультура-гәыҳалалратә фонд “Ашана” ахыҧхьаӡаларҭа ашҟа.

Ари аусмҩаҧгатә  аҟнытә инагӡаны ихарҭәаау афотоҳасабырба ахәаҧшра ауеит абри азхьарҧш ала: https://yadi.sk/d/FgvyD6BBieaJb.

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша