15-07-2015

АҞӘАФОН Party Мокко аплиаж аҟны!

news_name

 

АҞӘАФОН Party Мокко аплиаж аҟны!

 

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН 12 шықәса ахыҵит. Традициала ишаҧу еиҧш, амширазы АҞӘАФОН еиҿнакаауеит абонентцәа рзы аныҳәа.

Ҧхынгәы 18 рзы “Мокко” аплиаж,  “Волна” аҭыҧ аҿы имҩаҧысуеит Раҧхьатәи амобилтә оператор еиҿнакаауа аплиажтә хәылҧаз ду. Апрограммаҿы иҟоуп Урыстәыла иреиҕьу аклуб Soho Rooms арезидент DJ AG (Aslan Gulia) иҟынтә ахкы  кәашарақәа,  ахәылҧаз  ахедлаинерс иамоу (хыркҩыс иҟоу) -  ари асезон аҿы зегь реиҳа имодоу, азыӡырҩцәа ирылаҵәаз атрекқәеи аклипқәеи рыла Урыстәылатәи ахит-парадқәа зтәызтәыз агәыҧ “Бурито” ақәгылара.

Иара убас, еснагь еиҧш, АҞӘАФОН асасцәа ирызнархиоит аҳамҭақәа рацәаны!

Шәааҳаҧхьоит зегьы Ҧхынгәы 18 рзы АҞӘАФОН Party ашҟа! Шәҳазнеи! Шәара ишәзыҧшуп узырцыхцыхуа аритмқәа рымшын еилашыра, илашоу аемоциақәа, амузыка лах-ҿых!

 

Аҟәа ақ., Синоп, “Мокко” аплиаж

Аҭыҧ “Волна”

Ҧхынгәы 18, 18.00.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша