05-03-2015

Акциа «АҞӘАФОН Check-in»

news_name

Акциа «АҞӘАФОН Check-in»

Хәажәкыра 5 инаркны Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор ихацнаркуеит акциа «Check-in АҞӘАФОН».  

Уажәшьҭа асоциалтә ҳақәа Facebook-и Instagram-и рҿы зыҽҭазҩыз Ахеидкыла абонентцәа еиҧмырҟьакәа  еиҭарҳәаларц рылшоит АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы ироуа ацхыраара атәы, уи азы ироуеит иҷыдоу аҧхьахәқәа.

Ари акциа аҽалархәразы Facebook-и  Instagram-и зхы иазырхәо АҞӘАФОН абонентцәа рзы ихымҧадатәиуп Ахеидкыла амаҵзурақәа зегьы рҟынтә иарбанзаалак акы (амаҵзура “Ахыҧхьаӡара ахарҭәаара” ада) ахархәара азуны, Амаҵзуратә Ҭыԥқәа руак аҿы, аиҭаҳәара кьыҧхьны, афото ацҵаны, агеолокациа аҿы “АҞӘАФОН” алхра.

АҞӘАФОН  аусзуҩцәа рҽазыршәоит рмаҵзуратә хархәарақәа ауаа рзы иманшәаланы мацара акәымкәа, аинтерес аҵаны аҟаҵара. Ҿырҧшыс иаагозар, абонентцәа еиҭарҳәар рылшоит иарбан хәыхшәааратә плану иалырхыз, иарбан маҵзуроу активациа ззыруз, мамзаргьы иарбан ҳамҭақәоу рхатәы бонустә баллқәа зыҭнырыҧсахлаз Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы. Акциа иалҵшәаны – есымза анҵәамҭазы зегь реиҳа еиҳаны Facebook-и Instagram-и рҿы “ачекинқәа” зманы знапы аҵазҩыз абонент АҞӘАФОН аҟнытә аҧхьахә ҷыда иоуеит.

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша