31-03-2015

Акциа “Сышьхатәыла” алҵшәақәа

news_name

Акциа “Сышьхатәыла” алҵшәақәа

Хәажәкыра 30 рзы ихыркәшан апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аҳәаақәа  ирҭагӡаны АҞӘАФОН еиҿнакааз акциа “Сышьхатәыла”.

Ари аицлабра алахәхаразы АҞӘАФОН аофициалтә даҟьа знапы аҵаҩу абонентцәа асоциалтә ҳақәа Facebook-и, ВКонтакте-и, Instagram-и рҿы рхатә даҟьақәа рҟны иҭарҵар акәын аҧсуа шьхақәа рфон аҿы иҭыху иреиҕьу рфотографиақәа, хымҧада ахештег #Сышьхатәыла,   #aquafon ацҵаны.

 Акциа аҧхьахәқәа ҳәа ирылаҳәан:   апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аҭӡы икыдырҵо афотосахьа, зеиҧш ыҟам (ексклиузивтәу) атермо-чаиҵәца “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” алоготип зну, иара убас, аицлабра аиҿкааҩцәа  акыраамҭа идырмаӡоз аҧхьахә хада – аиааира згаз  апроект акоманда дрыцны вертолиотла ашьхаҟа иҧырра.

Аицлабра аексперттә жиури иалахәын: Ҭенгьыз Ҭарба – “Аҧсны ашьхара” апроект аиҳабы, Алан Воуба – апроект “Аҧсны ашьхара” афотоҭыхҩы,  АҞӘАФОН аусзуҩцәа рхаҭарнакцәа.

Аицлабраҿы аиааира лгеит аникнеим @amina_kva  ҳәа Instagram иҭагалоу ахархәаҩ Амина Кәарҷиа.

Аиааира зырҭо иалкааразы аицлабра ажиури напхгарас ирыман абас еиҧш иҟаз акритериақәа:

·         Аицлабрахь инашьҭу аусумҭеи иара аицлабра атемеи реишьашәалара;

·         Аҧсны ашьхара аландшафт аҷыдарақәа аусумҭа иахьынӡаныҧшуа (аусумҭаҿы ицәыргоу аҭыҧ азнаказы адырра);

·         Аусумҭаҿы автор игәалаҟара аазырҧшуа  асахьаркыратә гәҭакы аҟазаара.

 Ари акциа иаиуит зымҽхак ҭбаау ақәҿыҭра. 12 мшы уи мҩаҧысуанаҵы,  400 фотоҭыхымҭа инареиҳаны иаашьҭын. Аусумҭақәа рхыҧхьаӡареи урҭ рынагӡашьа аҩаӡареи ажиури алшара рынаҭеит аицлабра  даҽа х-номинациак рацҵара: “Иреиҕьу апеизаж”, “Аекотурист имҩахәасҭа”, “Иҿыцу ашәара”.

Аноминациа “Иреиҕьу апеизаж” аҿы аҧхьахә игеит аникнеим @____gera___ҳәa  Instagram иҭагалоу ахархәаҩ Гьаргь Салаҟаиа.

Аусумҭа ахәшьараҿы критериақәас иҟан:

·         Афотографиа асахьаркырареи аоригиналреи.

Аҧхьахәқәа: апроект “Аҧсны ашьхара” аусура аҟнытә афотосахьа уи иалахәыз равтографқәа ацны.

Аноминациа “Иҿыцу ашәа-зара” аҿы даиааит аникнеим kviciniya ҳәа Instagram  иҭагалоу ахархәаҩ  Иракли Кәыҵниа.

Аусумҭа ахәшьараҿы критериас иҟаз: ауаҩи аҧсабареи реинырраҿы ипозитивтәу аҧышәа аартра.

Аҧхьахә: апроект “Аҧсны ашьхара” аусура аҟнытә афотосахьа уи иалахәыз равтографқәа ацны.

Аноминациа “Аекотурист имҩахәасҭала” аҿы аиааира  лгеит аникнеим amimmma ҳәа Instagram иҭагалоу ахархәаҩ Амина Дбар.

Аусумҭа ахәшьараҿы критериас иҟаз: асиужет алашареи аилыккареи.

Аҧхьахә: апроект “Аҧсны ашьхара” аусура аҟнытә афотосахьа уи иалахәыз равтографқәа ацны.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша