03-04-2015

«Апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” абжьазаратә еихшьалақәеи аҧхьаҟатәи аҧеиҧши» ирызку Астол гьежь

news_name

«Апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” абжьазаратә еихшьалақәеи аҧхьаҟатәи аҧеиҧши» ирызку Астол гьежь

Хәажәкыра 11 рзы ихыркәшан апроект “Аԥсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” алахәцәа ахҧатәи рекспедициа. Уи иаанаго, аетап Аӡын-Ааҧын абжеиҳара рышьҭахьҟа ишынрыжьыз ауп. 

Апроект абжьазаратә еихшьалақәа рыҟаҵаразы, иара убас уи аҧхьаҟатәи аҧеиҧш ахәшьара аҭаразы АҞӘАФОН аусзуҩцәеи апроект “Аԥсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” алахәцәеи ирыӡбеит астол гьежь мҩаҧыргарц. 

Мшаҧы 3 рзы АҞӘАФОН аофис хада аконференц-зал аҿы иеизаз асасцәа ирылан ажурналистцәа, атәыла аиҳабыреи аҵарауааи рхаҭарнакцәа, Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чыргба, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Кан Ҭаниа, Риҵатәи амилаҭтә реликтә парк адиректор Рита Лолуа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩы Таисиа Аланиа, Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩы Марина Барцыц, АНА аекологиатә институт адиректор Роман Дбар, аҧырра ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы, аҧырҩы еиҳабы Нури Гьерзмаа, Аҧсны атәылахьчаратә министрра иатәу Аҩныҵҟатәи аҳаиртә маҵзурақәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Адгәыр Гәымба. 

Астол гьежь аартын апроект иазку ажәалагалала.

Апроект «Аԥсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа»  хацыркын жәабран 11 рзы. Уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны уаҩы ишимбац ала ажәлар ирылаҵәеит. Иалыршоуп аекспедициақәа хҧа, апроект иазкны иҭыжьуп афильмқәа ҩба, иара убас Аҧсуа телехәаҧшраҿы иҟаҵоуп ателедырраҭарақәа ҩба. Инареиҳау урыстәылатәи аинформациатә агентрақәа “Риа Новости”, “Эхо Москвы” рҿы икьыҧхьын апроект афотоҳасабырбақәа.  

Ажәалагала ашьҭахь ажәа иҭан АҞӘАФОН адиректор Хада Алхас Аргәын. Алхас Иура-иҧа Ҭенгьыз Ҭарба аҧхьа днаргыланы, апроект “Аԥсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа» иалахәу акоманда зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит ирылдыршаз аус азы, инаҵшьны иазгәеиҭеит агәадура шинаҭо, хаҭала АҞӘАФОН ареспубликазы акрызҵазкуа ари апроект назыгӡо ауаа шықәсыла иарҕьажәҩаны иахьрыдгыло азы.   

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, АҞӘАФОН аусура иалагеижьҭеи уи ацхыраара знаҭахьоу, аусқәа акырӡа ишырацәо, уи апроект “Аҧсны ашьхара” ианаҭаз адгылара акәзар, ҳреспубликаҿы ашьхатә туризм аизҳара аус аҿы акрызҵазкуа лагаланы ишыҟоу.  

Анаҩс апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” абжьазаратә еихшьалақәеи аҧхьаҟатәи аҧеиҧши” аӡыргаразы дықәгылеит апроект автор, анапхгаҩы Ҭенгьыз Ҭарба. Уи иқәгылараҿы асасцәа рҿаҧхьа ицәыригеит аҧхьатәи ахекспедициак рылҵшәақәа, иааирҧшит апроект анагӡараан иаартыз уи аган ҿыцқәа.  

Анаҩс имҩаҧысит аспикерцәа рықәгыларақәа – Аҧсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы Марина Барцыц далацәажәеит “Ашьхатә туризм. Асоциокультуратә аспект” зыхьӡыз атема. Аекологиатә институт аиҳабы Роман Дбар иеиҭеиҳәеит Аҧсны ашьхаратә екосистема ахьчара атәы. 

Ақәгыларақәа рышьҭахь иеизаз ауаа аинтерес ҷыда рызцәырызгаз азҵаарақәа аспикерцәеи апроект “Аҧсны ашьхар/Ашықәс аамҭақәа” алахәцәеи рыҭаразы алшара рыман. Иара убас аӡәырҩы ирҳәеит излацәажәоз атема иадҳәаланы ргәаанагарақәа. 

Ари аусмҩаҧгатә иацҵаны иалыршан апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа”  аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН еиҿнакааз аинтернет-акциа “Сышьхатәыла” аҿы иаиааиз аҳамҭақәа рыҭара. Ари аусмҩаҧгатә ашҟа иааҧхьан ҧшьҩык: акциаҿы зусумҭа реиҕьуп ҳәа иҧхьаӡахаз Амина Кәарҷиеи, иара убасгьы ихарҭәааны еиҿкааз аноминациақәа хҧа - "Иреиҕьу апеизаж”, “Иҿыцу ашәара”, “Аекотурист имҩахәасҭа” рҿы аиааира згаз – Георги Салаҟаиа, Иракли Кәыҵниа, Амина Дбар.

Аиааира згаз аҧшьҩыкгьы ҳамҭас ирыҭан апроект афото-сахьақәеи, апроект алоготип зну иексклиузивтәу атермо-чаиҵәцақәеи, асувениртә ҧхьахәқәеи. Аҧхьахә хадақәа ҩба – апроект иалахәу акоманда ирыцны аҧырра – ранашьан акциаҿы иаиааиз Амина Кәарҷиеи аноминациа “Иреиҕьу апеизаж” аҿы аиааира згаз Гьаргь Салаҟаиеи.

Абас еиҧш иҟаз игәышьҭыхгаз гәалаҟазаарала ихыркәшан астол гьежь. АҞӘАФОН аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит уи зҽалазырхәыз асасцәа зегьы, изқәу амҩа рзыҳалалхарц, рхықәкы анагӡараҿы ақәҿиара бзиақәа  рзеиҕьаршьеит “Аҧсны ашьхара” иалахәу акоманда зегьы.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша