05-08-2015

Раҧхьаӡа акәны Аҧсны – Мариам Мерабова!

news_name

 

Раҧхьаӡа акәны Аҧсны – Мариам Мерабова! 

Нанҳәа 21 рзы Аҟәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы ҳтәылаҿы раҧхьаӡа акәны  имҩаҧысуеит зеиҧш дыҟам аџьазтә сцена аеҵәахә Мариам Мерабовеи агәыҧ Miraif-и рықәгылара.  Ари аконцерт аинформациатә спонсорс иҟоуп  Аилахәыра АҞӘАФОН.  

Апроект "Jazz Parking" еснагьтәи арезидентс иҟоу, апроект «Голос» алахәцәа инарылукааша Мариам Мерабова – уамашәа зымҽхак ҕәҕәоу, иуникалтәу лыбжьы абзоурала, иаразнак азыӡырҩцәа бзиа деицырбеит. Уи лықәгыларақәа убар алшоит Урыстәыла иреиҕьу аџьазтә сценақәа рҿы. Ашәаҳәаҩ лырҿиаратә биографиаҿы иҟоуп ақәҿиара ду змоу альбомқәа («The Bridge», «Intelligent Music»).

 Мариам Мерабовеи агәыҧ Miraif-и  рконцерт, ииашаны,  аартра дук иаҩызахоит иарбан аамҭазаалакгьы, ахааназ имажәуа, еснагь актуалра злоу аџьазтә музыка бзиа избо зегь рзы. 

Аконцерт ҷыдалатәи асас – угәы иҭымҵәо, акадифеиҧш иҟәымшәышәу атембр змоу лыбжьы хаала еицырдыруа аҧсуа шәаҳәаҩы  Мадина Кәарацхелиа.

Нанҳәа 21 рзы ахәаҧшцәа зегьы ирзыҧшуп зхаҭара ҳараку анагӡаратә ҟазареи, ҷыдала Аҧсны имҩаҧылго аконцерт азы ашәаҳәаҩ иазлырхиаз апрограмма беиеи, зыҧсы ҭоу абжьи.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша