18-11-2016

АҞӘАФОН-и ААУ-и русеицура 10 шықәса ахыҵит.

news_name

АҞӘАФОН-и  ААУ-и русеицура 10 шықәса ахыҵит.

Абар уажәшьҭа 10 шықәса ҵуеит АҞӘАФОН-и Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети аус еицыруеижьҭеи, 2006 шықәса, хәажәкырамза аахыс. Убри инаркны АҞӘАФОН есымза астипендиа ҷыда рынаҭоит АҞӘАФОН ишьақәнаргылаз Акомиссиаҿы қәҿиарала аицәажәара иахысыз ААУ иреиҕьу астудентцәа.

 АҞӘАФОН астипендиатә программа аҧҵан  аҵараҿы алҵшәа бзиақәа аазырҧшуа, иара убасгьы ауаажәларратәи, арҿиаратәи, аспорти рҿы, насгьы рхатәы Alma mater аҟны  астуденттә ҧсҭазаара активла  зхы алазырхәуа астудентцәа ралкаара хықәкыс иҟаҵаны.

Апроект анхацдырк аахыс, АҞӘАФОН ҩынтә иацнаҵахьеит астудентцәа ироуа астипендиа:  2006 ш. азы – 500 мааҭ, 2007 ш.азы – 1000 мааҭ, 2009 ш. рзы – 2000 мааҭ рҟынӡа иацҵан.   

 Ари апрограмма аусура иаҿуижьҭеи 150-ҩык инареиҳаны ААУ иреиҕьу астудентцәа АҞӘАФОН астипендиа рынаҭахьеит.  Урҭ реиҳараҩык иахьазы ззанааҭтә разҟы қәҿиарала ишьақәгылаз специалистцәаны иҟоуп.     ААУ аҿы АҞӘАФОН астипендиатә проект еиҳа-еиҳа аизҳара мҩа иануп. 2014 шықәсазы АҞӘАФОН анапхгара  иаднакылеит даҽа стипендиакгьы аҧҵара. Убасала ишьақәыргылан ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ, Кавказтәи ахҵәацәа рҟнытә иаарылукаашаз аҧхьагылаҩ Омар Беигәаа ихьӡ зху Хаҭалатәи астипендиа. Ари астипендиа зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз арепатриантцәа иреиуоу аҧсуа студентцәа ирызкуп, хықәкысгьы иамоу урҭ ҳара ҳуаажәларра қәҿиарала раларҵәара ауп.

Абҵара 17 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет акттә зал аҿы имҩаҧысит ҿыц иҭалаз астудентра ралаҵара ацеремониа. Уаҟа АҞӘАФОН аусзуҩцәа Гета Арӡынбеи, Асҭан Барцыци, Лана  Сангәлиеи агәырҕьаратә ҭагылазаашьаҿы  2016-1017-тәи аҵара  шықәсазтәи АҞӘАФОН Хаҭалатәи астипендиа аиуразы асертификат  рнапы иадыркит уи зҽаҧсазтәыз астудентцәа.

Ари аусмҩаҧгатәы рхы аладырхәит аректор Алеко Гәарамиа, ааӡара ҟәша аганахьала апроректор Медеиа Чегиаҧҳа, апроректор Виктор Маланӡиа, ауниверситет афакультетқәа рдеканцәа, ААУ астудентцәа.

2016-2017-тәи аҵара шықәсазы  астипендиантцәа рхыҧхьаӡараҿы ишьақәырҕәҕәоуп ААУ абарҭ  астудентцәа:

  1. Џьикиа Альбина Кахабер-иҧӽа - Абиологиа-географиатә факультет:      
  2. Степанова Анна Александр- иҧӽа - Абиологиа-географиатә факультет:
  3. Самохина Валериа Александр- иҧӽа - Афизика-математикатә факультет
  4. Макаов Мураҭ Казбек- иҧа - Афизика-математикатә факультет
  5. Какупшев Џьонни Мураҭ- иҧа - Агро-нџьныртә факультет
  6. Лакашиа Саид Ҭемур- иҧа - Агро-нџьныртә факультет
  7. Гәлиа Ирина Иура- иҧӽа - Апедагогикатә факультет
  8. Аршба Камилла Тариел- иҧӽа - Апедагогикатә факультет
  9. Ҭарба Дауҭ Геннади- иҧа - Аҭоурыхтә  факультет
  10. Габраа Камыгә Виачеслав- иҧа - Аҭоурыхтә  факультет
  11. Кәарцхиа Сариа Џьума- иҧӽа - Азинҭҵааратә факультет
  12. Гәынба Аманда Альберт- иҧӽа - Азинҭҵааратә факультет
  13. Ешба Викториа Ҭимур- иҧӽа - Аекономикатә факультет
  14. Микелба Борис Руслан- иҧа - Аекономикатә факультет
  15. Пкьын Аманда Алексеи- иҧӽа - Афилологиатә факультет
  16. Ҭаниа Гәында Гулик- иҧӽа - Афилологиатә факультет         

 

2016-2017 аҵара шықәс актәи асеместр аҿы О. Беигәаа ихьӡ зху астипендиа зауз иреиуоуп:

1.Ариуҭаа Анзор Риад-иҧа - Аҭоурыхтә  факультет

2.Бирам Мухамад Наджм Единн-иҧа - Афилологиатә факультет

3.Канбар Александра Валид-иҧӽа - Афилологиатә факультет

4.Канбар Ахмад Валид- иҧа - Афилологиатә факультет

 

АҞӘАФОН астипендиатә программа идеиа хадас иамоуп абаҩхатәра злоу, аинтеллект змоу аҿарацәа ралкаара,  ацхыраара рзура, урҭ наҟ-наҟ ҧхьаҟа  реизҳаразы агәаҳәара рыҭара.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша