22-08-2016

Аибашьра аветеран Т.Ж. Агәмаа ацхыраара иҭара

Аибашьра аветеран Т.Ж. Агәмаа ацхыраара иҭара.

2015 ш. азы иаҧҵан Агәыҳалалратә ауаажәларратә еиҿкаара «Кьараз». Аилахәыра АҞӘАФОН раҧхьатәиуп,  АУЕ «Кьараз» аофициалтә партниорразы аҭакҧхықәра ахахьы иганы, уи знап аркыз ахацыркрақәа зегьы рҿы ацхыраара азҭаз. Уи нахыс АҞӘАФОН есымза аҧара азоунажьуеит уи аофис аусура финансла аиқәыршәаразы. Иара убасгьы, ган рацәала ацхыраара азыҟанаҵоит аиҿкаареи аинформациеи рганахьала. 

Аиҿкаара «Кьараз» аусураҿы хықәкы хадас иалнахит ахшара рацәа змоу, малла иҕару аҭаацәарақәеи, ақыҭанхаҩцәеи, 1992-1993 шш. рзтәи Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи ацхыраара рыҭара. Убас, сынтәа рашәара мзазы имҩаҧысыз АУЕ «Кьараз» раҧхьатәи аҳасабырбатә  конференциаҿы иазырхиан 1992-1993 шш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Агәмаа Т.Ж. изкны  асиужет.

Агумааа Т.Ж. – дхәыҷаахыс динвалидуп, аха ихымхәара хьаас имкыкәа,  аибашьра активла ихы алаирхәит, ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Уи акыр шықәса раахыс  ихала иааӡоит хҩык зықәра намӡац ахшара. Иҧа еиҳабы ДЦП ачымазара имоуп, аҩны иаб ихылаҧшрала дыҟоуп. Аҭаацәа  рҭагылазаашьа даара ирыцҳароуп, аб изы иуадаҩуп ихала мацара ахәыҷқәа рааӡара. Урҭ рыбзазашьа маншәалоуп ҳәа узыҳәом: рыҩны уаҩ ихәаша ҩнымаҭәа ҩнагылаӡам, ирымаӡам абзазаратә техника, аха зегь реиҳа ихадоу – рыҩны аҽыкәабарҭа амаӡам.  

Ари аҭаацәа рҭоурых анеилыркаа, аилахәыра АҞӘАФОН аҿы ирыӡбеит  афинанстә цхыраара рырҭарц. 134 нызықь мааҭ азалырхит аибашьра аветеран Агәмаа Т.Ж. иҩны аҽыкәабарҭатә уада аремонт азуразы.

Ииашаны, ари  гәнаҳароуп, ҳаамҭазы, ацивилизациатә дунеи аҿы ауаа ас еиҧш иҟоу анхаратә ҭагылазаашьа бааҧс анрымоу, еиҳаракгьы  згәабзиареи зыҧсҭазаареи Аҧсны аҭынчреи аманшәалареи иақәызҵаз афырхацәа рҭаацәеи дареи. Ҳара ҳнапаҿы ауп иахьыҟоу  ҳтәыла афырхацәа изыҧсоу, иманшәалоу, иҧшӡоу аҧсҭазаара рымазартә еиҧш аҟаҵара.

 «АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша