07-10-2016

АҞӘАФОН еиҿнакааз 23 ш. Аиааира амш иазку аусмҩаҧгатәқәа.

АҞӘАФОН еиҿнакааз 23 ш. Аиааира амш иазку аусмҩаҧгатәқәа.

Цәыббра 30 рзы ҳреспубликаҿы  иазгәарҭеит Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааира аныҳәа. Есышықәса, акрызҵазкуа ари арыцхә аламҭалазы АҞӘАФОН  еиҿнакаауеит еиуеиҧшым асоциалтә акциақәа.

Аиааира иазку раҧхьатәи акциа аартын Цәыббра 26-29 рзы АҞӘАФОН-и АУЕ “Кьараз”-и еицымҩаҧыргаз Гәдоуҭатәии Очамчыратәии араионқәа рҿы инхо ахшара рацәа змоу, зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу 22-ҩык аибашьра аветеранцәа рыцхыраарала.

Есышықәса АҞӘАФОН  сопнсор Хадас иамоуп асамбои аӡиудои рзы Аҧснытәи Афедерациа  имҩаҧырго  аспорттә усмҩаҧгатәы.  Цәыббра мза 27 -29 Аҟәатәи аспорттә школа “Спартак” аҿы имҩаҧысит  арҧарацәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара асамбо азы “Аиааира акубок” зыхьӡу  XIII Жәларбжьаратәи атурнир аартра.   Сынтәатәи атурнир рҽаладырхәит Аҧсни, Урыстәылеи, Алада Уаҧстәылеи, Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьестәылеи, Ҟрыми, Ашьха Ҟарабахи рықалақьқәа рҟнытә аспортсменцәа.

Сынтәа, цәыббра 27, Аҟәа ақалақь анхақәиҭтәхаз амш аҽны, Емма Хәаџьааи Ҭемыр Қәычбериеи авторцәас измоу амузыкатә фильм “Ҳара ҳаруаа реиҳабы “ ахҧатәи ахәҭа аӡыргара мҩаҧысит.

«Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы» - ари иуникалтәу проектуп. Уи амҽхак ахә ашьара уадаҩуп. Ари апроект идеиа хадас иамоуп абиҧарақәа реимадареи рышьҭрамадареи реиқәырхара.

Аҧсны Ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ - ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи аазырҧшуа  ихадоу дырганы иҟоуп. 2009 шықәсазы АҞӘАФОН-и, аспорти аҿари русқәа рзы Ареспубликатә комитети, Аҧсны Аҿартә Еиҿкаарақәа Рассоциациеи рыбзоурала ихацыркын апроект  “Зымҽхак дуу абираҟқәа Аҧсны ақалақьқәа рҿы”. Уи хықәкыс иаман  Аҧсны қалақь цыҧхьаӡа, иара убасгьы хьӡы-ҧша змоу аибашьратә ҭыҧқәа жәпакы рҿы 20 м иҳараку абираҟлаба иахаҵаны  4х8м иҟоу абираҟ ашьақәыргылара.

1992-1993 шш.рзтәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира 23 шықәса ахыҵра иазкны АКӘАФОН аҿы иазҧхьагәарҭеит  ақ. Очамчыреи Ҧсоуи ҳреспублика аҳәынҭқарратә символқәа рышьақәыргылара. Цәыббра 28,  2016ш. рзы  Очамчыра ақалақь уахьаалало аҭыҧ аҿы ишьақәыргылан Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ. Ари аусмҩаҧгатәы рҽаладырхәит аибашьра аветеранцәа, Аҧсны афырхацәа Гашики Шамили Аӡынаа, ақыҭа Мыркәыла администрациа ахада Анри Хәырхәмал, иара убас Очамчыратә ашкол-интернат аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи.  

Жьҭаара 6 Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәыргылан Ҧсоу аӽәааҿы. Араҟа рҽаладырхәит Гагра араион администрациа ахаҭарнак, Цандрыҧшь администрациа ахада, ашколхәыҷқәа.

Цәыббра 30 сентября 2016 шықәсазы Мықәашҭа имҩаҧысит уажәшьҭа итрадициоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада - Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазкны еиҿкаау аҽырыҩразы Аҧсны Ачемпионат.  АҞӘАФОН ҧсахрада арҭ аицлабрақәа спонсор хадас иҟоуп. Есышықәса ари Ачемпионат мҩаҧнагоит Очамчыра араион ахадара, уи  1992-1993 шш. Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааирамш иақәыршәаны.

Сынтәатәи аҽырыҩраҿы аиааира игеит аҽыбҕаҟаза ҷкәын Џьон Тапаҕәуа “Герман” зыхьӡу иҽа дақәтәаны.

Уи амш азы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, АҞӘАФОН аспонсорра ала “Мықәашҭа” имҩаҧысит  аҧсуа милаҭтә спортивтә хәмарра “Аимҵакьачара” аҩбатәи атурнир. Аусмҩаҧгатәы Аҧхьахәтә  фонд  200 000 мааҭ  ҟанаҵеит. Очамчыратәи араион акомандақәа  еицлабуан ари аусмҩаҧгатә зыблала избоз ахәаҧшцәа зегьы рзы уамакала иҧшӡоу ланарҧшыраны иҟалаз,  ижәытәӡатәу аҧсуа милаҭтә хәмарраҿы.   Аҧхьахә хада ранашьахеит Аӡҩыбжьа ақыҭантәи акоманда ахәмарцәа, урҭ ари атурнир аҿы 1 аҭыҧ ааныркылеит. Аҩбатәи аҭыҧ ааныркылеит ақалақь Очамчыра акоманда. Ахҧатәи – Кәтол ақыҭантәи ахәмарра алахәцәа.

Иара убасгьы уи амш азы Мықәашҭа имҩаҧысит аҧсуа традициатә хәмаррақәа.  Раҧхьатәи ахәмарра – “Аҵәеигәыдҵа”.  Уи аҧҟарра ишаҳәо ала, аҽыуаҩ икуп 2 метрак иҟоу акалам иалху алаба. Ахәмарраҿы хықәкыс иҟоу уи алаба иуцхәмаруа аҽыуаҩ, ма уи иҽы рышҟа иршәны раархара ауп.   Аҩбатәи ахәмарра “Аҽылампыл” атрадициатә шьапылампыл асра даара иеиҧшуп.  Араҟа ахәмарцәа аҽқәа ирықәтәоуп, ампыл мҵәышәла ишьҭырхуеит. Уи ампыл аанызкылаз ахәмарҩы дышзахәо амба ашҟа дцаны иҭаиршәроуп.

Аиааира амш - ахьыҧшымреи, акзаареи, унапаҿы иузаамго амчхеи символ хадас иамоуп. Ахьыҧшымра амш – амилаҭтә ныӽәоуп, Аҧсны афырхацәа рымшныӽәа дуу иазкуп.

Аиааира!

«АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша