16-11-2016

Очамчыратәи ашкол-аинтернат аҵаҩцәа аҭааит ацәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”

Очамчыратәи ашкол-аинтернат аҵаҩцәа аҭааит ацәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”

Абҵара 16 рзы АҞӘАФОН иҟанаҵаз ацхыраарала, АУЕ “Кьараз” ахылаҧшра зырҭо Очамчыратәи ашкол-аинтернат аҵаҩцәа аҭааит ацәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”.

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩ Ҭенгьиз Ҭарба ахәыҷқәа инарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны” аеқспедициақәа ҷыдарақәас ирымаз, ашьхашәаҩатә спорти, уахь ахаларазы ҷыдалатәи аиқәыршәагашьақәеи ртәы. Иара убасгьы уи ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит аҧсуааи аҧсабареи реизыҟазаашьақәа еиҿызкаауаз ажәытәтәи атрадициақәа рҭоурых.

Ахәыҷқәа зҿлымҳара ҷыдала ирыхәаҧшуан афотографиақәа, иара убасҵәҟьа аинтерес кны  иазыӡырҩуан апроект автор иажәабжь.  Аусмҩаҧгара ахыркәшамҭазы ацәыргақәҵа асасцәа зегьы ирыздырхиеит хаала еиҿкааз афуршет.

 «АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша