26-06-2017

Ателехәаҧшра “Абаза” 10 шықәса ахыҵра

news_name

Ателехәаҧшра “Абаза” 10 шықәса ахыҵра

10 шықәса уажәаҧхьа аусура иалагеит зымҽхак ҭбаау, ҳаамҭазтәи аҭахрақәеи  ателехәаҧшратә стандартқәеи ирышьашәалоу, иахьатәи  аамҭа иақәнаго аканал “Абаза- ТВ”.

10 шықәса рыҩныҵҟала аканал ахыҧхьаӡараҿы иҟоуп 3653 аефиртә мшқәа, 4973 аинформациатә ҭыжьымҭақәа «Время новостей» ишиашоу ицо аефир аҿы, 4920 ианҵоу  аинформациатә ҭыжьымҭақәа. Аинформациатә ҭыжьымҭақәа ирҷыданы, ателехәаҧшцәа ирымоуп алшара, агәырҿыхагатә программақәагьы рыхәаҧшра.

Иахьазы “Абаза-ТВ” – ари аӡәкны еилаҵәаны иҟоу, ажурналистцәеи, аредакторцәеи,  аоператорцәеи, ателемҩаҧгаҩцәеи, иара убас, ҳәарада, Руслан Ҳашыги Иури Қәҭарбеи рнапхгарала ишьақәгылоу коллективуп.

АҞӘАФОН акыр шықәса  партниорс иамоу ателехәаҧшра “Абаза” 10 шықәса ахыҵра адныҳәало, ҳамҭас иарҭеит адныҳәаларатә сертификат. Уи ателехәаҧшра аусзуҩцәа ирнаҭоит алшара,  атехникеи аспорти рыдәқьан “30 секунд” аҿы 50 000 мааҭ рыхә ателехәаҧшратә маҭәахәқәа раахәара.

«АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша