20-08-2017

Ацәыргақәҵа “Аспорт аҟазара апризма ала”

Ацәыргақәҵа “Аспорт аҟазара апризма ала”

АҞӘАФОН аспонсорратә хадарала Нанҳәа 20, 2017 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаҧысит акоманда Colors of Nation еиҿнакааз ацәыргақәҵа “Аспорт аҟазара апризма ала”.

Апроект Colors of Nation хықәкыс иамоуп Аҧсны аҟазара апризмала, арҿиаратә уаа рыблала ацәыргара. Уи азы ахархәара рызуп еиуеиҧшым аинструментқәа: аҧсуа сахьаҭыхҩцәеи афотоҭыхҩцәеи русумҭақәа ахархәара рзуны аалыҵқәа рҭыжьра, Ареспублика Аҧсни, Урыстәылатәи Афедерациеи, аҳәаанырцәи  ацәыргақәҵақәа рымҩаҧгара, еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара, Аҧсни Урыстәылеи агәыҳалалратә усмҩаҧгатәқәа рҽалархәра, активтәра PR азура ( аинтервиуқәа, асоциалтә аҳақәа рҿы ажәабжьқәа уҳәа убас иҵегьы.)

Есышықәса акоманда Colors of Nation Аҧсны еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы имҩаҧнагоит зымҽхак дуу усмҩаҧгатәык. Сынтәа ус еиҧш иҟаз ахҭыс мҩаҧысит Гәдоуҭа ақалақь аҿы.

Аҵәыргақәҵа “Аспорт аҟазара апризма ала” арҿиаратә уаа рӡыргара инаҷыдангьы, хықәкыс иамоуп ҳреспубликаҿы иҟоу аспорттә еихьӡарақәеи аспортсменцәеи рышҟа дырҩегьых ауаа  рхьарҧшра.

Ари аусмҩаҧгатәы аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаҧысит аспорттә тематика иазкыз  афотоҭыхымҭақәеи асахьақәеи рцәыргақәҵа. Афотоҭыхҩцәа Ибрагим Ҷкадуа, Константин Грецов, Аруҭан Ҷыҭанаа, Гиа Ҧлыиа, иара убас асахьаҭыхыҩцәа Адгәыр Амҧар, Саид Возба, Адгәыр Ҧлыиа, Мадонна Аргәын, Беслан Арӡынба, Гәыранда Барцыц, Игор Циминтиа – апроект Colors of Nation иалахәыз – ицәырыргеит еиуеиҧшым аформатқәеи атехникақәеи рыла иаҧҵаз, аспорттә хкқәеи аспортсменцәеи ирызкыз аеқсклиузивтә усумҭақәа рсериа. Аусмҩаҧгатәы алоготип аҧиҵеит асахьаҭыхҩы Асҭамыр Кәыҵниа.

Иара убас ацәыргақәҵаҿы ицәырган апроект “Аҧсны ашьхара” аҳәаақәа ирҭагӡаны афотоҭыхҩы Ҭенгиз Ҭарба иаҧиҵаз аусумҭақәа.

Аусмҩаҧгатәы аиҿкааҩцәа асасцәа рзы иаздырхиеит аконцерттә программа, аспортсменцәеи аҟазара ахаҭарнакцәеи равтографтә сессиа, иара убас асасцәа зегьы рзы афуршет. Ахәылҧаз хыркәшан афеиерверки, ари аусмҩаҧгатәы асимвол ажәҩан ашҟа ашьҭреи рыла.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша.