12-07-2017

Акциа «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” алҵшәақәа

news_name

Акциа «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” алҵшәақәа

Сынтәа АҞӘАФОН иазгәанаҭоит 14 шықәсахыҵра! Традициала ишаҧу ала, ахатәы мшира  АҞӘАФОН иазгәанаҭоит уи абонентцәа аҳамтақәа рыҭарала. 

2017 шықәса, ҧхынгәы 5 инаркны 12 рҟынӡа АҞӘАФОН имҩаҧнагеит «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” зыхьӡу   Акциа.

Ари Акциа алахәхаразы ихадоу ҧҟараны иҟан  «АҞӘАФОН-GSM» Амаҵзуратә Центрқәа 14 рҟнытә иарбанзаалак акаҿы  зныкала 300 мааҭ, ма инареиҳаны аҧара аҭаҵарала зхыҧхьаӡара хазырҭәааз абонент илшон автоматла Акциа алахәхара. Уи дшалахәу ашьақәырҕәҕәаразы абонент изынашьҭхон хаҭала ирҭаз аидентификациатә код  зну SMS-дырраҭара. Уи аидентификациатә код аамҭакала иҟалоит, Акциа аҧҟаррақәа рыла, асистема иҭало, зныкала иишәо ахәҧса цыҧхьаӡа азы еишьҭагыларатә номерны. Акциа аҧҟарақәа рыла, ус еиҧш иҟоу ахәшәарақәа 10 иреиҳамкәа иҟазар акәын.   

Ҧхынгәы 12 рзы  Аиааира амҩаду аҿы иҟоу АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр аҿы АҞӘАФОН аусзуҩцәа, машәырлатәи ахыҧхьаӡарақәа ргенератор ацхыраарала, апрессеи аҭааҩцәеи ишырбоз,  Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор аофициалтә даҟьа Instagram аҳа аҟны ишиашоу ицо аефир аҿы имҩаҧыргеит абыжьбатәи амодель iPhone 14 рырхәмарра. Иагьаадырҧшит 7496-ҩык акциа алахәцәа рҟнытә  14-ҩык афлагмантә деваисқәа зынасыҧхаз! Аамҭакала Амаҵзуратә Центр аҿы имҩыҧыргон насыҧ змаз акодқәа ргенерациа ашәымҭа аҭыхра, изҭаху  дарбанзаалак илшоит уи аролик  АҞӘАФОН адаҟьақәа асоциалтә аҳақәа: Instagram (aquafon4g), Facebook (АҞӘАФОН), VK( агәыҧ АҞӘАФОН)      рҟны ахәаҧшра.

Насыҧ зауз акодқәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп:

000026, 000324, 003152,  003368, 004316, 005107, 005179, 005569, 006389, 006446, 006824, 006872, 006961, 007312.

 Акциа «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone” мҩаҧысит мақсималла ииашаны, иаартны, аиааира згаз ракәзар, урҭ алкаан аҧҟара ишаҳәо иқәныҟәаны.

Ҧхынгәы 15 рзы Амҳаџьырқәа Рыгаҿа аҟны, Аколоннада аҿаҧхьа имҩаҧысуеит  Акциа «АҞӘАФОН аҟнытә Уара у-iPhone”аҧхьахәқәа рыҭара иазку аныҳәатә церемониа ҧшӡа! Ари аусмҩаҧгатәы асасцәа ирзыҧшуп хашҭшьа зқәым ахәылҧаз  DJ Svetlana Rassadkina лыҟнытә, ашоу «Performance», аконфетти, иара убас иҵегьы ирацәаны!

«АҞӘАФОН-GSM»адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша