01-02-2017

Анзор Агәмаа ишәҟәы “Ижәытәтәиу Аҟәа” аӡыргара

news_name

Анзор Агәмаа ишәҟәы “Ижәытәтәиу Аҟәа” аӡыргара

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр ахыбраҿы жәабран 1 азы имҩаҧысит Анзор Агәмаа ишәҟәы “Ижәытәтәиу Аҟәа” аӡыргара. Ари аусмҩаҧгатәы еиҿкаан зхы иақәиҭу формат ҳасабла атәыла  ауаажәларреи, аҟазара аусзуҩцәеи, иара убас автор иҭаӽцәеи иҩызцәеи адыҧхьаланы.

Анзор Агәмаа еицырдыруаз ҭоурыхҭҵааҩын, археологын, дсахьаҭыхҩын, дколлекционерын. Анзор Семион-иҧа иҧсҭазаара зегьы азикит ҳақалақь аҭоурых, уи архитектуратә баҟақәа  рыҭҵаара. Уи иаҟара ажәытәтәи Аҟәа, уи аҩнқәа, амҩадуқәа, иара убас акыршықәса рышьҭахь  араҟа инхоз ауаа рбиогарфиақәеи рыбзазашьеи здыруаз даҽаӡәы дузыҧшаауамызт. Уи иаҷыдангьы, Анзор Семион-иҧа еизигеит  Аҧсны аҭоурых иазку ашәҟәқәеи, ажәытәӡатәи асахьамҭақәеи, адиапозитивқәеи рколлекциа беиа. Уи иабзоураны Анзор Агәмаа изныкымкәа еиҿикаахьан “XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи  XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы Аҟәа архитектура” зыхьӡыз афотоцәыргақәҵақәа (1989, 1996, 1999 шш.).

  “Ижәытәтәиу Аҟәа” зыхьӡу уи имонографиа азикит Аҧсны аҳҭны қалақь ажәытә ҭоурых,  XIX-тәи ашәышықәсеи  —  XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы Аҟәа ақалақьтә ргылара аҭоурых.

Аргыларақәа рҭоурых аиҭаҳәара иаҷыдангьы, ари ашәҟәы аҿы иҟоуп аҩнқәа ажәытәани ҳаамҭазтәи рфотоҭыхымҭақәа, аҭоурыхтә ҵакы змоу адокументқәа. Ашәҟәы аҿы иара убасгьы ицәыргоуп ақалақь апаркқәеи, абаҳчақәеи, ашҭақәеи, акульттә ргыларақәеи, ааглыхреи, ашколқәеи,  аҳәынҭқарратәии ихазтәуи аҧсшьарҭатә ргыларақәа раҧҵара аҭоурых.

 Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыҧуаҩ Баҭал Кобахьиа иҟаиҵаз аинициатива ала, аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәырган зымҽхак дуу аинсталлиациа, уи аӡыргара зҽалазырхәыз асасцәа агәыланахалон Анзор Агәмаа и- “Ижәытәтәу Аҟәа” атмосфера. Сасцәа ҷыдақәаны аӡыргараҿы иҟан жәларбжьаратәи апремиақәа рлауреат, ашәаҳәаҩ ҿа Саид Гобечиеи апианинорҳәаҩы Нора Акуџьааи. Аӡыргара мҩаҧысуанаҵы арахь ааҧхьара змаз асасцәа зегьы ирылшон хәыда-ҧсада ашәҟәы аекземплиар аиура, иара убасгьы итрадиациатәу аҧсуа чыс агьама абара.

1000 цыра иҟоу ари ашәҟәы аҭыжьреи уи аӡыргареи мҩаҧысит Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрреи Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба Игәыҳалалратә фонди еицымҩаҧырго аусмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН  иҟанаҵаз  афинанстә цхыраара иабзоураны.

 

 «АҞӘАФОН-GSM» адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша