20-05-2017

SMS-бжьыҭира апроект «Ты супер!» ашҟа

news_name

SMS-бжьыҭира апроект «Ты супер!» ашҟа

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы вокалтә конкурс “Ты супер” иалахәыз ҳџьынџьуаҩ қәыҧш Валериа Адлеиҧҳа лыдгылара хықәкыс иҟаҵаны, ҷыдала Аҧсны иқәынхо ауаа рзы SMS-бжьыҭира аҽалархәразы алшара рзаҧҵан. 

Дарбан абонентзаалак илшон Валериа лзы 20-нтә иреиҳамкәа ибжьы аҭира , атекст 01 зныз икьаҿу аномер7375 ашҟа SMS  ашьҭрала.

Алахәҩык изы SMS-қәа рышьҭра ҟалоит 2 ҩ-минуҭк иреиҵамкәа ирыбжьаҵаны,  ибжьы шрыдыркылаз шьақәзырҕәҕәо SMS-дырраҭара алахәҩы ишҟа  ианаалак ашьҭахь.

Абжьыҭира уажәшьҭа иаартуп уи цоит лаҵара 26,   2017ш., асааҭ 12:00 рҟынӡа москватәи аамҭала.

Апроект аиҿкааҩцәа ишьақәдыргылаз, икьаҿу аномер 7375 ашҟа SMS ахә  – 35 мааҭ. 

 

* Икьаҿу аномер 7375 аус ауеит Аҧсны амобилтә операторцәа рзы мацара.