23-02-2018

Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018» афиналбжа.

news_name

 Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА_АҞӘАФОН2018» афиналбжа.

Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018» афиналбжа аҟынӡа инеит. Афиналбжа аҟны инеит:  Викториа Ҵәыџьҧҳа (@mistefami), Тома Агрба-Чакриан (@toma_agrba),  Кристина Лазҧҳа (@tika_lazba),  иара убас Хьыбла Ҵәыџьҧҳа (@tsvizhba_khibla).

.Жәабран 12 рзы ихацыркыз аконкурс ашҟа арзаҳал аларҵеит 200-ҩык инареиҳаны аҭыҧҳацәа. Акомиссиа иалнахит  урҭ рхыҧхьаӡара аҟнытә 16-ҩык аҭыҧҳацәа.

Аконкурс «АҦШӠАРА АСЕЗОНҚӘА АҞӘАФОН 2018»  рҽаладырхәыр ҟалон 16 инаркны 23 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҭыҧҳацәа, Аҧсны атәылауаҩра змоу, аконкурс анымҩаҧысуа аамҭазы ҳтәыла адгьылҵакыраҿы инхоз. Иара убасгьы аҭыҧҳа  лыхцәы аузар акәын.

#аҧшӡара асезонқәа_АҞӘАФОН2018 аҟны ҩыџьа афиналистцәа ралхразы абжьыҭира мҩаҧысуеит Stories Instagram аҟны @aquafon4g адаҟьаҿы. Афиналбжаҿы абжьыҭира иалагоит жәабран 22, асааҭ 17:00 инаркны, иагьхыркәшахоит жәабран 23 асааҭ 17:00 рҟынӡа.

 Аиааира лгоит зегь реиҳа абжьқәа зырҭо аҭыҧҳа.