01-07-2014

Имшу абонент» захьӡу Акциа

news_name

 «Имшу  абонент» захьӡу  Акциа

*хынгәымза  1 инаркны 11-нӡа ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM»  абонентцәа Рмаҵзура  Ҭыԥқәа  зегьы  рҿы имҩаԥысуеит «Имшу абонент» захьӡу Акциа.

 Акциа ахалархәра илшоит ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» абонент (18 шықәса зхыҵуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ, ахатәы хыԥхьаӡаларатә баланс 100 мааҭк, ма инеиҳангьы иахызыԥхьаӡалаз, мамзаргьы   ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» Абонентцәа Рмаҵзура  Ҭыԥқәа  руак  аҟны  икоммерциатәу  тарифтә планк («МОРЕ» ада) ганы, ахәԥса шәаратә  чек  акциа амҩаԥгаразы идыргылаз апластикатә акәалаԥ иҭазыршәыз. Алахәҩы акәалаԥ иҭаиршәуа ачекқәа рхыԥхьаӡара ԥкӡам.

Акциаҿы аиааира згаз далкаахоит ԥхынгәымза  13  аҽны, асааҭ 12.00 рзы, Аҭынчра апроспект, 80 аҭыӡҭаҿы иҟоу АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҟны имҩаԥысраны иҟоуп агәырӷьаратә еиԥылараҿы аӡәгьы изымдыруа, ус иналасны  иаарԥыхьашәаз ачек алхрала. Аилахәыра АҞӘАФОН  ахаҭарнакцәа руаӡәк акциаҿы аиааира згаз зегьы аӡәаӡәала, дасу  рчекқәа рыҟны иарбоу аномерқәа рахь дасуа, аиааира шыргаз  азы адырра риҭоит. 

Аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭаразы агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥгахоит  2014 ш., ԥхынгәымза 14 аҽны, Аҭынчра апроспект, 80 аҟны зҭыӡҭа ыҟоу Амаҵзура Ҭыԥ аҟны. Акциа аан – аиааира згаз, аха агәырӷьаратә еиԥылараҿы иҟамыз, аҳамҭақәа  рырҭоит дара аиҿкааҩцәа Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра, Аҟәа, Гал ақалақьқәеи, аҳабла Цандрыԥшьи уҳәа рҿы иҟоу  абонентцәа Рмаҵзуратә  Ҭыԥқәа  рыҟны. Аиааира згаз  аҳамҭа иоурц  азы иара имазароуп   Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩратә паспорт.

Ацхырааразы амаҵзура  аҭел: +7 (940) 999 99 99.

 

1.   «Имшу абонент» захьӡу Акциа аԥҟарақәа.

«Имшу абонент» захьӡу Акциа (ԥхьаҟа – акциа) мҩаԥысуеит  адырга  ҷыда «АҞӘАФОН-GSM»  ала аус зуа, зҭыӡҭа еснагь Аԥсны Аҳәынҭқарра, 384900,  Аҟәа ақ., Гәымсҭатәи амҩа, 14 аҟны иҟоу ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» абонентцәа рмаҵзура  Ҭыԥқәа  зегьы рыҟны.

Акциа амҩаԥгаразы иаԥҵоу  аԥҟарақәа  аимадаратә маҵзуразы  ИАЕ «АҞӘАФОН- GSM» дареи аиқәшаҳаҭра  (ԥхьаҟа – Аиқәшаҳаҭра) зыбжьазҵаз ауааԥсыра (ԥхьаҟа- абонентцәа) ирзынархоу  офертоуп (ԥхьаҟа – оферта)  Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә кодекс  424  ахәҭаҷ инақәыршәаны.

Арҭ аԥҟарақәа рҿы ахархәара змоу атерминқәа Аиқәшаҳаҭраҿы ахархәара змоу атерминқәа ирықәшәоит, даҽа ҭагылазаашьак ари аԥҟараҟны иарбамзар.

      2.  Акциа аиҿкаара

2.1. Акциа еиҿнакааит ИАЕ  «АҞӘАФОН-GSM» (ԥхьаҟа – Аиҿкааҩ), уи аҭыӡҭа ыҟоуп: Аԥсны Аҳәынҭқарра, 384900, Аҟәа  ақ., Гәымсҭатәи амҩа, 14 аҟны.

2.2. Ари амаҵзура лотереиа ырхәмарраӡам, мамзаргьы  азарал  зцу хәмарра лахҿыхраӡам.

 2.3. Акциа иахаабалак аамҭаказы имҩаԥысуеит.

2.4. Акциа аҳәаа иҭагӡаны идырхәмаруеит 11 ҳамҭа.

      3. Акциа Алахәылацәа

3.1. Акциа ахалархәра рылшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, 18 шықәса зхыҵыз Аоператор Абонентцәа (ԥхьаҟа – Ахархәаҩцәа, мамзаргьы  абонентцәа)  зегьы.

3.2. Акциа ахалархәра азин рымаӡам амаҵзура аусзуҩцәа, урҭ рҭаацәара иатәу зегьы, иара убас  Аиҿкааҩцәа рхаҭарнакцәагьы.

3.3. Аԥҟарақәа ирықәымныҟәо зегьы, мамзаргьы  ахәҭаҷқәа  2.1., 2.2 рыҟны иарбоу  аԥҟарақәа еилазгаз Акциа аҟнытә иалырцоит.

        4. Аҳамҭақәа рзы афонд

 4.1. Акциазы  иаԥҵоу аҳамҭатә фонд  аҿы иҟоуп  iPad Air 16 Gb иатәу апланшетқәа 11.

        5. Акциа амҩаԥгаразы аԥҟарақәа.

5.1. Акциа ахалархәразы иазгәаҭоу аԥҟарақәа:

5.1.1. Акциа ахалархәразы Абонент иааихәароуп  ахәхшәааратә план («Море» ада), мамзаргьы Абонентцәа Рмаҵзура  Ҭыԥқәа  руак аҿы ихыԥхьаӡаларатә баланс 100 (шәкы) мааҭк, ма инеиҳангьы иалеигалар ауп.

5.1.2. Ахәԥса анишәалак ашьҭахь  Абонент ахәхшәааратә план шигаз, мамзаргьы аԥара ибаланс ишахиԥхьаӡалаз  азы шаҳаҭра зуа ичек ҭаиршәуеит абонентцәа Рмаҵзура  Ҭыԥқәа  зегьы рыҟны  иманшәалоу ҭыԥк аҿы идыргылаз акәалаԥ.

5.2. Акциа аусура аԥҟара:

5.2.1. Акәалаԥ ачек ҭазыршәыз Абонент (ԥхьаҟа – Алахәҩы)  иаразнак Акциа далахәхоит.

5.2.2.  Акциа ианалаго арыцхә – 01.07.2014 ш.

5.2.3. Акциа ианалго арыцхә  – 11.07.2014 ш.

       6. Акциаҿы  Аиааира згаз ралкааразы Аԥҟарақәа

6.1. Акциазы идыргылаз акәалаԥ аҿы ахәхшәааратә план агареи, мамзаргьы ахыԥхьаӡаларатә баланс ахарҭәаареи рзы шаҳаҭра зуа ачек ҭазыршәыз зегьы иаразнак Акциа Алахәыҩцәа ракәхоит. Акциа Алахәҩы акәалаԥ  иҭаиршәуа ачекқәа рхыԥхьаӡара ԥкӡам.  

6.2. Акциаҿы аиааира згаз алыркаауеит Аҟәа  ақ., Аҭынчра апроспект, 80 аҟны иҟоу  Амаҵзура Ҭыԥ аҿы, 13.07.2014ш., аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 12:00 рзы.

6.3. Аиааира згаз далкаахоит Аиҿкааҩцәа абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы Акциа амҩаԥгаразы идыргылаз акәалаԥ аҟнытә ирзымдыруа аӡәы ичек иҩаханы аҭыгарала.

 6.4 Абоненттә номерк знык еиҳаны архәмарра ҟалаӡом.  

        7. Аҳамҭақәа ршара аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи

7.1. Акциаҿы аиааира згаз Алахәыҩцәа адырра рырҭоит иара Аиҿкааҩцәа Акциазы идыргылаз акәалаԥ аҟнытә иҩаханы иҭыргаз ирзымдыруа аӡәы ичек аҟны иарбоу абоненттә номер ахь аҭел асрала.

7.2. Аиааира згаз  аҳамҭа игарц азы  Аиҿкааҩцәа ирыдигалар ауп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ ипаспорт.

7.3. Акциаҿы аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭаразы агәырӷьаратә  еиԥылара ҟалоит  15.07.2014 ш., аҭыԥантәи аамҭала  15:00 сааҭ рзы, Аҭынчра апроспект, 80 аҟны иҟоу Амаҵзура Ҭыԥ аҿы. 

7.4. Акциаҿы аиааира згаз, аха Агәырӷьаратә еилатәараҿы иҟамыз  Аҳамҭақәа рырҭоит иара Аиҿкааҩцәа абонентцәа  Рмаҵзура Ҭыԥқәа  абарҭ рҿы: 

  • Пицунда ақ. аҟны  – зҭыӡҭа Гыцба имҩа, 4 аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш., ԥхынгәымза 16 рзы.
  • Тҟәарчал  ақ.  аҟны – зҭыӡҭа  Шовгенов имҩаду  (аџьармыкьа иахьаҵанакуа) аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш.,.ԥхынгәымза 1 рзы.
  • Гәдоуҭа  ақ. аҟны -  зҭыӡҭа  Афырхацәа рымҩаду, 9 аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш., ԥхынгәымза 16 рзы.
  • Очамчыра ақ.  аҟны – зҭыӡҭа  Шьынқәба имҩа (ашҭа хада) аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш. ԥхынгәымза 16 рзы.
  • Гал ақ. Аҟны –  зҭыӡҭа Самырзаҟантәи амҩа, 92а аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш. ԥхынгәымза 16 рзы.
  • Аҟәа ақ. аҟны –   зҭыӡҭа  Аҭынчра апроспект, 80 аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш. ԥхынгәымза 16 рзы.
  • Аҟәа ақ. аҟны – зҭыӡҭа Агрба имҩа, 9  аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш. ԥхынгәымза 16 рзы.
  • Аҟәа ақ. Аҟны – зҭыӡҭа  Ақырҭаа имҩа, 9 аҟны иҟоу абонентцәа  Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш. ԥхынгәымза 16 рзы.
  • Аҟәа ақ. аҟны – зҭыӡҭа Ешба имҩа, 166 аҟны иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы, 2014ш. ԥхынгәымза 16 рзы.
  • аҳабла Цандрыԥшь аҟны  – зҭыӡҭа Аҳәаа иаду ААП «Ԥсоу» аҟны иҟоу автостанциа адгьылҵакыраҿы иҟоу абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ аҿы.

 6.5. Аиҿкааҩцәа рхахьы иргоит Акциа иалахәыз Абонентцәа ргәынамӡарақәеи ирызцәырҵуа азҵаарақәеи рыдкылара, реилыргара  аус амаҵзура аҭел абри аномер  +7 (940) 999 99 99 ахь  асра  ахархәарала.

        8. Егьырҭ аԥҟарақәа

8.1. Акциа Алахәҩы ахәхшәааратә план шигази, мамзаргьы ахыԥхьаӡаларатә баланс шхаирҭәаази рзы шаҳаҭра зуа ачек Акциазы абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥқәа  зегьы рыҟны идыргылаз акәалаԥ аҭаршәра ала Акциа Аԥҟарақәа зегьы дышрықәшаҳаҭу шьақәирӷәӷәоит,  18 шықәса шихыҵызгьы,  Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ шиакәугьы  ҳәаақәиҵоит, насгьы Аоператори иареи Аиқәшаҳаҭра ирыбжьарҵаз ала аимадара амаҵзура абонент иакәхоит, арҭ Аԥҟарақәа ахьарбоу   3-тәи Ахы  аҟны иазгәаҭоу Алахәҩы изы егьырҭ аҟазшьарбақәагьы иара иахь ииасуеит.

8.2. Арҭ Аԥҟарақәа азинмчра  роуеит  асаит http://aquafon.com  аҟны ишааҭаргалалак еиԥшцәҟьа, ахархәарагьы рымазаауеит дара Аиҿкааҩцәа иара рыԥсахаанӡа, мамзаргьы аусура ааныркылаанӡа.

8.3. Акциа аԥҟарақәа рыдкыло Ахархәаҩцәа ақәшаҳаҭхоит Акциа  иатәу SMS/[USSD]  аацҳамҭақәа ахӡыргараҿы рхы иадырхәарц азы азин аиура.

8.4. Аиҿкааҩ  аҭакԥхықәра идӡам:

- Акциа ахархәаҩцәа Амаҵзура асаит http://aquafon.com  аҟны иҟоу адыррақәа роуратәы аҟаҵаразы;

-  арҭ Аԥҟаԥҵәақәа рҿы иарбоу аҭакԥхықәрақәа Акциа  ахархәаҩцәа ахьырзынамыгӡаз  (ианаамҭоу  анамыгӡара) азы.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша