23-04-2014

Очамчыра иаатит АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ

news_name

Очамчыра иаатит АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзура Ҭыԥ

Аклиентцәа рзы амаҵзура аиӷьтәра иазку апрограмма  иҭагӡаны Аилахәыра  АҞӘАФОН иаанартит ажәабатәи абонентцәа Рмаҵзура  Ҭыԥ.

Мшаԥымза  22 аҽны Очамчыра ақалақь агәҭа, ақалақь ахадара ахыбра аҿаԥхьа иҟьаҟьаӡа ашәқәа аатит АҞӘАФОН Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц  иахьатәи абонентцәеи  ԥхьаҟа уи амаҵзура зхы иазырхәарц зҭаххашеи рзы.

Аилахәыра еснагь иазҿлымҳауп абонентцәа рымаҵ аура аманшәалареи аиӷьтәреи. Убри аҟнытә Амаҵзура Ҭыԥ Очамчыра аргыларазы  аҭыԥ  аналырхуаз  АҞӘАФОН аҿы ирҭахын уи аҭыӡҭа ҭыԥ ақалақь иатәу арионқәа зегьы рыҟны инхо абонентцәа рзы иманшәаланы иҟаларц.

Ари нахыс Очамчыраа ирылшоит Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц аҩныҵҟа АҞӘАФОН амаҵзура ахкқәа зегьы рзы аконсультациақәа раиура. Аусзуҩцәа азыхиоуп иарбан ҭагылазаашьа уадаҩзаалак азы ацхыраара аҟаҵара - амобилтә Интернет аҿакра,  амаҵзура хыхьқәа рынагӡара, дасу еиҳа изыманшәалоу ахәхшәаартә план изалхра. Иара убас, Очамчыра ақ. аҟны инхо АҞӘАФОН абонентцәа уажәшьҭа алшара рымазаауеит   Амаҵзура Ҭыԥ аҟны  «АҞӘА-бонус» апрограммала ироуа абонустә баллқәа асувенирқәа рыла аԥсахра.

Иара убас, ари аартра ҿыц иҟалаз ахьӡала Амаҵзура Ҭыԥ аҟны Мшаԥымза  22 инаркны 30-нӡа зыҽҭазҩыз абонентцәа Аԥсны Раԥхьаӡатәи амобилтә оператор аҟынтә аҳамҭақәа роуеит.

Очамчыра ақ. аҟны АҞӘАФОН раԥхьатәи Амаҵзура Ҭыԥ аартра аҽны ауаа рацәаҩны еизеит. Еизаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан ақалақь Ахадареи егьырҭ аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа. Адныҳәалара ашьҭахь, ацаха ҟаԥшь аихҵәарала иаартын Очамчыратәи Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц, уи ашьҭахь Аилахәыра  аусзуҩцәа асасцәа зегьы нарыԥхьеит афуршет ахь. Анаҩс, Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц аусзуҩцәа рус напы адыркит, раԥхьатәи аклиентцәа рыдкылара иалагеит.

Амаҵзура Ҭыԥ ҿыцқәа раартра Аилахәыра абонентцәеи дареи акырӡа еизааигәанатәуеит. АҞӘАФОН Амаҵзура Ҭыԥ ҿыцқәа рыҟны Аилахәыра асервис комплектқәа зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Амаҵзура аус ишахәҭоу еиԥш азнеира, аусзуҩцәа рпрофессионалтә зыҟаҵара, аусура аамҭа аманшәалара, аҭыӡҭа ҭыԥ, иара убас иахьатәи аамҭа иақәшәо аусура аиҿкаара аформақәа  иҟарҵеит  АҞӘАФОН Амаҵзура Ҭыԥ зегьы ираԥнаго.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша