15-07-2016

АҞӘАФОН АМШИРА!

news_name

АҞӘАФОН АМШИРА!

Акыр иаҧсоу абонентцәа, иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит,  абар уажәшьҭа 13 шықәса ҳара шәахьҳацҟоу азы!

Ҳара ҳаихьӡарақәа зегьы зыбзоуроу шәара шәоуп, урҭ ззыҟаҳҵогьы шәара шәзоуп!  Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп хықәкыла  ҳмобилтә Хеидкыла алызхыз, ҳагәра ганы змобилтә еиҿцәажәара ҳнапы ианызҵаз АҞӘАФОН абонентцәа зегьы! Хаҭа-хаҭала шәызегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит! 

Акыр иаҧсоу ҳабонентцәа, абри амш азы:

1. АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Центрқәа зегьы рҿы –Аинтернет-трафик 500МБ рҟынӡа хәыда-ҧсадалатәи асертификат.

Шәыццакы! Ажәалагала аамҭалоуп ишыҟоу!

 2. Узырцыхцыхуа ахәылҧаз “АЦӘҚӘЫРҦА” ашҭаҿы!

Шәара ишәзыҧшуп хашҭра зқәым ахәылҧази  шәҩызцәа бзиақәа рҧылареи:

  • Илашоу, акы иаламҩашьо, аҿартә  кавер-гәыҧ «TROUBLEMAKERS»
  • Ҳаамҭазы имодоу асешн-гәыҧ «АЗАМАҬ»
  • Ахәыҷтәы естрадатә театр  «КАДАНС»
  • Аҧсуа репер қәыҧш  Janil Natas
  • Насгьы ихадоу - PARTY адунеи аҿы иреиҕьу аклубқәа руак арезидент иҟнытә  «SOHO ROOMS» DJ AG (Аслан Гулиа). 

3. Акциа “Анырра лашақәа АҞӘАФОН уацны” аҟны аиааира згаз асертификатқәа рыҭара.

Абарҭқәа зегьы иахьа шәара шәзоуп изыҟоу! Шәымҩахыҵ, шәҽалашәырхә аныҳәа АҞӘАФОН АЦӘҚӘЫРҦА аҟны!

19:30 – асасцәа реизара,

20:00-  аныҳәатә программа алагамҭа