03-06-2016

АҞӘАФОН еиҕьнатәуеит Урыстәылаҿ ароуминг аҭагылазаашьа

news_name

АҞӘАФОН еиҕьнатәуеит  Урыстәылаҿ ароуминг аҭагылазаашьа

Ҳаамҭазы амобилтә еимадара аоператорцәа уи ахархәаҩцәа ирырҭоит зеиҕьыҟам ала инарҭбаау алшарақәа. Убарҭ иреиуоуп Ароуминг.  Ари амаҵзура  ҵакыс иамоу абонент даҽа тәылак аҿы даныҟоу “аҩнтәи” иоператор имаҵзура дахьыҟоу атәыла аҵакырадгьыл аҿы  ахархәара азиуртә еиҧш алшара иҭара ауп.

 Ароуминг иамоуп лабҿаба абонент дзырманшәало аҷыдара – уи дахьыҟоу атәылаҿы SIM- карта аахәара иқәшәаӡом, ус анакәха, иаҭаххаӡом иномер аҧсахра, насгьы уи шыиҧсахыз ала изасырц зылшо зегьы рзыцҳара!

Уажәшьҭа шықәсқәак раахыс иеиҧмырҟьаӡакәа  АҞӘАФОН  ахархәаҩцәа ирнаҭоит “Урыстәылан Ароуминг” захьӡу   амаҵзура. Уи асервис аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор абонентцәа рзы иалыршоуп Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл аҟны аоператор “МЕГАФОН” аҳаҿыбжьтәыла аимадареи, SMS-дырраҭара  аиуреи ашьҭреи.

Лаҵара 1 инаркны АҞӘАФОН абонентцәа рзы амаҵзура “Урыстәылан Ароуминг” еиҳагьы иманшәаланы, еиҕьны еиҿкаахеит! Бжьтәыла аимадара амаҵзурақәа рыхәҧсақәа иаагәоуҭартә еиҧш еиҵартәит, аха алшарақәа рырҭбаара хадаратәла изыдҳәалоу  ароуминг аҿы “Амобилтә интернет” амаҵзура аусура ахьалыршахаз ауп! Уажәшьҭа  АҞӘАФОН абонентцәа  ирылшоит  Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны “МЕГАФОН” аҳаҿы МБ Аинтернет-трафик 1 азы 7 мааҭк ҳәа зырласра ҳараку адырраҭарақәа рмаҵзура адкылара. 

Иахьазы АҞӘАФОН Аҧсны амобилтә еимадара аоператорцәа рҟнытә ираҧхьатәиу, насгьы макьана иакзаҵәыку операторуп ароуминг аҿы “Амобилтә Интернет”зыхьӡу амаҵзура абонентцәа ирызҭо. Ҳара уи шьаҿа-шьаҿа, ҳабонентцәа рҭагылазаашьа арманшәаларазы,  иазҧхьагәаҭаны ҳаззааиуаз, ииашаҵәҟьоу еихьӡара дууп. Аоператор “МегаФОН” аҳаҿы АҞӘАФОН  абонентцәа ирыҭоу  амаҵзура “Урыстәылан Ароуминг” ажәытәтәии аҿатәтәии аҭагылазаашьақәа реиҿырҧшратә ҟазшьарбагақәа:

 

Ажәытәтәи аҭагылазаашьақәа

Аҿатәтәи аҭагылазаашьақәа

Иалало ааҧхьарақәа

15 мааҭ

Иалало ааҧхьарақәа

7 мааҭк

 Аҧсныҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

15 мааҭ

Аҧсныҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

    7 мааҭк

Урыстәылаҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

9,5 мааҭк

Урыстәылаҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

7 мааҭк

Иалало  SMS

0  мааҭ

Иалало  SMS

мааҭ

Иалҵуа  SMS

3 мааҭк

Иалҵуа SMS

   3 мааҭк

Амобилтә Интернет     (1 МБ)

иҟаӡамызт

Амобилтә Интернет(1 МБ)

7 мааҭк

MMS

иҟаӡамызт

MMS

мааҭк

Амаҵзура аҿакразы ашәхымс

200,01 мааҭ

Амаҵзура аҿакразы ашәхымс

200,01 мааҭ

Амаҵзура аҿыхразы ашәхымс

   200 мааҭ

Амаҵзура аҿыхразы ашәхымс

         200,01 мааҭ  

 

Ҧсахра ақәымкәа ишыҟаз иаанхеит амаҵзура аҿакышьа:

  •  USSD-акоманда алхрала: *160*01#
  •  www.aquafon.com асаит аҿы “Ахамаҵуратә система” ала
  • «AQUAFON амаҵзура» зыхьӡу амобилтә ҧшьы ацхыраарала.

 

Уажәшьҭарнахыс АҞӘАФОН абонентцәа ирылшоит Урыстәыла аҩныҵҟа  еиҳагьы комфортла аҟазаара. Урҭ ирылшоит аимадараҿы ирымоу аномер еиқәырханы, иҿыцу,  феида злоу ҭагылазаашьала аҭел асра, ааҧхьарақәа рыдкылара, иара убасгьы активла  Аинтернет ахархәара: аусуратә шәҟәеимдарақәа рымҩаҧгара, аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа рдырра, афаилқәа реиҭныҧсахлара.   

 “АҞӘАФОН-GSM” адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша