27-07-2016

АҞӘАФОН АЦӘҚӘЫРҦА АҞНЫ АХӘЫЛҦАЗ AQUAFONLIVE!

news_name

АҞӘАФОН АЦӘҚӘЫРҦА АҞНЫ АХӘЫЛҦАЗ  AQUAFONLIVE!

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН 13 шықәса ахыҵит! 

Традициала ишаҧу еиҧш иара Амшира аҽны АҞӘАФОН абонентцәа ирзеиҿнакаауеит аныҳәа.

Ари амш азы АЦӘҚӘЫРҦА аҟны ихыртлан акәашаратә шҭа ду. Ахәылҧаз хацыркын зегь реиҳа ихадаз – асасцәа қәыҧшцәа рныҳәа ала. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ирзыҧшын амшынтә стиль ала ирхиаз афотозона,  хәыда-ҧсадала афотосессиа, аӡтәы грим, иара убас илахҿыху аниматорцәа рҟнытә агәырлах-ҿыхгатә программа!

Амузикатә хәҭа аадыртит ахәылҧаз амҩаҧгаҩцәа – АҞӘАФОН асоциалтә проектқәа рменеџьер  Асҭан Барцыци агәыҧ АЗАМАҬ алахәҩы Абзагә Марыхәбеи. Ахәылҧаз асасцәа ирыдгалан амузыкатә трекқәа -  имодоу асешн-гәыҧ “АЗАМАҬ”, ахәыҷтәы естрадатә театр “КАДАНС”, иара убасгьы 2016 шықәсазы аҧхынтә хит Аҟәа назыгӡаз,  аҧеиҧш бзиа змоу аҧсуа репер ҿа Janil Natas (Асҭан Аџьынџьал). Уи ари  ашәа ала иаарласны аклип ҭижьраны дыҟоуп.

Хымҧада, аныҳәатә программаҿы амца азыркыз, ахәылҧаз зегьы еилазыршыз хәҭакны иҟалеит ииашаҵәҟьоу апатимеикерцәа – илашоу, даҽакы иузадымкыло акавер-гәыҧ TROUBLEMAKERS рықәгылара. Урҭ инарыгӡон еиуеиҧшым амузыкатә хырхарҭақәа рҟнытә акомпозициақәа. Иарбан ашәазаалак, TRBLMKRS анагӡарала ираҳауаз,  азыӡырҩцәа ирыдыркылон еиҭаҳәашьа змам гәырҕьарала, уаҩы ихаҿы изаамго аемоциақәа аарҧшны!  

Ари Аҧсны  раҧхьатәи мҽхакы ҭбаала инагӡо қәгылароуп агәыҧ TROUBLEMAKERS азы, убри азы урҭ рхаҭақәагьы шыхнахыз ҩашьомызт ас еиҧш гәаартыла, лах-ҿыхрала  иахьрыдыркылаз AQUAFONLIVE ахәылҧаз асасцәа!

Акавер-гәыҧ ақәгылара ашьҭахь аҧхын лаша аҳауа зҩыда аҧырҵон Урыстәыла иреиҕьу аклуб арезидент Soho Rooms DJ A.G. (Aslan Gulia) икәашаратә трекқәа.

Ари ахәылҧаз АҞӘАФОН асасцәа ирызнархиаз агәырҕьаратә қәгыларақәеи аемоциа ссирқәеи рымацара ракәӡам. Араҟа имҩаҧысит акциа “Анырра лашақәа АҞӘАФОН уацны” аҿы аиааира згаз асертификатқәа рыҭара. Уи роуит: Есма Шьенгьелиа (@esma.di), Иулиа Инаҧшьба(@13yuliya), Валериа Самохина (@our_abkhazia),  Беслан Нанба (@bes_lann), Иана Келехсаева (@yana_kelekhsaeva) !!! 

Ахәылҧаз хыркәшан Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор агимн анагӡареи, ҧшшәы рацәала еилаз афеиерверк ҧшӡеи, асасцәа акыраамҭа еихымсыҕьуаз рнапеинҟьабжьқәеи рыла!

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша