28-07-2016

Атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рцәаҳәа арҿыцра

Атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы”  рцәаҳәа арҿыцра

2016 шықәса, ҧхынгәы 28 инаркны рцәаҳәатә ҭагылазаашьа еиҕьтәуп атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы”.

Атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы” - зегьы иреиҕьу вариантуп ирацәаны ицәажәо, асалам  шәҟәқәа еимыздо, Аинтернет активла зхы иазырхәо абонентцәа рзы!

Атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы” ахадаратә ҧҟаррақәа рҽырыҧсахӡом – абонент имазаауеит злимит ҧкым аҭел асрақәа АҞӘАФОН аҳа аҩныҵҟа, иара убас Аҧсны ақалақьтә номерқәа рышҟа, ҳәаа змам хыҧхьаӡарала  SMS-дырраҭарақәа, зҳәаа ҧкым Аинтернет, убасгьы  шәагала еиуеиҧшым аминуҭқәа рпакетқәа  Аҧсны егьи амобилтә оператор ишҟа.

Атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы” иалагалахоит аҧсахрақәа:

1.Абоненттә хәҧса ҳарамкӡакәа, атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы М” иара убас “Еснагь аимадараҿы L” рҟны   жәларбжьаратәи ахырхарҭақәа  рышҟа  50 минуҭ ацҵахоит.

2.Есымзатәи Аинтернет-пакет анынҵәалак ашьҭахь, злимит ҧкым Аинтернет арласра  ҩынтә иазырҳахоит – секундк 128 кбит рҟынӡа.  Уажәшьҭарнахыс еиҳагьы иманшәалахоит  Аинтернет-мессенџьерқәа рхархәара (WhatsApp, Viber, Facebook Messenger уҳәа егь.) 

3.Рыхә иагырхоуп атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” ацәаҳәа зегьы аҟны ихарҭәаау апакетқәа “Жәларбжьаратәи аҭел асрақәа”