15-05-2018

Амузыкатә проект «АСАРКЬАЛ» аҭыхрақәа.

Амузыка – ауаа ирҿахәҳәагоуп. Аҧсуа милаҭтә музыка – ари гәалаҟазаароуп, гәыкала иаарҧшу емоциақәоуп, гәырхыҭхыҭгоуп. Иахьа ҳара лассы-лассы аҳәаанырцәтәи амузыка ҳазыӡырҩуеит, аха зны-зынла ҳхатәы ашәақәа ҳхашҭуеит.

Аҧсуа милаҭтә музыкатә культура заҟа ганрацәала еибарку дырҩегьых  зегьы дырбаразы, АҞӘАФОНИ, уи  акыршықәса раахыс ҩызцәас иамоу, абжьҭаҩратә студиа «AMA RECORDS» аҟнытә амузыкарҳәаҩцәа Анри Гәымбеи, Алхаси Алмасхани Марколиааи, Ҭемыр Агрбеи, Ҭемыр Нарманиеи 2016 шықәсазы  еицхацдыркит апроект “АСАРКЬАЛ”.  Уи апроект иалҵшәахараны иҟоуп ҳаамҭазтәи аус рыдуларала, жәлартә композициақәа: «Салуман ахаҵа», «Ажәеиҧшьаа рашәа», «Кавказ», «Аҧсуара», «Нарҭаа рышьҭыбжь», «Аҽцәа рашәа», «Бааигәара саннеиуа», «Аҿырпын», «Аураашьа», «Аркәашага» раҧҵара.

Апроект иалҵшәаны Жәлар рмузыка иҿыцны ицәыргахоит. “АСАРКЬАЛ” анапхгаҩы  Анри Гәымба ишазгәаиҭо ала, апроект хықәкыс иамоуп жәлартә композициақәа иҿыцны рыркцара, урҭ аҿар азҿлымҳахо, ҳаамҭазтәи акультуратә ӡырҩаш иаламӡыртә еиҧш рыҟаҵара. Аҧхьатәи акомпозициақәа 5 ӡыргахоит Афон Ҿыц Анаҟәаҧиа аҳаракыраҿы имҩаҧысраны иҟоу зымҽхак дуу атеатртә қәгылара аҳәаақәа ирҭагӡаны!

Апроект “Асаркьал” иадыҧхьалоуп аҧсуа культура аеҵәақәа – аколлектив “Ахьышьҭра”, ансамбль “Анаҟәаҧиа”, Кьасоу Ҳагба, Баҭал Џьапуа, Гоча Агәмаа, Хьыбла Мықәҧҳа, Дыжын Чуреи, Софиа Кисиакова.

 «Ҳара иаҳҭахуп ари апроект иадаҳгаларц жәлар ринструментқәа рҿы ихәмаруа амузыкарҳәаҩцәа ҿарацәа, - ҳәа азгәеиҭоит Анри Гәымба, - апроект хықәкыс иамоуп аҧсуа жәлар рашәақәеи рмелодиақәеи аларҵәара рзура, ҳҽазаҳшәоит  урҭ ҳаамҭа иазышьашәало аус адуланы рцәыргарала, аҿар аоригинал ахаҭа аинтерес дыркра”.

Анри Гәымба иазгәеиҭеит адунеи аҿы инарҭбааны аҧышәа шамоу ажәлар ркомпозициақәа аамҭа иашьашәало аус адуланы рцәыргара. Амаӡақәа зегь раартра даламгакәа, амузыкарҳәаҩы еиҭеиҳәеит аус здырулаз ашәақәак зынӡа иҿыцу абжьы шырхалаз, аха иҟоуп еиҳа ишклассикатәу иаанхақәазгьы. Ҳара иаҳҭахуп аҿар ирдыруазарц, изакәытә беиароу ажәлар рашәақәа ирыҵоу, изакәытә беиароу иҳамоу!

Лаҵара 21 рзы Афон Ҿыц Анаҟәаҧиа ашьхаҿы имҩаҧысуеит апроект “АСАРКЬАЛ” ателехәаҧшратә версиа аҭыхрақәа. Аҭыхрақәа рҭыҧи арыцхәи машәырла иалхымызт. Лаҵара 21 азы Аҧсны, Кавказ зегьы аҿы еиҧш, лахьеиқәҵарала иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иахәхаз, Кавказтәи ашьхаруаа жәларқәа рыҧсадгьыл мчыла рықәцара амш.  Ателеҭыхымҭақәа мҩаҧган Аҧсуа аҳра ажәытәтәи аҳҭны қалақь Анаҟәаҧиа!  Апроект “Асаркьал” азкуп 1992-1993 шш. рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҿы Аиааира 25 шықәса ахыҵра

Апроект “АСАРКЬАЛ” аҭыхрақәа шымҩаҧысуа апроцесс  абара шәылшоит INSTAGRAM аҿы @aquafon4g  аофициалтә даҟьа аҟны ишиашо ицо аефир ала.

 «АҞӘАФОН-GSM» адәахьтәи аимадарақәа рыҟәша