Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ»

Жьырныҳәа 11, 2017 шықәса инаркны АҞӘАФОН абонентцәа алшара рымоуп иҿыцу аопциа «СУПЕР РОУМИНГ» ахархәара.

11-01-2017 г.
КЬАРАЗ

Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара “КЬАРАЗ” акциа “АССИР ҲАМҬАС” хыркәшан ҧхынҷкәын 26 рзы.

29-12-2016 г.
Ашьапықәыргыларатә центр

Уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит АҞӘАФОН ацхыраара азыҟанаҵоижьҭеи зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра иатәу Ашьапықәыргыларатә центр.

28-12-2016 г.
Амузыкатә проект «Сара сашәа» агала-концерт

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала имҩаҧысит амузыкатә проект “Сара сашәа” ахҧатәи агала-концерт.

27-12-2016 г.
Ахәыҷтәы шәҟәы “Аҭоурых қьиақәа” аӡыргара

Ҧхынҷкәын 23 2016 шықәсазы Ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ “Аинар” азал лашаҿы имҩаҧысит ахәыҷтәы шәҟәы “Аҭоурых қьиақәа” аӡыргара.

23-12-2016 г.
АҞӘАФОН: 2016 шықәсазтәи ақәҿиарақәеи ахҭысқәеи!

АКӘАФОН – абонентцәа рхыҧхьаӡареи аҳәынҭқарра иаланагало ашәахтәқәеи рыла, Аҧсны зегьы иреиҳау мобилтә еимадароуп.

22-12-2016 г.
АҞӘАФОН абзоурала имҩаҧгаз акциа «АССИР ӼАМҬАС».

Уажәшьҭа итрадициахеит Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара «КЬАРАЗ» аусура АҞӘАФОН аҽалархәра. Абар ҩышықәсоуп ари Аиҿкаара имҩаҧнагоижьҭеи Ашықәс Ҿыцазтәи акциа «АССИР ҲАМҬАС». Уи хықәкыс иамоуп зыбзазаратә лшара маҷу аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы Ашықәс Ҿыцазтәи агәаҳәарақәа рынагӡара.

16-12-2016 г.
АҞӘАФОН-и ААУ-и русеицура 10 шықәса ахыҵит.

Абар уажәшьҭа 10 шықәса ҵуеит АҞӘАФОН-и Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети аус еицыруеижьҭеи, 2006 шықәса, хәажәкырамза аахыс.

18-11-2016 г.
Очамчыратәи ашкол-аинтернат аҵаҩцәа аҭааит ацәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”

Абҵара 16 рзы АҞӘАФОН иҟанаҵаз ацхыраарала, АУЕ “Кьараз” ахылаҧшра зырҭо Очамчыратәи ашкол-аинтернат аҵаҩцәа аҭааит ацәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”.

16-11-2016 г.
Афотоцәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл”

Абҵара 14 рзы АҞӘАФОН аспонсортә Хадарала, “Адрамтеатр Асклад” арт-ҭыҧ аҿы имҩаҧысит ацәыргақәҵа “Аҧсабара амаӡа ҧсы адгьыл” аӡыргара.

15-11-2016 г.
Аклип «Sukhum» - Janil Natas аӡыргара

Абҵара 4, 2016 ш. рзы аресторан «Rinna» аҿы имҩаҧысит 2016 шықәсазтәи аҧхынразы ихитхаз авидеоклип – аҧсуа репер қәыҧш Janila Natas (Асҭан Аџьынџьал) инаигӡаз ашәа «Sukhum» аӡыргара иазкыз ахәылҧаз.

04-11-2016 г.
Амаҵзура “Агәрагаратә шәатәы абонентә хәҧса азы”

Жьҭаара 25, 2016ш. инаркны ахархәара аиуеит амаҵзура ҿыц “Агәрагаратә шәатәы абонентә хәҧса азы” атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рсериеи атарифтә план “Аицәажәареи” рабонентцәа рзы.

25-10-2016 г.
АҞӘАФОН еиҿнакааз 23 ш. Аиааира амш иазку аусмҩаҧгатәқәа.

Цәыббра 30 рзы ҳреспубликаҿы иазгәарҭеит Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааира аныҳәа.

07-10-2016 г.
Мықәашҭа имҩаҧысыз аҽырыҩра.

Цәыббра 30, 2016 шықәсазы Мықәашҭа имҩаҧысит уажәшьҭа итрадициоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазкны еиҿкаау аҽырыҩразы Аҧсны Ачемпионат.

30-09-2016 г.
АҞӘАФОН-и АУЕ “Кьараз”-и Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 23 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаҧыргаз асоциалтә акциақәа.

Сынтәа АҞӘАФОН-и АУЕ “Кьараз”-и еицымҩаҧыргеит Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа рҿы инхо ахшара рацәа змоу, зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу 22-ҩык аибашьра аветеранцәа хықәкыла рыцхыраара хырхарҭас измаз асоциалтә акциа.

29-09-2016 г.
Асамбо азы XIII Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”

Цәыббра 28 рзы Аҟәатәи аспорттә школа “Спартак” аҿы имҩаҧысит арҧарацәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара асамбо азы “Аиааира акубок” зыхьӡу XIII Жәларбжьаратәи атурнир аартра.

28-09-2016 г.
Ақалақь Очамчыра Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхра

Цәыббра 28, 2016ш. рзы Очамчыра ақалақь уахьалало аҭыҧ аҿы ишьақәыргылан Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ.

28-09-2016 г.
Афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» аӡыргара

Цәыббра 27, 18:00 сааҭ рзы Амҳаџьыраа Рыгаҿа амҩаду ала, Аколоннада аҧхьа имҩаҧысуеит аибашьра аамҭазтәи акрызҵазкуа ахҭысқәа згәылалаз амузыкатә фильм апремиера дырбара.

27-09-2016 г.
Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы Ашьапы ақәыргыларатә центр афинанстә цхыраара азура.

Цәыббра 17, 2016 шықәсазы АҞӘАФОН иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, Аҧснытәи зылшара ҧку ахәыҷқәа Ршьапы ақәыргыларатә Центр аҿы ирхәышәтәуа ахәыҷқәа аҭааит Пицундатәи амшынҳәақәа рыҭра.

17-09-2016 г.
Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа ацхыраара азура.

АҞӘАФОН ҳтәыла амедицинатә усҳәарҭа зегьрыла ацхыраара аҭара аҽазнашәоит, избанзар зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара – абиҧара ргәабзиара шьақәзырҕәҕәо акакәны иҟоуп.

16-09-2016 г.
Аҟәатәи абжьаратәи 10-тәи Ашьхаруаа рышкол ацхыраара азыҟаҵара.

Аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы аилахәыра АҞӘАФОН 120 нызықь мааҭ рҟынӡа афинанстә цхыраара ҟанаҵеит ари аҵараиурҭа акабинетқәа (аклассқәа) руак аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгаразы

01-09-2016 г.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада икубок агаразы аҽырыҩра

Нанҳәа 27 2016 шықәсазы Бзыҧ ақыҭан иҟоу аипподром аҿы имҩаҧган “Аҧсны Ахада икубок” агаразы Аҩбатәи Жәларбжьаратәи аҽырыҩра.

27-08-2016 г.
Амаҵзура “Азеиҧш интернет”

”Есымша аимадараҿы” зыхьӡу атарифтә план асериа ацәаҳәаҿы ахархәаразы алшара ҟалеит иҿыцу, акырӡагьы иманшәалоу амаҵзура “Азеиҧш интернет”.

24-08-2016 г.
Ҧицунда ақалақь аҿы имҩаҧгаз агәыҳалалратә хәылҧазы.

Нанҳәа 22, 2016 ш. рзы АҞӘАФОН иҟанаҵаз аинформациатә спонсортә хадарала Ҧицундатәи ауахәама Аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы имҩаҧысит ичмазаҩу ахәыҷқәа рыцхырааразы аҧара аизгара хықәкыс иҟаҵаны, Ахҧатәи Есышықәсатәи Агәыҳалалратә хәылҧазы.

23-08-2016 г.
Инаркны ирҿыцуп атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рцәаҳәа аҧҟарақәа

Инаркны ирҿыцуп атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рцәаҳәа аҧҟарақәа – Аинтернет-трафик амҽхак иацҵоуп!

23-08-2016 г.
Аибашьра аветеран Т.Ж. Агәмаа ацхыраара иҭара

Ари аҭаацәа рҭоурых анеилыркаа, аилахәыра АҞӘАФОН аҿы ирыӡбеит афинанстә цхыраара рырҭарц. 134 нызықь мааҭ азалырхит аибашьра аветеран Агәмаа Т.Ж. иҩны аҽыкәабарҭатә уада аремонт азуразы.

22-08-2016 г.
Апроект «Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы» ахҧатәи аҟәша аҭыхрақәа

«Ҳара Ҳаруаа Реиҳабы» - ари зымҽхак ахәшьара уадаҩу, иуникалтәу проектуп. Уи хықәкы хадас имаоуп абиҧарақәа реимадара, урҭ рышьҭрамадара аииқәырхара.

21-08-2016 г.
Colors of Nation Амилаҭ аҧшшәы аҟнытә ацәыргақәҵа «АРТ-МОЗАИКА»

Нанҳәа 19, 2016 ш. ақ. Гагра Аколоннадаҿы Гагратәи араион ахадареи Аҧснытәи асоциалтә-культуратә хацыркрақәа Рфонди рыцхыраарала имҩаҧысит акоманда Colors of Nation Амилаҭ аҧшшәы еиҿнакааз раҧхьатәи ацәыргақәҵа “АРТ-МОЗАИКА”.

19-08-2016 г.
АКӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Центр!

Нанҳәа 12 рзы Ҧсоу Агәаҭара-аушьҭырҭатә пункт аҟны иаартын жәафтәи АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Центр.

15-08-2016 г.
Архәмарраҿы аиааира згаз АКӘАФОН аҟнытә iPhone 6s аҧхьахә ҳасабла иҭара!

Архәмарраҿы аиааира лгеит, iPhone 6s ланашьахеит Есма Шьенгьелиа-ҧҳа.

11-08-2016 г.
Аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт «Grand Opera Gala

Нанҳәамза 9, 2016 шықәса, асааҭ 20:00 рзы Аҧсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахацыркрала, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҧснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр алархәны, имҩаҧысраны иҟоуп аҧсуа оператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа аҩбатәи рконцерт «Grand Opera Gala».

10-08-2016 г.
Аҧшӡареи абаҩхатәреи рфестиваль “Аҧсны аҳкәажә 2016”, “Аҧсны мини-мисс 2016”.

Нанҳәа 8, 2016 шықәсазы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит аҧшӡареи абаҩхатәреи есышықәсатәи рфестиваль “Аҧсны аҳкәажә 2016”-и “Аҧсны мини-мисс 2016”-и. Афестиваль аиҿкааҩ – Акультуратә Фонд L-STAR. Аинформациатә партниор Хада – Аилахәыра АҞӘАФОН

09-08-2016 г.
АКӘАФОН атарифтә планқәа рҿы аҧсахрақәа

Инаркны атарифтә планқәа: АКВАТОРИЯ, Афырҭын, Онл@йнер рҟынӡа узнеиӡом аҿакреи аиасреи рзыҳәан, атарифтә план «Онлайн MAXI» акәзар, аиасра азы аҟынӡа узнеиӡом.

08-08-2016 г.
Фазиль Искандер игәалашәара иазку ахәылҧаз!

Нанҳәа 2, 2016 шықәсазы, Аҟәа Амҳаџьырқәа Рыҧшаҳәаҿы, Искандер ирҿиамҭақәа рфырхацәа Чики Никеи рскульптуратә фигурақәа рҟны АҞӘАФОНи Аҿар рполитика иазку Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Еилаки еицымҩаҧыргоит Фазиль Абдул-иҧа Искандер игәалашәара иазку Акциа “Ҳара ҳ-Фазиль”.

02-08-2016 г.
Атарифтә планқәа “Еснагь аимадараҿы” рцәаҳәа арҿыцра

2016 шықәса, ҧхынгәы 28 инаркны рцәаҳәатә ҭагылазаашьа еиҕьтәуп атарифтә планқәа рсериа “Еснагь аимадараҿы”

28-07-2016 г.
АҞӘАФОН АЦӘҚӘЫРҦА АҞНЫ АХӘЫЛҦАЗ AQUAFONLIVE!

Ҧхынгәы 15 рзы АҞӘАФОН 13 шықәса ахыҵит!

27-07-2016 г.
АҞӘАФОН АМШИРА!

Акыр иаҧсоу абонентцәа, иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, абар уажәшьҭа 13 шықәса ҳара шәахьҳацҟоу азы!

15-07-2016 г.
“АНЫРРА ЛАШАҚӘА АҞӘАФОН УАЦНЫ” зыхьӡу акциа алахәхаразы аҧҟаррақәа

“АНЫРРА ЛАШАҚӘА АҞӘАФОН УАЦНЫ” зыхьӡу акциа мҩаҧысуеит Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа рыҧшаҳәа, Аколоннада аҧхьа (акаҳуажәырҭа “Акоп иҿы” азааигәара) Ҧхынгәы 14, 2016 ш. Асааҭ 20:00 инаркны 22:00 рҟынӡа.

14-07-2016 г.
Агәыӡера аҳаблаҿы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Центр ҿыц аартра.

Рашәара 22 рзы Гәылрыҧшь араион, Агәыӡера аҳаблаҿы иаартын АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә центр.

22-06-2016 г.
АУЕ “Кьараз” аҳасабырбатә конференциа.

Лаҵара 9 рзы асасааирҭа “Атриум-Викториа” аконференц-зал аҿы имҩаҧысит Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” раҧхьатәи аҳасабырбатә конференциа.

10-06-2016 г.
АҞӘАФОН еиҕьнатәуеит Урыстәылаҿ ароуминг аҭагылазаашьа

Уажәшьҭарнахыс АҞӘАФОН абонентцәа ирылшоит Урыстәыла аҩныҵҟа еиҳагьы комфортла аҟазаара.

03-06-2016 г.
АҞӘАФОН аҟнытә ахәы3қәа рныҳәа Очамчыра ақалақь аҿы.

Рашәара 1 азы Акультура Ахан аҿы Раҧхьатәи амобилтә оператори Очамчыра ақалақь ахадареи еиҿыркааит хашҭшьа зқәым ахәыҷра аныҳәа.

03-06-2016 г.
Аиааира Ду 71 шықәса ахыҵит!

Лаҵара 9, 1945 шықәса – адунеи аҭоурых наунагӡа ианылаз рыцхәуп. Уи амш азы, москватәи аамҭала 0 сааҭи 43 минуҭи рзы иҟалеит адунеи акәакьқәа зегь рҿы инымҵәаӡоз акыр шықәса иззыҧшыз ахҭыс ду. Убасҟан еилгеит миллионла ауаа рхы зқәырҵаз, афашизм иаҿагыланы аибашьра.

10-05-2016 г.
IX-тәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «АҞӘАФОН-OPEN»

Абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир “АҞӘАФОН-OPEN” Аҧсны аҳҭны қалақь аҿы еизнагоижьҭеи ҳреспубликеи Алада Урыстәылеи рҟнытә иреиҕьу ашахмат асҩцәа.

25-04-2016 г.
АҞӘАФОН аҟнытә iPhone SE архәмарраҿы аҧхьахә згаз рыҭара

Акрааҵуеит АҞӘАФОН аҟны еихаҳауа иааргоижьҭеи атрадициа шьахә – аинтерес зҵоу аконкурсқәеи, акциақәеи, архәмаррақәеи рымҩаҧгара, иара убасгьы уи активла зхы алазырхәуа ралкаара.

22-04-2016 г.
Иҿыцу ахәхшәааратә планқәа рсериа “Есымша аимадараҿы”

АҞӘАФОН ишәыднагалоит иҿыцу ахәхшәааратә планқәа рсериа “Есымша аимадараҿы»

21-03-2016 г.
Хәажәкыра 8 рзы АҞӘАФОН есышықәса имҩаҧнаго акциа

Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымш – раҧхьаӡатәи ааҧынтәи ныҳәоуп. Ари амш есышықәса гәыхыҭхыҭрала иазнеиуеит АҞӘАФОН аҿы.

09-03-2016 г.
АҞӘАФОН иаланарҵәоит зхы иақәиҭу ақәҧаразы адунеи ачемпион Асланбек Гәарамиа исахьа зну абанерқәа

Сынтәа Раҧхьаӡатәи амобилтә оператор ақәҧаҩ ҿа даҽазныкгьы азҿлымҳара изыҟанаҵеит, ахатә ӡыргаратә қәыҧшыларақәа рҿы аспортсмен ифотосахьақәа ранҵарала.

26-02-2016 г.
Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” ахыркәшара

Жәабран 16 рзы аресторан “Ерцахә” аҿы имҩаҧган аконкурс “Ҩыџьа еинаало 2015-2016” аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара иазкыз аныҳәатә церемониа.

18-02-2016 г.
Бзиа еибабо Рымш иазкны имҩаҧгаз амузыкатә хәылҧазы

Жәабран 14 рзы аресторан “Ерцахә” аҿы имҩаҧысит ашықәсан зегь реиҳа аромантикатә цәа зхоу аныҳәа Бзиа еибабо Рымш иазкны амузыкатә хәылҧазы.

17-02-2016 г.