Аҿакразы адокументқәа

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Аиқәшаҳаҭра  абжьаҵаразы, АҞӘАФОН аимадара аҿакразы Шәара ишәыхәҭоуп абарҭ ашәҟәқәа рымазаара:

1.  Шәара –  ус хаҿызар

  • ауаҩы ихаҭара ҳәаақәызҵо ашәҟәы (апаспорт)

2.  Шәара – аиуристтә  хаҿызар

  • иахәҭоу ашәҟәқәа анапы аҵаҩразы азин аршаҳаҭга*;
  • ауаҩы ихаҭара ҳәаақәызҵо ашәҟәы (апаспорт)

 * Аиуристтә хаҿқәа  рыршаҳаҭга  ианызар ауп:

  • анаплакы ахьӡ;
  • Аршаҳаҭга зцу ахаҿы ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, итәылауаҩра ашәҟәы арбагақәа;
  •  иахәҭоу  ашәҟәқәа анапаҵаҩра азин;
  • Анаплакы  амҳәыр ҷыда ала ишьақәыряәяәоу анапхгаҩы инапынҵа;
  • аршаҳаҭга алҩаара  арыцхә.

 

Аиқәшаҳаҭра   ҩ-цыракны  иахәҭоу  аформа  ала ихарҭәаахоит, аганқәа рнапы аҵарыҩуеит. Цырак  Абонент ирҭоит. Аиқәшаҳаҭра  рыбжьарҵеит  ҳәа иԥхьа ӡоуп  Аганқәа  рнапы  ананырҵалак, ма Абонент аиқәшаҳаҭра  инапы анаҵаҩны, Аоператор  инапынҵа змоу ихаҭарнак ианиоулак. Ари  Аусԥҟа  Аиқәшаҳаҭра иузаҟәымҭӡо иахәҭа ауп.

        

Аиқәшаҳаҭра абарҭ адыррақәа агәылоуп:

  • аиқәшаҳаҭра абжьаҵара арыцхә, аҭыԥ;
  • Аоператор ихьӡ (афирма ахьӡ)
  • Аоператор иԥхьа ӡаратә хьӡы ахаҿырбагақәа;
  • Аоператор илицензиа арбагақәа;
  • абонент изы адыррақәа (ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, иира амш, инхарҭа, ишәҟәы хада арбагақәа, ихаҭара  ҳәаақәызҵо) – атәылауаҩ изы;  анаплакы ахьӡ (афирма ахьӡ), аҭыӡҭа –аиуристтә хаҿы изы;
  • А-SIM-карта аномер;
  • Аԥхьаӡара аиушьа;
  • Аганқәа рзинқәа, рхыдҵақәа, рҭакԥхықәрақәа.

 

 Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит аҽҳәара ԥкӡамкәа.