Ароуминг

Ароуминг

mobile

Контактный центр

+7 940 999 99 99

Аопциа «Иласу ароуминг»

Аопциа «Иласу ароуминг» хықәкыла изызку ианҭаргалоу, насгьы Мегафон аҳаҿы ианыҟоу  аамҭазы амаҵзура Мегафон Ароуминг зхы иазырхәо абонентцәа роуп.

Аопциа «Иласу ароуминг» рыҭара алыршахоит ахәхшәааратә планқәа зегьы рҿы, архивтәқәагьы уахь иналаҵаны, аха «Море», «Море Maxi», «Мега Хит» рҿы иҟоу ахәхшәааратә планқәа  уи аопциа роуӡом.

 

Азоужьра аԥҟарақәа:

Аопциа "Иласу ароуминг"   2 варианткны иҟоуп:

          аопциа                      ахарҭәаара              ахә

Иласу ароуминг 1        200мин*+4000Мб       600мааҭ

Иласу ароуминг 2        400мин*+8000Мб      1000мааҭ

                               

*Еилаԥсоу аминуҭқәа рпакет аҳәаақәа ирҭагӡаны, абонент иоуеит  Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни Аҳәынҭқарреи рыҩныҵҟа иалалои иалҵуеи аномерқәа рышҟа  ааԥхьарақәа рыҟаҵареи рыдкылареи рзы алшара. 

Аопциа «Иласу ароуминг» аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҟоу апакет аҿы абонент  атрафик нихзар, атарификациа мҩаԥысуеит азаҵәҭира ала, аопциа «Урыстәылатәи Афедерациаҿы ароуминг» ашьаҭатә ԥҟарақәа инарықәыршәаны.  

 

Абоненттә хәԥса аныхреи аопциа аусура аҿҳәареи.

Аопциа ахәԥса инеизакны ианыххоит  уи анаҿаркуа аамҭазы. 

Абонент аамҭакала ианырхуа атариф имазар, аха изҭоу аԥара ахьазымхо иахҟьаны, атариф азы абоненттә хәԥса рзанымхуазар, абонент изалыршаӡом аопциа «Иласу ароуминг» аус арура. 

Аопциа аусура ҿҳәарас иамоуп активтәра аназу нахыс  - 30 мшы, автомат ҳасабла иҿыцу аамҭа ашҟа ииамгакәа. 

Ари амаҵзура аусура даҽа 30 мшы аҟынӡа арҿыцразы, мамзаргьы иазыԥҵәоу аҿҳәара нҵәаанӡа апакет аҿы инхаз аныххазар, абонент  аопциа иҿыцны аус аируроуп. 

Аопциа  аҿҳәара анынҵәалак,  иныхымкәа апакетаҿы иаанхаз аԥарақәа зегьы аԥыххоит.  

 

 Аопциа аԥҟарақәеи аҿакышьеи.  

Аопциа «Иласу ароуминг» аҿаукыр ҟалоит аҩнытәи аҳаҿы еиԥш, ароуминг аҿгьы. Аха иаҿаукыз апакетқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, аминуҭқәеи МБ рхархәара ҟалоит Мегафон аҳа мацара аҿы (абонент Мегафон аҳаҿы дҭаҩзар). 

Абонент аҩнытәи аҳа даназыхынҳәлакь, аопциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имоу аминуҭқәеи МБ-и аамҭала иаанкылахоит, уи Мегафон аҳа анаҩстәи  иҽҭаҩра аҟынӡа.  

Абонент Мегафон аҳаҿы анаҩс иҽанҭаиҩуа аан аинтернет-трафики ааԥхьарақәеи ртарифркра алыршахоит уи заа иаҿеикыз, макьаназы зныхра дахьымӡацкәа иаанханы иҟаз апакетқәа рҟынтәи. 

 

Аопциа аҿакра алыршахоит:

  • Аҟ́́́әафон амобилтә гәылаҵа аҿы;
  • Абонентцәа рмаҵзуратә ҭыԥ аҟны, мамзаргьы Колл центр аҿы.

 

 Азгәаҭа

Аопциа «Иласу ароуминг» авариантқәа руак аҿакраан – аамҭакала иаҿакхоит  «Мегафон аҳаҿы Ароуминг» зыхьӡу амаҵзура (уи уаанӡа иаҿакымзар). 

 

Абонент аопциа ихазы изаҿакӡом, уи:

  • Ишьақәыргылоу амаҵзура ахәхшәааратә план аԥҟарақәа рыла имоуазар.
  • Аамҭакала ахәхшәааратә план ахьанырхуа атарифқәа рҿы есымзатәи абоненттә хәԥса аныхымзар
  • Абонент изҭоу аԥара уи амаҵзура аҿакразы иазымхозар.
  • Зҳәаақәа рыҩныҵҟа иҟоу апакетқәа руак аҿы иҭоу (аминуҭқәеи мамзаргьы МБ) ахьныхым опциак аҿакызар.  

 

 Азгәаҭа

Абонент  аопциа аусура аҿҳәара нҵәаанӡа  апакетқәа руакы иҭоу (аминуҭқәеи, ма МБ) нихзар,  уи аус зуа аопциа ашҟа аиҭаҿакра, мамзаргьы даҽакы ашҟа аҿакра илшоит. Усҟан аопциа ҿыц аусура аҿҳәара хацыркхоит уи активтәра аназу аамҭазы, уаанӡатәи аопциа  апакетқәа рҿы иаанхаз ацәынхақәагьы аԥыххоит. 

 

Ароуминг аҿы амаҵзура азоужьра аан аԥыжәара змоу.

Абонент Мегафон аҳаҿы даныҟоу аопциа «Иласу ароуминг» аҳәаақәа ирҭагӡаны амаҵзурақәа зегь реиҳа аԥыжәара рымоуп. 

Аопциа «Иласу ароуминг» инаваргыланы, абонент изаҿакызар «Ароуминг аҿы аинтернет пакетқәа», «Супер роуминг», усҟан аимадаратә маҵзурақәа ртарифркра мҩаԥысуеит аԥыжәаратә ԥҟарақәа инарықәыршәаны: 

  • Аопциа «Иласу ароуминг» аҳәаақәа ирҭагӡаны апакетқәа;
  • Апакет «Ароуминг аҿы аинтернет-пакет» аҟнытә атрафик;  
  • Аопциа «Супер Роуминг» аԥҟарақәа инарықәыршәаны атарифркра.

 

 

Аинтернет-пакетқәа ароуминг аҿы

1000 Мб инаркны 8000 Мб рҟынӡа Ароуминг аҿы аинтернет-пакетқәа раҿакра

 

Аопциа «Аинтернет-пакетқәа ароуминг аҿы» абонентцәа ирынаҭоит аинтернет-пакетқәа 8 рҟнытә ирҭаху алхны иаҿаркыртә   еиԥш алшара. 

USSD - аопциа «Ароуминг аҿы аинтернет-пакетқәа»  анапхгара аҭара:

*165# - аопциа «Ароуминг аҿы аинтернет-пакетқәа» рзы аилыркаа,  

*165*00# -  апакетқәа рстатус агәаҭара,

*165*хххх# -  апакет аҿакразы адҵаҟаҵара. 

 

  • Абонент аҩнытәи аҳа даназыхынҳәуа аамҭазы,  апакетқәа русура аамҭала иаанкылахоит, уи  анаҩс Мегафон аҳаҿы  иҽҭаигалаанӡа.
  • Апакетқәа русура аҿҳәара ԥкӡам.
  • Апакет анаҿакха аамҭазы аинтернет-пакет ахәԥса ишеибгоу ианыххоит.
  • Арҭ аинтернет-пакетқәа рҿакра ауеит   амаҵзура «Роуминг»  аусура аан еиԥш, аопциа «Супер Роуминг» аусура аангьы.

 

 Азгәаҭа:

Аопциа  «Ароуминг аҿы аинтернет-пакетқәа» рҳәаақәа ирҭагӡаны,  аинтернет-пакет  абонент ихазы аҿакра изалыршаӡом, уи:

 

  • Ахәхшәааратә план аԥҟарақәа инарықәыршәаны, аопциа рыҭахаӡом: ахәхшәааратә планқәа (Море, Maxi, Мега Хит). 
  • Аамҭакала ахәхшәааратә план ахьанырхуа атарифқәа рҟны есымзатәи абоненттә хәԥса аныхымзар;
  • Абонент ихаҿытә ԥхьаӡара абаланс аҿы уи аопциа аҿакра иазхаша аԥара ҭамзар. 
  • Иаҿакызар аопциақәа руакы, зҳәаақәа ирҭагӡаны, апакетқәа руак аҿы инагӡаны иахьныхым аминуҭқәеи, ма  МБ-и.  

Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ»

Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ» Шәара алшара шәнаҭоит Аҧсни Урыстәылеи, иара убасгьы  МегаФон аҳа ароуминг аҿы иҟоу амаҵзура “Амобилтә Интернет”  SMS-дырраҭарақәа рышҟа иалҵуеи иалалои ааҧхьарақәа рыхә иагырханы риура.

Аопциа шаҿаркуаишаҿырхуа:

  •  USSD-акомандақәа ишиашоу рыцхыраарала:

*160*00# -  амаҵзура «Урыстәыла Ароуминги”  аопциа «СУПЕР РОУМИНГИ» рстатус.

*160*05# -  «СУПЕР РОУМИНГ» аилкаара аопциазы.

*160*03# -  Аопциа «СУПЕР РОУМИНГИ» амаҵзура «Урыстәыла Ароуминги” аамҭакала раҿакра.

*160*02# -  Аопциа «СУПЕР РОУМИНГИ» амаҵзура «Урыстәыла Ароуминги” аамҭакала раҿыхра.

*160*04# - Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ» аҿыхра.

  • USSD-амениу: *100#

Аопциа аҿакраан аопциеи атарифқәеи рыхәҧса:

 Аопциа ахархәаразы аҧара аныхра мҩаҧысуеит есымша 30 мааҭ абоенттә хәҧсазы аныхрала, абаланс аҿы 100 мааҭ иреиҳаны аҧара аныҟоу.

Аопциа “СУПЕР РОУМИНГ” анаҿакха ашьҭахь 30 мааҭ аҧара аныххоит ианаҿаркуа амш азеиҧш,  аопциа ахархәара анаиулакь, иааиуа амзартә мшы азгьы

 

Абазатә ҭагылазаашьақәа

Аҭагылазаашьақәа аопция «СУПЕР РОУМИНГ» анаҿаку

Иалало ааҧхьарақәа

7,00 мааҭ

Иалало ааҧхьарақәа

1,50 мааҭ

Аҧсныҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

7,00 мааҭ

Аҧсныҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

2,50 мааҭ

Урыстәылаҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

7,00 мааҭ

Урыстәылаҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

2,50 мааҭ

Иалало  SMS

0,00 мааҭ

Иалало  SMS

0,00 мааҭ

Иалҵуа  SMS

3,00 мааҭ

Иалҵуа  SMS

1,50 мааҭ

Амобилтә Интернет    

3,50 мааҭ /МБ

Амобилтә Интернет    

0,50 мааҭ /МБ

 

Аопциа аиуразы аҧҟаррақәа:

1. Аопциа аҿакра алыршаразы абонент ибаланс еиҳазароуп аопциа аҿыхразы иҟоу ашәхымс аасҭа (100,01 мааҭ)

2. Аопциа аҿыхразы ашәхымс - 100,00 мааҭ.

3.Аопциа аҿакразы ашәхымс - 100,01 мааҭ.

4. Абоненттә ахәҧса ашәара анымҩаҧысуа аамҭазы абонент ихаҿытә хыҧхьаӡараҿы иҟоу аҧара 100 мааҭ иреиҵазар, абоненттә ахәҧса ныххаӡом. Аопциа аусура аанкылахоит абаланс 100 мааҭ иреиҳахаанӡа.

5. Абонент 100 мааҭ иреиҵаны изҭазар, аопциазы абоненттә ахәҧса анырхӡом. Аопциа аусура ааныркылоит абаланс 100 мааҭ иреиҳахаанӡа.

6. Аопциа аҿаикыриаҿихыр ҟалоит зхы иазырхәо абонент дарбанзаалак (атарифтә план “МОРЕ” абонентцәеи аиуристтә хаҿқәеи рыда)амала уи азы иаҭахуп, атарифтә план ала иахьазҧхьагәаҭоу, абоненттә хәҧса анныххалакь ашьҭахь.

7. Абонентцәа – аиуристтә хаҿқәа  аопциа рыҭахоит зыгәра гоу рхаҭарнак акорпоративтә клиентцәа аус рыдуларазы аменеџьер ишҟа ааҧхьара аныҟарҵалакь ашьҭахь.

8. Абонент аопциа анаҿеиклакь, автоматла иаҿакхоит амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминг”

9. Абонент амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминг” аҿихыр, автоматла иаҿыххоит аопциагьы.

10. Абонент МегаФон аҳа ароуминг аҿы дшыҟоу, аопциа аҿихыр, автоматла ахархәара аиуеит  амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминг” астандартә ҧҟаррақәа. 

АҞӘАФОН абонентцәа рзы ароуминг

Ароуминг амаҵзура алшара унаҭоит иарбанзаалак иалало асрақәеи иалҵуа асрақәеи, а-SMS-қәеи риура.

Ароуминг амаҵзура алшара унаҭоит иарбанзаалак иалало асрақәеи иалҵуа асрақәеи,  а-SMS-қәеи риура.

 

Урыстәыла Ароуминг атарифқәа:

Абазатә ҭагылазаашьақәа

Аҭагылазаашьақәа аопция «СУПЕР РОУМИНГ» анаҿаку

Иалало ааҧхьарақәа

7,00 мааҭ

Иалало ааҧхьарақәа

1,50 мааҭ

Аҧсныҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

7,00 мааҭ

Аҧсныҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

2,50 мааҭ

Урыстәылаҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

7,00 мааҭ

Урыстәылаҟа иҟаҵо аҵәҵәасрақәа

2,50 мааҭ

Иалало  SMS

0,00 мааҭ

Иалало  SMS

0,00 мааҭ

Иалҵуа  SMS

3,00 мааҭ

Иалҵуа  SMS

1,50 мааҭ

Амобилтә Интернет    

3,50 мааҭ /МБ

Амобилтә Интернет    

0,50 мааҭ /МБ

 

* Ишәдыруазар ҳҭахуп, амаҵзура “Амобилтә Интернет” ароуминг аҿы атарификациа иаразнак ишзыҟамло, уи азы аамҭа ҧыҭк аҭахуп!

 

 

Ишԥаҿактәу

Урыстәыла Ароуминг

Урыстәыла Ароуминг – ари Урыстәылатәи Афедерациа  аҵакырадгьыл аҿы «Мегафон» аоператортә еимадара амаҵзурақәа рхархәара  алшара аҭароуп.

 

Ароуминг Урыстәыла иаҿеикыр/иаҿихыр илшоит дарбанзаалак абонент (ахәхшәааратә план «МОРЕ» абонентцәеи аиуристә хаҿқәеи рыда) USSD-адҵа алхрала:

*160*01# – Урыстәыла ароуминг аҿакра

*160*02# – Урыстәыла ароуминг аҿыхра

*160*00# – амаҵзура астатус агәаҭара

160# – амаҵзуразы аилыркаа   

«Урыстәыла ароуминг» амаҵзура  аҿакра/аҿыхра улшоит иара убас ахаламаҵзура асистемаҿы.

2) Асаит аҿы Ахатәы кабинет ала https://scc.aquafon.com/

3) «AQUAFON амаҵзура» амобилтә аҧшьы ацхыраарала

4) Аконтактә центр ала, ателефон аномер +7 940 999 99 99 . Амаҵзура ахәҧса - 10 мааҭк.

 

Азгәаҭа:

  • Урыстәыла Ароуминг аҿоукыр ҟалоит USSD-адҵа ацхыраарала, абонент ибаланс амаҵзура аҿыхра аҳәаақәа ианреиҳау мацараан (100,01 мааҭ).
  • Амаҵзура знык ианаҿакха инаркны иара ахала аусура иалагоит абонент ибаланс аҿыхра аҳәаа ианеиҳахалак.
  • Абонентцәа-аиуристтә хаҿқәа амаҵзура рыдгалахоит дара рыгәрагаратә хаҿқәа акорпоративтә хархәаҩцәа аус рыцызуа аменеџьер идҵааларала. Амаҵзура аҿакразы аиуристтә хаҿы  Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы ашәҟәы дҭаҩзароуп.
  • Амаҵзура аҿакраан заа ахәхшәаара – 100,01 мааҭ
  • Амаҵзура аҿыхра аҳәаа – 100,00 мааҭ.

 

Аопция «СУПЕР РОУМИНГ»

 Аопция «СУПЕР РОУМИНГ»  иаанаго, Аҧсни Урыстәылеи рышҟа иалалоуи иалҵуеи аҭел асрақәеи, иара убасгьы SMS-и, МегаФон аҳа ароуминг аҿы амаҵзура “Амобилтә Интернет”-и   ахә иагырханы   алшара аиуроуп.

Абаланс аҿы 100 мааҭ иреиҳаны ианыҟоу, аопциа ахархәаразы аҧара аныхра алыршахоит есымша абонентә хәыҧса 30 мааҭ аныхрала.

Аопциа “СУПЕР РОУМИНГ” анаҿакха ашьҭахь  30 мааҭ аҧара ныххоит аопциа аҿакра мышкы аҧхьа еиҧш,  убасгьы аопциа ахархәара анамоу  егьи амзартә мшы азгьы.

Аопциа аҿаикыриаҿихыр илшоит дарбанзаалак зхы иазырхәо абонент(атарифтә план “АМШЫН” змоуи  аиуристтә хаҿқәеи рыда), аха убри аамҭазы абоненттә хәҧса, уи атарифттә планла иахьазҧхьагәаҭоу, абасала ианыхны иҟазар:

1) USSD-акоманда алхра ацхыраарала:

*160*00# - Амаҵзурақәа “Урыстәылатәи Ароуминги” аопциа “СУПЕР РОУМИНГИ” рстатус.

*160*05# - ”СУПЕР РОУМИНГ” аопциа ала аилыркаа.

*160*03# -  Аамҭакала аопциа «СУПЕР РОУМИНГ»-и амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминги” реицаҿакра.

*160*02# -  Аамҭакала аопциа «СУПЕР РОУМИНГ»-и амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминги” реицаҿыхра.

*160*04# - Аопциа «СУПЕР РОУМИНГ» аҿыхра.

2) USSD-амениу: *100#

3) Аконтакттә центр  ала аномер +7 940 999 99 99 аҿы. Амаҵзура ахәҧса - 10 мааҭк.

 

Азгәаҭа:

  • Аопциа аҿакразы, абонент ибаланс аопциа аҿыхратә шәхымс  хымҧада еиҳазар ауп (100,01 мааҭ).
  • Аопциа аҿыхратә шәхымс - 100,00 мааҭ.
  •  Аопциа аҿакратә шәхымс - 100,01 мааҭ.
  • Абоненттә хәҧса ҳасаб азураан, абонент  ихаҿытә ҧхьаӡараҿы 100 мааҭ иреиҵаны иҟазар,  абонентә хәҧса аныххаӡом. Аопциа аусура аанкылахоит абаланс 100 мааҭ иреиҳахаанӡа. 

. Абонент 100 мааҭ иреиҵаны изҭазар, аопциа азы абонент хәҧса аныххаӡом. Аопциа аусура аанкылахоит абаланс 100 мааҭ иреиҳахаанӡа. 

 

  • Аопциа аҿаикыриаҿихыр илшоит дарбанзаалак зхы иазырхәо абонент(атарифтә план “АМШЫН” змоуи  аиуристтә хаҿқәеи рыда), абоненттә хәҧса, уи атарифттә планла иахьазҧхьагәаҭоу, уаанӡа ианыхзар.
  • Абонентцәа – урҭ иуристтә хаҿқәазар, аопциа рыҭахоит акорпаративттә хархәаҩцәа аус рыдызуло аменеџьер ишҟа рыхьӡала  игәрагоу ауаҩы ааҧхьара аныҟаиҵалак ашьҭахь.
  • Абонент аопциа анаҿеилак, автоматла иаҿакхоит амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминг”.
  • Абонент амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминг”  анаҿихлак,  автоматла иаҿыххоит аопциагьы.
  • Абонент МегаФон аҳа Ароуминг аҿы дшыҟоу аопциа аҿихыр, уи абонент изы автоматла ахархәара рзухоит амаҵзура “Урыстәылатәи Ароуминг” аҧҟаррақәа. 
  • Аҵыхәтәантәи хымз рыҩныҵҟала иҟаҵоу ахыҧхьаӡаларақәа ирызку аинформациа;
  • Ииасуа амзазы ахәҧса ашәарақәа рзы аинформациа;
  • Абаланс аиагара;
  • Сара усзас;
  • Шәара ишәзасуан (иҟалоит аинформациатә SMS-дырраҭарақәа мацара риура)
  • Аномер аилкаара алзмыршо;
  • Супер АОН;
  • Амаҵзура “Амобилтә напаҵаҩра” аҟнытә аинформациатә SMS-дырраҭара аиура.

 

Ароуминг егьырҭ атәылақәа рҿы

Амаҵзура ароуминг аҿакра мҩаԥысуеит хәыда-ԥсада абонент ихаҭа мамзаргьы игәрагаратә хаҿы (аиуристтә хаҿқәа рзы) ихаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент (аԥсуа паспорт) иманы абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥ  аҿы даннеилак.

Амаҵзура аҿакраан заа ахәхшәаара – 750, 01 мааҭ

Амаҵзура аҿыхра аҳәаа – 750 мааҭ.

 

 Ахархәара заурц зылшо амаҵзурақәа 

Ароуминг аҿы шәаныҟоу, Шәара шәхы иашәырхәар ҟалоит анаҩстәи амаҵзурақәа:

  • Ателефониа (ажәаҳәа ашьҭра);
  • Иалҵуа SMS;
  • ·Иалало SMS;
  • Жәларбжьаратәи алшарақәа;
  • Абаланс агәаҭара (USSD-адҵала *0500#);
  • Адресеиҭакрала асра;
  • Аномер аилкаара;
  •  Асра азыԥшра/аанкылара;
  •  Асра ақәиҭымтәра.

 

 

Егьырҭ атәылақәа рҿы ароуминг:

 Аимадара АҞӘАФОН абонент даҽа еимадарак (ароуминг) аҿы иҟоу имаҵзураан аҭыԥантәи, ақалақьбжьаратәи, жәларбжьаратәи асрақәа рзы дызҭааз аимадара аоператор ихәхшәаара инақәыршәаны ахә ишәоит, иаҭаауа (ароумингтә) абонентцәа ирызку ала. Арҭ ахәқәа шәахоит аимадара аҟны ишьақәыргылоу ахәқәа инарықәыршәаны, ароуминг абонентцәа рзы ацҵа азгәаҭаны. Аимадара ишәыднагалаз амаҵзурақәа рзы ахәқәа реицҵалыҵ, ашәахтәқәеи аимадара АҞӘАФОН  ароуминг ахархәаразы ацҵеи инарықәыршәаны Шәара шәыԥхьаӡара иаразнак иахыххоит.

 

Ароуминг амаҵзура ахархәашьа

Шәара шәаппарат аҿакызар, усҟан иара ахала иаԥшаауеит аимадара Шәара шәахьыҟоу аҭыԥ аҿы аус зуа. Аппарат аиамадара иара ахала иазымԥшаазар, усҟан Шәара иалшәхыр ҟалоит напыла ахархәара змоу аимадара. 

Урыстәыла шәаныҟоу амаҵзура ароуминг иара ахала иаҿакхоит. Урыстәыла анҭыҵ ароуминг амаҵзура шәхы иашәырхәарц шәҭахызар, усҟан шәара инашәыгӡароуп:

1.  «Aquafon» амениу аҭалара.

2. Актәи апункт «Subscription» алхра.

3. Ицәырҵыз асиаҿы «Select subscription» алхра.

4. Шәара шәтелефон Урыстәыла анҭыҵ ароуминг арежим ала аус ауларц азы, асиаҿы иалышәхроуп апункт «MIR», анаҩс Шәара шәмобилтә аппарат аҿышәхроуп.

 

Ароуминг аҟны шәыԥхьаӡара аԥара аҭаҵашьа

Ароуминг аҿы шәыԥхьаӡара аԥара ҭашәҵар ҟалоит ахәхшәааратә карта  USSD-адҵа ала.

Абаланс агәаҭара ҟалоит USSD-адҵа *0500# алхрала.

Ахәхшәааратә карта  – ари шәхала шәыԥхьаӡара аԥара аҭаҵаразы иманшәалоу хархәагоуп. Ахәхшәааратә карта шәхы иашәырхәар ҟалоит АҞӘАФОН аимадара иахьаҵанакуеи иара убас ароуминг аҿи. Ахәхшәааратә картақәа иеиуеиԥшым аноминалқәа аашәхәар ҟалоит Аԥсны адилертә ҭыԥқәа рҿы. Ҳара ҳшәыԥшаар ҟалоит ҳсимволтә дыргала.   

Абонентцәа рырманшәаларазы иҭрыжьуеит ахәхшәааратә Картақәа иеиуеиԥшым аноминалқәа: 100, 150, 300 мааҭ.

 

Ахәхшәааратә картақәа рҟынтә USSD-адҵала ателефон абаланс аԥара шԥаҭаҵатәу?

Ароуминг иахьаҵанакуа шәаныҟоу Шәара шәтелефон шыҟац иаанхоит. Шәара ишәзасуеит Аԥсны шәаныҟаз ишәымаз аномер ала.

*0500*PIN-код# (шәномер ахь ахархәараан); *0500*PIN-код*абонент иномер жәларбжьаратәи аформат аҿы аҭыԥ бжьажьрада# (даҽа абонентк  иномер ахархәараан);

- адҵа алхра мҩаԥысуеит аҭыԥ бжьажьрада;

- абонентцәа рмобилтә аппаратқәа рҟынтә адҵа ашьҭра АҞӘАФОН аимадара амаҵзура иахьаҵанакуа мамзаргьы жәларбжьаратәи ароуминг аҿы ианыҟоу ахә ахшәаатәхом;

- заатәи ахәхшәааратә акартаҿы иарбоуп ахархәаразы иаазыркьаҿу амҩақәҵага;

- заатәи ахәхшәааратә акарта аҿҳәара анынҵәалак ашьҭахь ахархәара залыршахом.

 

Жәларбжьаратәи ароуминг ахь аномер алхшьа аԥҟара

Аҳәаа анҭыҵ шәаныҟоу иалҵуа асрақәа рзы шәара илшәхроуп жәларбжьаратәи аформат ала аномер:

+ (атәыла акод) (ақалақь акод) (ателефон аномер).

Иаҳҳәап, Москваҟа асра: +7 495 xxx xx xx

 

int(0)